07-08-2014

АҞӘАФОН аусура иаланаргеит аимадара 4G/LTE Аԥсны ақалақьқәа зегьы рыҟны

news_name

АҞӘАФОН аусура иаланаргеит аимадара 4G/LTE Аԥсны ақалақьқәа зегьы рыҟны

Нанҳәамза 6 рзы Аҟәа ақалақь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысит Аԥсны раԥхьатәи амобилтә оператор АҞӘАФОН иатәу аимадара 4G/LTE инарҭбаау аӡыргара. Ари амш аҽны амшын аԥшаҳәаҿы аҳра ауан Аилахәыра аусзуҩцәа рымч ала иаԥҵаз аныҳәатә гәырӷьара.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә хықәкы хадас иаман Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы аимадара 4G/LTE аусура аларгара, иара убас аԥшьбатәи абиԥара атехнологиа алшарақәа дырбара.

20:00 сааҭ рзы аусмҩаԥгатә амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ирылеиҳәеит АҞӘАФОН 4G аӡыргара напы шадыркыз, уи асасцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Раԥхьатәи амобилтә оператор урҭ ирызнархиаз аҳамҭақәа. Анаҩс ажәа иҭан Аилахәыра АҞӘАФОН атехникатә директор Корсаиа Даур Вионор-иԥа, уи ирылеиҳәеит АҞӘАФОН 4G аусура ишаладырго. 4G аусура аларгага асимволтә кнопка ақәыӷәӷәарала Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы аусура иаларган аԥшьбатәи абиԥара аимадара. Ари ахҭыс иазкыз ишиашоу ицоз адырраҭара дырбан АГТРК аканал ала ажәабжьқәа рҭыжьымҭа «Амшеикәшара» аҿы.

Аимадара 4G аусура  ианаладырга ашьҭахь, Даур Вионор-иԥа ирабжьигеит аимадара ҿыц аус шауа гәарҭарц. Уи азы 4G амадемқәа рыбзоурала иеиҿкаан ҩ-телемостк: Аҟәа (амшын аԥшаҳәа) – *соу (Абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ), Аҟәа (амшын аԥшаҳәа) – Тҟәарчал (Абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ), урҭ ателецҳақәа рыла асасцәа аԥсшәа рарҳәеит КВН «аеҵәақәа» – афильм «Дружба народов» («Ажәларқәа реиҩызара») актиор )емыр )аниа, ахәхшәааратә план «Сара салхымҭа 4G» аӡыргаратә еилахәыра ахаҿы Михаил Ҵкәуа. Ажәакала, аусмҩаԥгатә асасцәеи ААТРЕ (Аԥсны Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра) ахәаԥшцәеи  рыблала ирбеит АҞӘАФОН Амаҵзура  Аҭыԥқәа ҩба змаз шиашоу аҿакра, уи алыршахеит 4G/LTE атехнологиа абзоурала.

Анаҩс ахәаԥшцәа ирзыԥшын АҞӘАФОН 4G/LTE аӡыргара. Аӡыргараҿы Аилахәыра аусзуҩцәа ирылацәажәеит аԥшьбатәи абиԥара атехналогиа аԥыжәара хадақәа, урҭ аусмҩаԥгатә асасцәа ирабжьыргеит рхала аимадара ҿыц ԥыршәарц. Уи азы агәаҳәара змаз илшон ҷыдала иеиҿкааз арбагатә зонақәа рахь анеира, speed-тест аҽалархәра.

Ари аҽны ирылаҳәан Аҿиаратә еицлабрақәа ԥшьба ишрылагаз: «Иреиӷьу афото», «Иреиӷьу авидео», «4G иреиӷьӡоу аидеиа», «Иреиӷьу анҵамҭа». Ҩымш рыҩнуҵҟа аусмҩаԥгатә асасцәа зегьы ирымоуп алшара иарбанзаалак арҭ аицлабрақәа руак аҽалархәра, АҞӘАФОН аҟнытә 4G-амодемқәеи апланшети Apple Ipad Air  аиура.

Анаҩс асасцәа ирзыԥшын аныҳәатә концерт апрограмма. Уи далахәын еицырдыруа ашәаҳәаҩ, акомпозитор Алескандр Шьоууа, иара инеигӡеит иеицырдыруа аҳәаанырцәтәи ашәақәеи ихатәы рҿиамҭақәеи. Аконцерт аҿы дықәгылеит адунеи иреиӷьӡоу аклубқәа ируаку «Soho Rooms» ахаҭарнак – Аслан Гәлиа (DJ AG). Аӡыргара хыркәшан аныҳәатә феиерверк ала.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша