23-04-2014

Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» есышықәсатәи аҳасабырба ахԥатәи аизара

news_name

Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» есышықәсатәи аҳасабырба ахԥатәи аизара

 

Мшаԥымза 22 аҽны  асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц-зал аҟны Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана»  ашықәсазтәи аусура алҵшәақәа рзы афонд аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа, афонд акорпоративтә донорцәа, Аилахәыра АҞӘАФОН назлоу рпартниорцәа рҿаԥхьа иҟарҵит аҳасабырба.

2013-тәи ашықәс иалагӡаны афонд иахәҭоу амедицинатә цхыраара рзыҟанаҵеит ӷәӷәала ичымазаҩыз 33-ҩык ахәыҷқәа.

Згәы бзиахаз ахәыҷқәа аӡәырҩы рани раби рыцны аизара иаҭааит, урҭ рылаӷырӡ хыжжыло иҭабуп ҳәа рарҳәеит рхәыҷқәа  реиқәырхаразы ацхыраара ҟазҵаз зегьы.

Аизара иалахәыз Аилахәыра АҞӘАФОН аусзуҩцәа ирыман рхатәы хықәкы – «Еицаҳахьчап аԥсҭазаара» зыхьыӡтәны имҩаԥыргоз акциа зегьы реиҳа активла                                                    зхы алазырхәыз абонентцәа ралкаара.

«Зегьы раасҭа иҳалалу  абонент» аноминациаҿы иалкаахаз Аилахәыра ахархәаҩцәа хә-ҩык АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа  ирырҭеит агәалашәаратә стела «Арыцҳашьара алаӷырӡ», иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа  ахәыҷы чымазаҩ ӷәӷәақәа  ацхыраара рызҭоз рзы ишан аграмотақәа, акорпоратив аалыҵтә ҳамҭақәа, ашәҭ шьыҵәрақәа:             

*аразиа Александра Константин-иԥҳа

Качараа Руслан Омистер-иԥа

Чыкәбар Асҭа Лев-иԥҳа

Начариан Анна Иаков-иԥҳа

Гәымба Викториа Иаков-иԥҳа

Аилахәыра  АҞӘАФОН адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аменеџьер Аида Хонелиа иҭабуп ҳәа ралҳәеит абонентцәа ари аус бзиа  активла рхы ахьаладырхәыз азы, насгьы  инаҵшьны иазгәалҭеит «Ахәыҷқәа – ани аби ԥсыс ирхоу, ауаажәларратә еилазаараҿы  зегь реиҳа ахьчара зҭаху  роуп. Ачымазаҩ хәыҷқәа ирҭаху даара ирацәоуп, аха зны-зынла зынӡа имаҷынгьы. Имаҷны, избан акәзар, ҽнак аҩныҵҟа SMS-аацҳамҭак  ашьҭра, ииашацәҟьаны, аӡәгьы изы ихьанҭаӡам, аха ҳара зегьы акака ҳашьҭыр, усҟан урҭ акыр ирацәахоит. Ҳара даҽа зныкгьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит АҞӘАФОН абонентцәа агәыҳалалратә ус активла рхы алархәуа «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» захьӡу амаҵзура  рхы иархәаны SMS  ала  ажәа «Добро» хаҭала изышьҭыз зегьы.

АҞӘАФОН афонд имҩаԥнаго акциақәа аҽалархәра иалагеит  2012 шықәса алагамҭазы. Уи аахыс АҞӘАФОН жәанызқьҩык инареиҳаны абонентцәа рхы аладырхәит ӷәӷәала ичымазаҩыз ахәыҷқәа рыхәшәтәразы имҩаԥгаз аԥара аизгаратә усқәа.

Шәкыла SMS-аацҳамҭақәа есымша рышьҭрала  агәырҩа хьанҭа иаҵаз ауаа рхаҵгылаҩцәа  акырӡа ацхыраара ҟарҵеит урҭ ахәыҷқәа рыхәшәтәраҿы.

Ҩышықәса рыҩныҵҟа АҞӘАФОН абонентцәа 81 000 инареиҳаны SMS-аацҳамҭақәа рышьҭит ажәа «Добро» ахархәарала, иагьеизыргеит 1 733 000 мааҭ.

2013 шықәса, рашәарамзазы АҞӘАФОН «Еицаҳахьчап аԥсҭазаара» захьӡу акциа ахалархәразы абонентцәа рылшара акыр иацнаҵеит. Абас, Аилахәыра еиҿнакааит «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» амаҵзура, уа USSD адҵала аимадара АҞӘАФОН абонентцәа ирылшоит дасу рхатәы хыԥхьаӡаларҭақәа рыҟнытә хәҭак афонд  «Ашана» ахь аиагара.

Егьырҭ, «Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап» захьӡу агәыҳалалратә акциа зхы алархәра иахьымӡаз абонентцәа рзы,  Аилахәара АҞӘАФОН еиқәнаршәеит ари агәыҳалалра иатәу аус бзиа зегьы рхы аладырхәырц азы иҟарҵаз ааԥхьара зну аролик ҷыда. Ари аус ахьӡ –

Агәыҳалалра.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша