02-06-2014

АҞӘАФОН – ахәыҷқәа рзы Аныҳәа!

news_name

АҞӘАФОН –  ахәыҷқәа рзы Аныҳәа!

 

Рашәарамза 1 Афон Ҿыц ақалақьтә стадион аҟны имҩаԥган ахәыҷқәа рзы Аныҳәа ду. Аилахәыра АҞӘАФОН еиҿнакааит ахәыҷқәа рыхьчара амш ахьӡала ақәгылара џьашьахәқәа.

Аныҳәа асасцәа хәыҷқәа рзы еиҿкаан илахҿыху ахәмаррақәа рацәаны бзиа ирбо амультфильмқәа рперсонажәцәа злахәу аконкәурсқәа, аестафетақәа, акостиумқәа  зшәыз акьанџьа ауқәа ршоу, кәымжәыла еибыҭоу аҟаԥҟаԥшьаҵаҩцәа рықәгылара, амотоцикл иақәтәоу ажонглиорцәа, асапын шәах ахарччылара  ашоу.

Ақәгылара аартын амҩаԥгаҩ иаԥсшәаҳәарала. Уи  ахәыҷқәеи дара рҭаацәеи ирыдиныҳәалеит иааиз аԥхынра, иара убас ахәыҷқәа рыхьчара Ажәларбжьаратәи Амш. Анаҩс еизаз рҿаԥхьа ицәырҵит амультфильмқәа рфырхацәа. «Мадагаскар» амультфильм аҟынтә Алым Алекс, Золушка, Белоснежка, Буратино, апиратцәа, Маша, Амшә уҳәа  ахәыҷқәа зегьы адрыԥхьалеит аибаркыратә кәашара.

Амультфильмқәа рфырхацәеи ахәыҷқәеи рызхара ианеиҿцәажәа ашьҭахь, имҩаԥган ахәыҷқәа злахәыз аинтерес зҵаз, илахҿыхыз  аестафета. Асцена шан анимациатә ҭыԥ ҷыдақәа рыла, уаҟа ахәыҷқәа алшара рыман дасу игәы иақәшәо алхра. Нас ахәыҷқәа азыӡырҩит  илахҿыху аклоунцәа рлафқәа, ирбеит аԥсыуа маҭәала еилаҳәаны ицәырҵыз  аҟаԥҟаԥшьаҵаҩцәеи ажонглиорцәеи рықәгыларақәа.

Илахҿыхыз апрограмма хыркәшан сапын шәахла еиҿкааз ашоуи аконфетти ала ихыркыз асалиути рыла.

Ари амш аҽны Аилахәыра АҞӘАФОН даҽазныкгьы Аԥсны ахәыҷыҷқәа ҳамҭак аҳасабла ирзеиҿыркааит аныҳәа лахҿых. Есышықәса,  рашәарамза 1 азы, иааиуа аныҳәа рҽазырхиауа, АҞӘАФОН аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит ари амш ахәыҷқәа ирхамшҭуа ргәалашәараҿы  иаанхарц азы. Аилахәыра аплан аҟны иарбоуп ари  атрадициа шьахә ԥхьаҟа ацҵара – иалахәу ахәыҷқәа зегьы ҳамҭас аныҳәа лашеи иссиру агәалаҟазаареи рыҭара.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша