13-05-2014

Аԥсуа боксиорцәа алахәын аԥхьахә агаразы Аладатәи Афедералтә Округ аҿы имҩаԥысуаз аицлабра

Аԥсуа боксиорцәа алахәын аԥхьахә агаразы  Аладатәи Афедералтә Округ аҿы имҩаԥысуаз аицлабра

Мшаԥымза  21  инаркны 25-нӡа Ҟрымск ақалақь аҟны имҩаԥысит Аладатәи Афедералтә Округ иатәу 2000-2001 ш. рзы ииз абоксиор қәыԥшцәа рыбжьара  аԥхьахә агаразы  аиндаҭларақәа.

Ачемпионцәа ҳәа ахьӡ аԥсахаразы араҟа еиқәшәеит Краснодартәи атәылаҿацәи, Адыӷа Ареспубликеи, Аԥсни, Калмыкиеи, Астрахантәи, Волгоградтәи, Ростовтәи аобластқәа  рыҟнытә иааз 97-ҩык  абоксиор қәыԥшцәа.

Аԥснытәи  акоманда ахьӡала иқәгылан быжьҩык аспортсменцәа ҿарацәа.

Аицлабраҿы арҭ арԥарцәа абокс азы аԥсуа школ иаԥсаны рхы аадырԥшит. Аицлабрақәа рҿы ҩыџьа аԥсуа боксиорцәа  араӡны медал ргеит, аӡәы – аџьазтә.

Торчуа Даур (зыкапан 54 кг иҟаз рҿы, араӡны медал, азыҟаҵаҩы – Депелиан Е.В.)

Тимофеев Никита (зыкапан 43 кг иҟаз рҿы, араӡны медал, азыҟаҵаҩы – Тарасов О.В.)

Акаба Гәдиса (зыкапан 43 кг иҟаз рҿы, аџьазтә медал, азыҟаҵаҩы – Ҵурҵумиа И. Р.)

Ҳаспортсменцәа ирзымариамызт аицлабра иалахәыз егьырҭ аспорттә школқәа рааӡамҭацәа рацлабра, аха ирылшеит аиааира агаразы аспорт аҿы ихадароу аҟазшьақәа –

агәмчи агәзыҳәареи аарԥшра.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша