03-03-2014

Аҧснытәи абоксиорцәа Аладатәи афедералтә округ ашҟа ҧхьагылара ацаразы аиааира ргеит

news_name

Аҧснытәи абоксиорцәа Аладатәи афедералтә округ ашҟа ҧхьагылара  ацаразы аиааира ргеит 

Жәабран 17 инаркны 23 рҟынӡа Геленџьик имҩаҧысит 2000-2001 шықәсқәа рзы ииз ақәыҧшцәа рыбжьара  Краснодартәи атәылаҿацә аҧхьагыларазы абоксиорцәа ҿарацәа реицлабра. Атәылаҿацә аҧхьагылара еизнагеит 220-ҩык абоксиорцәа ҿарацәа. Аицлабра рҿаладырхәит Аҧснытәи аспортсменцәагьы. АҞӘАФОН афинанстә цхыраара рызнауит аицлабрахь ицоз ҩыџьа аҧсуа боксиорцәа – Саид Хәырхәмали Никита Тимофееви.  Азыҟаҵаҩ О.В. Тарасов иааӡамҭацәоу арҭ аҩыџьа абоксиорцәа ибзианы рхы аадырҧшит аицлабраҿы – иааныркылеит пату зқәу аҩбатәи аҭыҧ.  Саид Хәырхәмал дықәгылон  зыкапантә категориа 44,5 кг рҟынӡа иҟоу ргәыҧ аҿы, Никита Тимофеев – 65 кг рҟынӡа.

Геленџьик қәҿиарала рықәгылара иабзоураны арҭ аҿарацәа аҩыџьагьы иранашьахеит Аладатәи афедералтә округ аҿы аҧхьагыларатә еицлабра алахәхара. Уи мҩаҧысраны иҟоуп 2014 шықәса мшаҧы мзазы Ҟрымск ақалақь аҿы.

Уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит АҞӘАФОН Аҧсны абокс аизҳара аус ахы аланархәуеижьҭеи. Ари аспорттә хкы ацхыраара ду анаҭоит. Убас, 2006 шықәсазы Аҟәатәи абокстә школ азы АҞӘАФОН иаанахәеит ипрофессионалтәу абокстә ринг.

АҞӘАФОН афинанстә цхыраарала имҩаҧгаз абокс ала ареспубликатә  еицлабрақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Саид Блабб игәалашәара иазкны 2010 шықәсазы еиҿкаау аицлабра. Уи хышықәса ҵуеит АҞӘАФОН спонсор хадас иамоуижьҭеи.

2012 шықәсазы А.Д. Џьапуа ихьӡ зху Драндатәи абокстә школа иазоужьын аҧара Аҧснытәи аспортсменцәа Адлерҟа рцаразы,  СССР афырхаҵа М.К.Нагәылиан ихьӡ зху абокс ала жәларбжьаратәи аицлабра рҽалархәразы.

Иара убасгьы АҞӘАФОН изныкымкәа аҧара аунажьхьеит Аҧснытәи еизгоу акоманда жәларбжьаратәи аицлабрақәа ралахәрақәа раан абокстә профессионалтә маҭәала реибыҭаразы.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша