09-07-2014

АҞӘАФОН – Аԥсны амобилтә еимадара аџьырмыкьаҿы иҟоижьҭеи 11 шықәса ҵуеит!

АҞӘАФОН – Аԥсны амобилтә еимадара аџьырмыкьаҿы иҟоижьҭеи 11 шықәса ҵуеит!

 

Ԥхынгәымза 15, 2014 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи амобилтә оператор – АҞӘАФОН иазгәанаҭоит иара аԥҵоижьҭеи 11 шықәса ахыҵра. 11 шықәса рыҩныҵҟа АҞӘАФОН – амобилтә телекоммуникациақәа рџьармыкьа алахәҩы акрызҵазкуа иманшәалоу операторны иҟалеит, уи амаҵзурақәа иахьа ихы иаирхәоит ареспублика иқәынхо ҩыџьа рҟынтәи аӡәы.

Ателекоммуникациақәа – иахьа қәҿиарала иҿио аусхкқәа ируакуп. Уи атехнологиа  есҽны иазҳауеит. Аангыларак ззымдыруа апрогресс амобилтә операторқәа ирыднагалоит урҭ ртехникатә база аиӷьтәразы, амаҵзурақәеи асервисқәеи рымҽхак арҭбааразы, амаҵзура ахаҭабзиара аиқәырхаразы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура.

Аҵыхәтәантәи ашықәс азы АҞӘАФОН аусзуҩцәа аус ду мҩаԥыргеит Аилахәыра абонентцәа иреиӷьу аалыҵқәа рыдгаларазы, иара убас ҳҳәынҭқарраҿы асоциалтә, аспорттә, акультуратә усхкқәа рырҿиараҿы.

 

Амаркетингтә политика

АҞӘАФОН ахәхшәааратә планқәеи, амаҵзурақәеи, асервисқәеи рымҽхак акырӡа аҽарҭбааит, аҽагьаԥсахит.

Иҭыжьуп амобилтә ԥшьы «AQUAFON амаҵзура» – уи ахархәарала абонентцәа рхала ирылшоит Аилахәыра амаҵзурақәеи асервисқәеи напхгара рыҭара.

АҞӘАФОН абонентцәа рыԥхьаӡарақәа рхарҭәаара алыршахеит амобилтә цҵа QIWI Wallet ала, асаит w.qiwi.ru аҿы, Аилахәыра асаит www.aquafon.com  аҿы онлаин хәшәарақәа абанктә карҭақәа Visa, Mastercard рыбзоуралеи ахәшәаратә система Webmoney,  иара убас асервис онлаин хәшәарақәа «Яндекс. Деньги» рыла. Амаҵзура «Урыстәыла ароуминг» алшарақәа ырҭбаауп, уи шьҭа ухала иаҿоукыр ҟалоит USSD адҵала, еиӷьыртәит амаҵзура «Агәрагара ахәхшәаара-VIP» – адгалара аҭагылазаашьақәа – амаҵзура ахархәаразы ахәхшәаара 50 мааҭ рҟынтәи 20 мааҭ рҟынӡа иларҟәуп, иара убас амаҵзура рхы иадырхәо иҟалеит хымз рзы 2000 мааҭ рынахыс иахыԥхьаӡало абонентцәа рзы. Ишьақәыргылоуп анапаҵаҩра ҿыцқәа ԥшьба «Астатусқәа», «Акино+Афактқәа», «Аспорт ажәабжьқәа», «Ашьапылампыласратә репортиор».

Аилахәыра АҞӘАФОНи  Аԥсны Ареспублика Амилаҭтә банки русеицура иалҵшәахеит Аԥсны азы иуникалтәу амаҵзура «SMS-сервис». Амаҵзура АҞӘАФОН абонентцәеи ахәхшәааратә карта асистема Апра змоуи ирнаҭоит алшара афинанстә операциақәа ркартала аномер кьаҿ 7007 ахь SMS-аацҳамҭа ашьҭрала.

«SMS-сервис» Аԥсны раԥхьатәи сервистә аалыҵуп, уи иулнаршоит абанктә ԥхьаӡараҿы ахархәагақәа харантәи напхгара рыҭара. «АҞӘА-Бонус» апрограмма аҳәаақәа рыҩныҵҟа  ухы иаурхәо иҟалеит абонустә пакет ҿыцқәа: «Аинтернет трафик 50 Мб», «Урыстәылаҟа иалҵуа асрақәа 50 минуҭ», «Аимадара аҩныҵҟа 100 минуҭк», «100 SMS-аацҳамҭа».

Ахәхшәааратә планқәа ҿыцқәа «Онлаин Maxi», «Сара салхымҭа» идырҿыцит АҞӘАФОН ахәхшәааратә планқәа. «Онлаин Maxi», ахы иақәиҭны аицәажәара алзхуа рзы ахәхшәааратә план. Ахәхшәааратә план аҿы ирыдгалахоит аимадара АҞӘАФОН аномерқәа рахь асрақәа рхыԥхьаӡара ԥымкрыда, егьи амобилтә оператор ахь 600 минуҭ, Урыстәылеи, СНГ атәылақәеи )ырқәтәылеи  – 300 минуҭ, 600 SMS-аацҳамҭа, иара убас Аинтернет-трафик 600 Мб, урҭ рыхә есымзатәи абоненттә хәыхшәаара иалоуп.

«Сара салхымҭа» – Интернет-тарифуп, уи иулнаршоит Аинтернет-трафик 1000Мб, 3000 Мб, 6000 Мб, 9000 Мб, 12000 Мб, 15000 Мб змоу Аинтернет-пакетқәа фба рҟынтәи акы аҿакра, иахәҭоу абоненттә хәыхшәаара ацны. Ари ахәхшәааратә план ҷыдарас иамоу уи ауп, ухазы иалухыз Аинтернет-трафик зцу апакет знык ианаҿоуклак, уи есымза  ҿыц аус арура аҭаххаӡом.

Ҳәарада, Аилахәыра АҞӘАФОН азы ари ашықәс азы еихьӡара хаданы иҟалоит амобилтә еимадара аҿиара аетап ҿыц – атехнологиа 4G(LTE) ахь аиасра. Иаарласны АҞӘАФОН хықәкыс ишьҭнахуеит аимадара 4G(LTE) акоммерциатә хархәарахь алагалара. Хархәаратә ԥыжәара хадас ари аимадара, уанӡатәи абиԥарақәа рмобилтә еимадарақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, иалшоит иҳараку аласрала адыррақәа рышьҭра. Ҳара ҳабонентцәа ирылшоит ишахәҭоу еиԥш амаҵзура «Амобилтә Интернет» ахаҭабзиара ҿыц ахә ашьара 64 Мбит/с рҟынӡа аласраҿы.

Аԥсны раԥхьатәи амобилтә оператор ишьақәнаргылахьеит ареспубликаҿы LTE абазатә станциақәа 24, уи иалнаршоит зхаҭабзиара ҳараку ала ахҩара, иара убас аимадара 4G ахь анеира Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы.

Аԥшьбатәи абиԥара аимадара АҞӘАФОН аусура аларгамҭазы иазнархиеит аинтерес зҵоу акоммерциатә дгаларақәа, ҳәарада, урҭ дыргәырӷьоит Аинтернет-активла ахархәаҩцәа.

Ахәхшәааратә план «Лимитдатәи Аинтернет» ахархәаҩцәа рзы адгалара еиӷьыртәит. АҞӘАФОН иацнаҵеит Аинтернет-трафик амҽхак, атарифқәа рҿы ирыдгалоуп аласрақәа ԥымкрыда – ахәхшәааратә план «Лимитдатәи Аинтернет 1250» ахь 400 Мб/уахыки-ҽнаки, ахәхшәааратә план «Лимитдатәи Аинтернет 1750» ахь 650 Мб/уахыки-ҽнаки.

Иара убас, ҷыдала лимитдатәи Аинтернет-тарифқәа рхархәаҩцәа рзы ари амзазы аусура иалагеит АҞӘАФОН аҟынтәи зегьы реиҳа иҿыцу – аопциа «Арласга», уи АҞӘАФОН абонентцәа ирнаҭоит алшара ахәхшәааратә  планқәа «Лимитдатәи Аинтернет 1250», «Лимитдатәи Аинтернет 1750» рҿы иҳаракӡоу ласрала адыррақәа рышьҭра ацҵара арҭ атарифқәа рҿы ирырҭо уахыки-ҽнактәи аквота (400/650Мб) нырхыргьы.

Адунеи ашьапылампыл асразы XX-тәи Ачемпионат иазкны АҞӘАФОН ахатә абонентцәа рзы иазнархиеит угәы иахәашаз аҳамҭақәа маҷымкәа, урҭ абонентцәа рыҩныҵҟа иҟоуп ашьапылампыл абзиабаҩцәа аӡәырҩы. Аилахәыра адгылеит акциа «2014 шықәса ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат Аԥсны», уи мҩаԥысит Мундиаль астарт алагамҭазы. Акциа аҽалархәра рылшон АҞӘАФОН амаҵзура «Азҵаарақәа рпарад» абонентцәа-ахархәаҩцәа. Ачемпионат амш аҽны, рашәарамза 12 рзы, деилкаахеит акциаҿы иаиааиз, уи ианашьан аԥхьахә хада – 150 000 мааҭ иаԥсаз асертификат Бразилиаҟа ашьапылампыл асразы адунеи Ачемпионат ахь ацаразы, мамзаргьы уи иалихуа даҽа турк ахь ацаразы. 

Иара убас АҞӘАФОН спонсор хаданы иҟалеит ашьапылампыл асразы адунеи Ачемпионат иазкыз ателехәаԥшратә проект ҷыдазы, уи цәырҵуеит есыҽны Аԥсуа Ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аканалала уахынлатәи аефир аҿы Ачемпионат цонаҵы. Ишиашоу ицо аефир астудиа иасасцәахеит иҟалараны иҟоу ахәмаррақәа ирылацәажәо ашьапылампыл асра адырҩцәа. Ателедырраҭара рҽаладырхәыр ҟалоит уи ахәаԥшыҩцәагьы. Дарбанзаалак АҞӘАФОН абонент илшоит ишьҭыр ахәмарра шынҵәо иазкны игәаанагара аномер ҷыда 3004 ахь. Ахәмарра шынҵәо ииашаны изҳәо, уи иазкны аԥхьа SMS-аацҳамҭа аазышьҭуа Аилахәыра иананашьоит аԥхьахәқәа, аԥхьахәқәа иреиуоуп – адизаинертә маика ҷыдақәа, ари апроект азы ҷыдала иҿаҵаз. Ари аицлабра аԥхьахә хада – апланшеттә компиутер APPLЕ ipad Air изыԥшуп ачемпионат акомандақәа-афиналистцәа рыхьӡи афиналтә хәмарра алҵшәеи арбаны SMS-аацҳамҭа аномер 3004 ахь иаазышьҭуа.

XX-тәи аиубилеитә  чемпионат аламҭалазы анапаҵаҩра «Ашьапылампыл асра ажәабжьқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН аусура иаланаргеит асервис «Ашьапылампыл асратә репортиор».

Асервис «ашьапылампыл асратә репортиор» иабзоураны АҞӘАФОН абонентцәа ирымоуп алшара ахәмаррақәа зегьы рдунеитә ԥхьагылареи урҭ рымҩаԥгар аграфики Мундиаль амҩаԥгараан рдырра.

Ареспубликаҿы абонетцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥқәа етап-етапла раартра аполитика иацҵо, сынтәа Аилахәыра АҞӘАФОН иаанартит х-Ҭыԥ ҿыцк. Ажәбатәи, ажәабатәи Амаҵзуратә Ҭыԥқәа аартын Тҟәарчали Очамчыреи ақалақьқәа рҿы, уи иабзоураны арҭ ақалақьқәеи урҭ рааигәара ишьҭоу ақыҭақәеи руааԥсыра ироур рылшоит аспециалистцәа рквалификациатә бжьгарақәа. Ажәеизатәи абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ ыҟоуп автостанциа атерриториаҿы аҳәаа иаԥну азона КПП «*соу» аҿы. Аҵыхәтәантәи Амаҵзуратә Ҭыԥ аҭыԥ алхраан АҞӘАФОН ықәныҟәеит Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи иаауа Аԥсны асасцәа излауала рырманшәалара апринцип. Уи анаҩсгьы абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҿы иара убас уи иаҵанакуа атерриториаҿы иеиҿкаауп аӡәы ицхыраарада Аинтернет ахь анеира Wi-Fi атехналогиа ала, уи Аԥсныҟа иааз атуристцәа ирылнаршеит урҭ ԥсшьара ишааз ирзааигәоу ауаа  ирласны ирзырыцҳарц.

Акыр ҵуеит иеилкаауижьҭеи АҞӘАФОН еснагь аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи ирзынархоу апроектқәа ишрыцхраауа, ишрыдыргало. Сынтәа Аилахәыра аҿаԥхьа иқәнаргылеит акыр иуадаҩыз аҳасабтә – акорпоративтә саит www.аquafon.cоm  аԥсуа версиа аԥҵара. Ари аҳасабтә иацу ауадаҩра ахҟьоит иахьатәи аамҭазы аԥсуа бызшәаҿы ателекоммуникациатә терминологиа ахьыҟам, убри аҟнытә аурыс бызшәа ателекоммуникациатә терминқәа аԥсуа бызшәа алексикатә система ианрааланы (иашьаршәаланы) иҟаҵатәын.

Абри аус анагӡаразы иеиҿкаан аиҭагаҩцәеи, аредакторцәеи, акорректори злахәыз аусуратә гәыԥ, уи иалан Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәадырыҩцәа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа.

Акорпоративтә саит аԥсшәахь аиҭагара апроект нагӡан ҷыдала Аилахәыра Амшира аламҭалаз. Иахьа аус адулоуп акорпоративтә саит www.аquafon.cоm  атексттә материал хада, иаарласӡаны аҭааҩцәа рхы иадырхәар рылшот Аилахәыра АҞӘАФОН асаит аԥсышәала.

Сынтәа АҞӘАФОН аспонсортә цхыраарала напы аркын аԥсуа бызшәа арҿиара иазынархоу даҽа проект аус адулара. Уи апроект хықәкыс иамоуп аоперациатә (аусуратә) система ios ашьаҭала амобилтәи апланшеттәи еибыҭамҭақәа рзы аԥсуа електронтә еицәажәага аиқәыршәара. Апроект автор Баҭал Ҳашыг еиқәиршәеит аԥсышәалеи урысшәалеи  50 ҟәшеи 1500 ҳәоуи рыла ишьақәгылоу ацҵа «Аԥсуа еицәажәага». Ацҵа иунаҭоит алшара аурыс бызшәаҟынтәи аԥсшәахь ажәақәеи аҳәоуқәеи реиҭага аԥшаара адагьы, урҭ рҳәашьагьы азыӡырҩра.

 

Асоциалтә политика

АҞӘАФОН асоциалтә программақәа Аилахәыразы иахадароу корпоративтә стратегиоуп, урҭ актуалра зуа ауаажәларратә социал-економикатә проблемақәа рыӡбара иацхраауеит.

Аилахәыра АҞӘАФОН аусуара апринцип хадақәа иреиуоуп: ауажәларра аинтересқәа хшыҩзышьҭрала рызнеира, ареспублика асоциал-политикатә рҿиара ацхраара, ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.

АҞӘАФОН афинанстә цхыраарала инагӡаз аҵыхәтәантәи асоциалтә усмҩаԥгатәқәа ируакхеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара иаҿагыланы ақәԥара Амш иазкыз аусмҩаԥгатә, уи аԥшьгаҩцәаны иқәгылеит аԥсҭазаара гәабзиарала ахгара аиҿкааразы Агәыҳалалратә Фонд «Згәы бзиоу аҿар рцентр», Зҭакԥхықәра ԥку аилазаара PRO-Sport, Аԥсны Апрофессионалтә Бокс Афедерациа, Аԥсны Амотоспорт Афедерациа. Лаҵарамза 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә аҩнуҵҟа иҟан амаланыҟәа мотоныҟәара, аконцерттә программа, Аԥсны анарколог хада И.К. Ануеи аԥсуа аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәеи рықәгылара, иара убас иҟаҵан ареспубликатә наркологиатә диспансер аҿы згәабзиара еиҭашьақәзыргылаз рахь ааԥхьара.

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгараан ахархәара рыман ателехәаԥшратә екранқәа, урҭ рҿынтәи иддырбон арҩашьыгақәа агәабзиара ишаԥырхагоу, урҭ рхархәара аҵыхәтәа шыбааԥсхо атәы зҳәоз  асоциалтә роликқәа.

Лаҵарамза 28 рзы Очамчыра ақалақь аҿы Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхыраара ҷыдала иаартын ауаажәларратә еиҿкара «Аҿар рцентр «Гиуенос».  

Уи адагьы Аилахәыра АҞӘАФОН иазоунажьит афинанстә хархәагақәа ари ацентр иатәу проектқәак рынагӡаразы. Лаҵарамза 2014 инаркны аҿар рцентр «Гиуенос» аҿы иаартын хәыдаԥсадатәи акурсқәа аԥсуеи англызи бызшәақәа рҵаразы. Аԥсны жәлар Аџьынтәылатә еибашьра аҿы иргаз Аиааира 21 шықәса ахыҵра аламҭалазы имҩаԥсуеит иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара иазку ашьапылампыл азы аиҩызаратә хәмарра. Ари ашықәс нҵәаанӡа имҩаԥысуеит ахшыҩтә хәмарра «Бреин-ринг» аҭыԥантәи атурқәа маҷымкәа.

2012 шықәса алагамҭазы АҞӘАФОН адгылеит акциа КБФ «Ашана» – «Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап». Ари аамҭа иалагӡаны афонд ацхыраара знаҭо азы Аилахәыра АҞӘАФОН еиҿнакааит аусмҩаԥгатәқәа маҷымкәа. Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аилахәыра АҞӘАФОН аҽаланархәит КБФ «Ашана» даҽа акциак – «Уҵаа Бабадуны уҟала!». Ари акциа азкын изҭахыз дарбанзаалак ишилшоз афонд «Ашана» апрограммала ирхәышәтәуаз ахәыҷы изы Ашықәс ҿыц азы аҳамҭа аахәара, даҽаӡәы хаҭала игәцаракра. Аилахәыра иаанахәеит ахәыҷқәа рзы ахамыхәацәа рколиаскақәа, аинголиаторқәа, ахәыҷтәы планшетқәа, ахшыҩ зырҿио хәмаргақәа, иара убас ахаа-мыхаақәа урҭ рашьцәеи раҳәшьцәеи рзы, урҭ зегьы ирықәырӡын 250 000 мааҭ. Аныҳәа ааира мышқәак шагыз аҳамҭақәа ахәыҷқәа рыҩнқәа рҿы инаганы ирырҭеит АҞӘАФОНи афонд «Ашанеи» русзуҩцәа. Ари ашықәсан мшаԥымзазы КБФ «Ашана» III есышықәсазтәи аҳасабырбатә еизараҿы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аҽа зныкгьы иалыркааит акциа «Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап» иаҳа активла зҽалазырхәыз абонентцәа-алахәылацәа. АҞӘАФОН «Зегьы раасҭа иҳалалу  абонент» хәҩык иранашьан агәаларшәагатә стелақәа «Арыцҳашьара алаӷырӡ», аџьшьаратә ҳамҭақәа, акорпоративтә аалыҵ амаҭәарқәа. 

Ҩышықәса рыҩныҵҟа АҞӘАФОН абонентцәа  ирышьҭит 81 000 SМS-аацҳамҭа ажәа «Добро» анҵаны, уи иабзоураны иеизган 1 733 000 мааҭ. Арҭ  ахыԥхьаӡарақәа идырҵабыргит, ҳара ҳабонентцәа ишыцхырааҩцәаҵәҟьоу.

Агәыҳалалратә акциа «Иеицеиқәҳархап аԥсҭазаара» макьана зҽалазмырхәыц абонентцәа Аилахәыра АҞӘАФОН ирызнархиеит аус ду ахь, аус бзиахь – агәыҳалалрахь ирыԥхьо асоциалтә ролик.

Аролик аԥхьатәи арбара мҩаԥысит КБФ «Ашана» III есышықәсатәи аҳасабырбатә еизараҿы.

АҞӘАФОН акырынтә аматериалтә цхыраара рнаҭахьеит Аԥсны иеиуеиԥшым аҵараиурҭақәа. Ҳәарада, Аилахәыра хшыҩзышьҭра амҭакәа изавымсит арыцхә хада – Аҟәатәи 10-тәи абжьаратәи ашьхарыуаа рышкол 150 шықәса ахыҵра. Ашкол Амшира аҽны, лаҵарамза 13 рзы Аилахәыра АҞӘАФОН аусзуҩцәа ирыдырныҳәалеит Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ арҵаҩратә еилазаареи аҵаҩцәеи риубилеи, ирзеиӷьыршьеит шәышықәсатәи атрадициақәа рыцҵара, аизҳазыӷьара. Аилахәыра ҳамҭас ашкол ианаҭеит акустикатә аппаратура, арадиомикрофонқәа ԥшьба, амикрофонқәа зықәдыргыло, амикшертә пульт, иара убас аноутбук, адәныҟатәи аизакыга, урҭ цхыраагӡа дуны иҟалеит ашколтә ныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан.

Сынтәа имҩаԥган есышықәсатәи Аилахәыра асоциалтә акциақәа. Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа хәажәкырамза 8 рыдырныҳәалеит быжьҩык ма инареиҳаны измоу анацәа афырԥҳәысцәа. Хәажәкырамза 6 рзы Аилахәыра ахаҭарнакцәа агәцаракра аадрыԥшит 20-ҩык анацәа рахь. АҞӘАФОН усзуҩцәа Аԥсны аџьеи асоциалтә рҿиареи рминистр О.В. Колтукова дшыҟаз ҭабуп ҳәа рарҳәеит афырԥҳәысцәа есыҽнытәи рџьеи рфырхаҵареи рзы. Аиԥылара ахыркәшамҭаз аҳәса зегьы ирырҭеит ашәҭ шьыҵәрақәеи 14 000 мааҭ иаԥсаз асертификатқәеи, уи аицҵалыҵ ала аӡәы иаалхәар лылшоит абзазаратә техника амаҭәарқәа.

Уи анаҩсангьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҳаҭыр азы Аԥсны инхо аҳәса зегьы рзы Аилахәыра АҞӘАФОН ацхыраарала Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аконцерт «Сгәацаԥха, сыхаара». Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы %ьансыхә Чамагәуеи )емыр )аниеи аԥсышәала инарыгӡеит аестрадатә ашәақәа. №ыдала ари аконцерт азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Пиотр Петров аԥсуа композициақәа зегьы ирылхны иҩит аоркестртә партитура, урҭ акомпозициақәа нанагӡеит Аԥсны Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара ззиуа Аԥсны Ареспублика аҳәынҭқарратә камертә оркестр.

Рашәарамза 1 азы, ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш аҽны Афон +ыц ақалақь аҿы АҞӘАФОН еиҿнакааит аныҳәа ду, уи сасцәас иаҭан Афон +ыц инхо ахәыҷқәа рыдагьы Аҟәеи Гәдоуҭеи уҳәа Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи рҿы инхо ахәыҷқәагьы.

Аныҳәа асасцәа хәыҷқәа рзы иеиҿкаан ахәыҷқәа зырлахҿыхуаз аусмҩаԥгатәқәа рацәаны: ахәыҷқәа бзиа ирбо амультфильмқәа рфырхацәа злахәыз аконкурсқәа, аицлабрақәа, акостиумқәа зшәыз акьанџьақәа, акәымжәымаҭәа зшәыз, алабақәа зҵаргыланы иныҟәоз рықәгылара, ажонглиор моноциклла иқәгылара, асапыншәахқәа ршоу, аконкурсқәа, аҳамҭақәа.

Ари аҽны Аилахәыра АҞӘАФОН Аԥснытәи ахәыҷқәа аныҳәа лахҿых рзыҟанаҵеит. Есышықәса рашәарамза 1 иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә рҽазыҟаҵо АҞӘАФОН аусуҩцәа рылшарақәа зегьы азыркуеит аныҳәа асасцәа зегьы ари амш ргәалашәараҿы иаанхарц азы, агәалаҟара бзиа роурц азы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветернацәа Аиааира амш рыдныҳәалара Аилахәыра АҞӘАФОН напы анаркуеит есышықәсатәы  асоциалтә акциала. Лаҵарамза 9 аламҭалаз 76-ҩык аибашьра алахәцәа ртәанчахәы ирзацҵан 2 500 мааҭ. Иара убас иахьа зматериалтә ҭагылазаашьа даара иуадаҩу Ленинградтәи аблокада  зхызгаз Аԥснытәи ԥшьҩык аҳәса ирыҭан аматериалтә цхыраара (20 000 мааҭ). АҞӘАФОН аусуҩцәа хаҭала ирҭааит аблокада зхызгаз арҭ аҳәса, ирыдырныҳәалеит урҭ иааираны иҟаз аныҳәа, ирырҭеит ашәҭқәеи аматериалтә цхыраара зҭаз аконвертқәеи.

Аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса рыҩныҵҟа итрадицианы иҟалеит Аилахәыра АҞӘАФОН иҟанаҵо амузыкатә адныҳәалара. Лаҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аветеранцәа зегьы рзы иара убас аҳҭнықалақь ауааԥсыра рзы Михаил Алхазов напхгара зиҭо аинструменттә ансамбль инанагӡеит аибашьра иазкыз ашәақәа.

Аилахәыра АҞӘАФОН асоциалтә инвестициақәа зҽызмыԥсахуа рхырхарҭақәа ируакны иаанхоит астипендиатә программа. 2013–2014-тәи аҵарашықәс азы АҞӘАФОН аусзуҩцәа ауниверситет аректор А. А. Гәарамиа икабинет аҿы ААУ астудентцәа 16-ҩык ирырҭеит хаҭалатәи  асертификатқәа астипендиа аиуразы.

Асоциалтә акциақәа рыҩныҵҟа цәыббрамза 30 аламҭалазы Аилахәыра АҞӘАФОН аматериалтә цхыраара рнаҭеит иаҳа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩыз Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 94-ҩык аветеранцәа, урҭ ирыҭан хәба-хәба нызқь.

Аиааира амш аламҭалаз Аилахәыра АҞӘАФОН ареспублика абжьаратә школқәа ирызнархиеит аҳамҭақәа. Аныҳәа асимволика зныз аплакатқәа шәкыла ирыҭан Аԥснытәи ашколқәа, ареспубликаҿы инхо дарбанзаалак аплакат иоур илшон АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы. Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз аиааира XX шықәса ахыҵра аламҭалаз иҟаҵаз апроектқәа ируакуп апроект «Зымҽхак дуу абираҟқәа Аԥсны ақалақьқәа рҿы», ари апроект аҩныҵҟа аҵыхәтәантәи ашықәс азы абираҟқәа кнаҳан Гәылрыԥшь аиланхарҭаҿы, Пицунда ақалақь аҿы, Кәтол ақыҭан, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби равтор – асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа иҳаҭгәын иахаргылан. Аԥсны, иара убас Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруеит Мадина Аргәыни, Ельвира Арсалиеи, Алексеи Шервашидӡе-Чачбеи рыпроект – «Акәымжәыуаа» иара убас ҩ-хәҭак змоу Емма Хәаџьааи )емыр :әычбериеи рмузыкатә фильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы». Аилахәыра АҞӘАФОН аԥарашәарала иҭыжьын асахьаркырат адокументалтә фильм «Акәымжәыуаа» иара убас амузыкатә фильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  зну аDVD-дискқәа. Сынтәа Аилахәыра АҞӘАФОНи Зҭакԥхықәра ԥху аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи»   спонсорцәас иаман афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» ахԥатәи ахәҭагьы, уи аус адулара цоит иахьагьы. Афильм «Аибашьра ановеллақәа» инарҭбаау аӡыргара рзыԥшуп ахәаԥшцәа цәыббрамза 30, 2014 шықәсазы.

