09-05-2014

АҞӘАФОН Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду Аветеранцәа Аиааира Амш Рыднаҳәалеит

news_name

АҞӘАФОН  Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду Аветеранцәа Аиааира Амш Рыднаҳәалеит

Лаҵарамза 9 – Аиааира амш, абар шьҭа 69 шықәса ҵуеит зегьы раасҭа акыр зҵазкуа, ҳаҭыр зқәу ныҳәак аҳасабла Асовет Еидгыла адгьыл ҵакыраҿы еиԥш  Европа атәылақәа жәпакы рҟны иаԥылоижьҭеи.

Ари амш аҽны имҩаԥгаз аныҳәала ихыркәшан амилаҭ рацәа рфырхаҵара адунеи иахьызыгӡаз Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду. Афашистцәа рҿагылараҿы аиааира џьашьахәы аазырԥшыз аибашьцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  55 000 инареиҳаны Аԥсны аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи.

Есышықәса Аилахәыра  АҞӘАФОН Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ҳтәылауаа, аиааира ҳзаазгаз абиԥара иатәу рзы иҟарҵоит адныҳәаларақәа.

Сынтәагьы Аилахәыра  АҞӘАФОН традициала иаԥҵаны ишамоу еиԥш адныҳәаларақәа  асоциалтә акциақәа рыҟаҵарала иалагеит. Лаҵарамза  9  рзы 76-ҩык аибашьра алахәыҩцәа аӡәы цыԥхьаӡа ртәанчахәы ахыхь 2500 мааҭ рзахыԥхьаӡалан. Иара убас акыр ихәарҭахаша  аматериалтә цхыраара рзыҟаҵан Ленинградтәи  аблокада иацыз аџьамыӷәа зегьы зхызгаз ҳџьынџьуаа – Бахиа Нина Алықьса-иԥҳа, Матиуха Валентина Григори-иԥҳа, Огурцова Тамара Парфири-иԥҳа, Филимонова Зинаида Григори-иԥҳа. АҞӘАФОН аусзуҩцәа арҭ зегьы рыҩнқәа рҿы инеины хаҭала аныҳәа рыдырныҳәалеит, рнапаҿы ирырҭеит ашәҭ шьыҵәрақәеи   аматериалтә цхыраара зҭаз аконвертқәеи.

 Аилахәыра АҞӘАФОН азы итрадициахеит ԥшьышықәса раахыс амузыкатә адныҳәаларақәа рыҟаҵара.

Аҟәа ақалақь, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аҟны, Лаҵарамза 9 аҽны аҳҭнықалақь ауааԥсыреи аветеранцәеи рзы Михаил Алхазов напхгара зиҭо аинструменталтә ансамбль акыр аамҭа инанагӡон аибашьра аамҭа иалиааз амелодиақәа.

Аиааира Ду ҟалеижьҭеи егьа аамҭа ҵыргьы ари аибашьра афырхацәа рхаҵара хашҭшьа ақәӡам, рыхьӡ-рыԥша еицакра аиуӡом. Аиааирахь инагаз амҩа цәгьан, уи ианысны аиааира ҳзаазгаз иахьа абра иҳацу аветеранцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи роуп.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша