22-02-2014

SMS спам-аацҳарақәа аҳәаанырцәтәи аимадара аоператорцәа рномерқәа рҿынтә

SMS спам-аацҳарақәа аҳәаанырцәтәи аимадара аоператорцәа рномерқәа рҿынтә

 

Ҳаҭыр зқәу абонентцәа! 22.02.2014 шықәсазы аҳәаанырцәтәи аимадара аоператорцәа рномерқәа рҿынтә иҟаҵан аҳәаанырцәтәи  SMS спам-аацҳарақәа.

 Аацҳара атекст абас иҟоуп: «Иаарласны абри аномер ХХХХХХХ ахь шәас».

Ҳаҭыр зқәу абонентцәа, ҳшәыҳәоит уи аҭелбжьы аҭак ҟашәымҵарц азы!!

 

Иахьа урҭ апроблемақәа раԥыхразы, иара убасгьы аспам ахыҵхырҭа ахьыҟоу аԥшааразы аус хкқәа мҩаԥысуеит.

Аҭел аҭак ҟазҵаз «АҞӘАФОН-GSM» абонентцәа инырхыз рԥарақәа рзырхынҳәхоит иааиуа амчыбжь азы, апроблема шаԥырхлак еиԥшҵәҟьа. 

 

Иҭабуп иҟашәҵо азҿлымҳаразы!