 

Аспорт

Аилахәыра АҞӘАФОН асоциалтә усураҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит Аԥсны аспорт арҿиара. Гәабзиарала аԥсҭазаара ахгара ахшыҩзышьҭра аҭо АҞӘАФОН есышықәса ацхыраа рнаҭоит еиуеиԥшым аспорттә хкқәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа.

Сынтәа лаҵарамзазы Аилахәыра АҞӘАФОН ацхыраара анаҭеит ахәыҷтәы-қәыԥштә аицлабра ду – Ахрик Цәеиба ихьӡ зху ашьапылампыласразы Жәларбжьаратәи  атурнир. Атурнир иалахәын Урыстәылеи, )ырқәтәылеи, Аладатәи Уаԥстәылеи рықалақьқәа рҟынтәи акомандақәа.

Фымштәи аицлабраҿы аиааира агеит Стамбул ақалақь аҟынтәи ашьапылампыл клуб «Бешикташ» акоманда. Аилахәыра АҞӘАФОН Иеизгоу Аԥсны иреиӷьу ахәмарҩы изы иаԥнаҵеит аԥхьахә – Аинтернет-планшет Apple iPad, уи ианашьан иеизгоу Аԥсны ахьчаҩ Смел Ҳагба.

Есҽны АГТРК аефир аҿы ирышьҭуан анапаҵаҩрақәа «Атурнир амшынҵақәа», урҭ рҿы иҟан аҽазыҟаҵарақәа рҟынтәи адырраҭарақәа, ахәмарыҩцәа рыҿцәажәара, ачемпионат  ацашьа иазкыз арбарақәа.

Мшаԥымзазы ашьапылампыл асразы Иаартыз Ачемпионат V иалԥшааз атурнир Аԥсны Ареспублика ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара акубок «Уара уԥеиԥш  унапы иануп».

Лондонтәи «Арсенал» сасны иаҭаз аиҳабыратә қәратә гәыԥ акоманда «Риҵа-Калдахәара» еиҭа иеиӷьны ахы аанарԥшит. Аиҵбыратәи акомандеи ари акомандеи ироуит ааԥхьара ашьапылампыл афестиваль «Peterburg cup» аиҿкааҩцәа рҟнытә, рашәарамзазы аилахәырақәа АҞӘАФОНи Мегафони рыцхыраара иабзоураны аспортсменцәа цеит Санкт-Петербургҟа II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампыл афестиваль ахь.

Аҵыхәтәантәи ашықәс азы Аилахәыра АҞӘАФОН абзоурала имҩаԥысыз аспорттә еицлабрақәа рсиа иацырҵоит Асамбо иазкны «Аиааира акубок» азы X Жәларбжьаратәи атурнир арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара, ашьапылампыл асразы «АҞӘАФОН акубок» II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир, V Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН-OPEN». Иара убас сынтәа АҞӘАФОН афинанстә цхыраара иабзоураны ҩыџьа аԥсуа боксиорцәа цеит Крымск ақалақь ахь 2000-2001 шықәсқәа рзы ииз  аҷкәынцәа рыбжьара абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә Аԥхьагыларахь.

 

Акультура

Аилахәыра АҞӘАФОН есышықәса аҽаланархәуеит акультуреи аҟазареи русхк аҿы еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара.

2014 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны инагӡан арҿиаратә проектқәа маҷымкәа. Лаҵарамза 2014 шықәсазы аусура иалагеит Светлана Корсаиа лтелепроект «Атеатри аамҭеи», уи хықәкыс иамоуп аԥсуа хәаԥшҩи амилаҭтә театри рытрадициатә еимадара аиҭашьақәыргылара. Апроект иахьатәи ахәаԥшцәа иднардыруеит С. №анба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр иеиӷьыз ақәыргыламҭақәа рҭоурых, атеатр аҟаза нагақәа рбиографиа, иара убас уи абзоурала ателехәаԥшҩы иахьатәи, ирҿыцу атеатр арҿиартә процесс далахәхоит.

2014 шықәса аҩбатәи азыбжа зегьы азы АГТРК аефир ахь  ицәырҵуеит апроект «Атеатри аамҭеи» аҩныҵҟа атематикатә ҭыжьымҭақәа ааба: «Аԥхьатәи аҵсуа профессионалтә студиа 80-шықәса ахыҵра», «Оттепель», «Аиҭакрақәа раамҭа. Атеатр 80-тәи ашықәсқәа аҩбатәи азыбжа инаркны», «Агастрольтә ԥсҭазаара», «Аԥсуа театр арҿиаратә еилазаара», «Атеатр Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьраан», «Атеатр. Амузыкеи асахьаҭыхҩи», «Атеатр иахьа». Ари апроект аҳасабтә хада – аԥсуа театртә ҟазареи аԥсуа ҳәыҭқарратә бызшәеи рыларҵәара, аԥсуа уаажәларреи иахьатәи амилаҭтә театри реимадара  арыӷәӷәараҿы ацхыраара аҟаҵара, иреиӷьу атеатртә традициақәа реиҭашьақәыргылара.

Иеицырдыруа ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩы Фазиль Абдул-иԥа Искандер 85-шықәса   ихыҵра иазкны афотограф, ажурналист Ибрагим №кадуа иҭихит адокументалтә фильм – «Сюжет существования». Афильм  аҭыхра алыршахеит  Аилахәыра АҞӘАФОНи аилахәыра «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» рфинанстә цхыраарала, иара убас Аԥсны Ареспублика Акультура Аминистрра ацхыраарала.

Афильм «Сюжет существования» - изкуп ашәҟәыҩҩы ду, афилософ ибаҩхатәреи ихаҭареи рышьақәгылара, уи иԥсҭазаареи иҿиаратә мҩеи аетап хадақәа. Афильм иалалеит архивтә видео-фотоматериалқәа, Ф.А. Искандер иҩымҭақәа ирылху акинофильмқәа рҟынтәи акадрқәа, архивтәии иахьатәии аклассик иҿцәажәрақәа.

Сынтәа иҟан Аԥсны еицырдыруа даҽа ҵарауаҩк ииубилеи. Лаҵарамза 6, 2014 шықәсазы иҵит 100 шықәса аҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ, арҵаҩы, ауаажәларатә усзуҩы Ӡиӡариа Гьаргь Алексеи-иԥа диижьҭеи. Аҵарауаҩ ду ииубилеи аҳаҭыр азы Аилахәыра АҞӘАФОН иеиҿнакааит Гьаргь Алексеи-иԥа Ӡиӡариа исахьа зныз абаннерқәа рҭыжьреи рыкнаҳареи Аҟәеи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы.

Абар иҵуеит шықәсыбжак АҞӘАФОН ацхыраарала аԥсуа радио аефир ахь ицәырҵуеижьҭеи арадиопроект «Сара сашәа», уи азыӡырҩцәа ирыднагалоит аԥсышәала амузыкатә композициақәа, иргәаԥхаз акомпозициақәа рыдгыларазы SMS-аацҳамҭақәа иаҳа ирацәаны иаазышьҭыз арадиоконкурс алахәцәа иранашьан хәы змоу аԥхьахәқәа Актәи амобилтә оператор аҟнытә.

Еснагь еиԥш АҞӘАФОН Аиааира амш аҽны ахатә абонентцәа ирананашьоит аҳамҭақәа. Ԥхынгәымза 1 инаркны 11-нӡа Амаҵзура Аҭыԥқәа зегьы рҿы Аилахәыра иеиҿнакааит акциа «Насыԥ змоу абонент» 11 планшет iPad Air архәмарразы. Акциа аҽалархәразы уҭел аҿаукуеит, мамзаргьы ухаҿытә ԥхьаӡарала иахуԥхьаӡалоит 100 мааҭк инеиҳаны, нас аԥара шушәаз зырҵабыргуа ачек ахәмарра иазку апластикатә кәалаԥ иҭауршәоит. Аҵыхәтәаны Амаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуа ахәмарра зҽалазырхәуа насыԥ змоу 11-ҩык абонентцәа ироуит iPad Air  Аԥсны Раԥхьатәи амобилтә оператор аҟнытә.

Аилахәыра шықәсыктәи аусура еихшьало иуҳәар ҟалоит АҞӘАФОН ҭыԥк аҿы игылам, уи ахы иақәгәыӷуа ԥхьаҟа ицоит, иҿиоит, аҽеиӷьнатәуеит ҳәа. Аилахәыра аусқәа зегьы ҳасабтәк иазынархоуп асоциалтә ҭакԥхықәра ду еиқәырхо ҳабонентцәа реицәажәара иманшәаланы, ҳаамҭа иақәшәо аҟаҵара.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша