17-09-2014

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» иҿыцу ахаҭабзиарала

news_name

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» иҿыцу ахаҭабзиарала

Аҧсны  аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 21 шықәса  ахыҵра азгәаҭаразы АҞӘАФОН ахәаҧшцәа ирызнархиеит зеиҧшыҟам апроект – агастрольтә тур “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” иҿыцу анагӡарала.


 «АМА RECORDZ» амузыкарҳәаҩцәа  – Анри Гәымба, Алхаси Алмасхани Марколиаа, Ҭемыр Агрба,  Реваз Нарманиа, иара убас  апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» алахәцәа – Ерик Миқаа, Гьаргь  Кәакәасқьыр, Валера Берзениа,  Нарсоу Абыхәба –  аҧсуа хәаҧшцәа  ҳамҭас ирызнаргеит аибашьратә аамҭа иатәу ашәақәа рыла еиҿкааз зыҧсы ҭоу амузыкатә концерт.

Ҭаацәацыҧхьаӡа ирыдырныҳәаларц азы АҞӘАФОН еиҿнакааит Ареспублика еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы аконцертқәа. Агастрольтә тур хацыркын цәыббрамза 17 рзы ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа. Уа Акультуратә  хан асценаҿы “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” ашәақәа ироуит иҿыцу аҧсҭазаареи азхаҵареи. Анаҩс, жәамш рыҩныҵҟала,  ахәаҧшцәа ироуеит алшара аибашьратә ашәақәа рформат ҿыц ахәшьара аҭара, иара убасгьы урҭ рынагӡара иаҵоу амчхара ҕәҕәа аҽалахалара. Афиналтә концертқәа мҩаҧысраны иҟоуп Аҟәа цәыббра 26-еи 27-еи рзы  аҳҭны қалақь ахақәиҭтәра амш инақәыршәаны.

Асимволтә ҵакы амоуп цәыббра 30 аламҭалазы даҽа иааирак атәгьы азгәаҭара. Уи ҳзааигеит Гәдоуҭа араион иалиааз, хынтәны адунеи иачемпионхахьоу, Лондон Олимпиатәи ахәмаррақәа раан аџьазтә ҧхьахәы згаз  Денис Царгәыш. Уи иҷыдоу сас дахьны дыҟан “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз раҧхьатәи аконцерт аҿы. АҞӘАФОН ахьӡала  ҳџьынџьуаҩ иҭабуп ҳәа иарҳәеит адунеитә спорт аренаҿы Аҧсны ахьӡ аҭгараҿы илиршаз азы, иагьиҭан ҳамҭас 200 нызықь мааҭ аҧара.

Хышықәса раԥхьа, 2011 шықәсазы АҞӘАФОН адгылеит Аҧсны Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба изку амузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аҧҵара аидеиа. Иахьа уи афильм иацу акәны иҟалеит зыҧсы ҭоу амузыка аконцертқәа. Рыҧсҭазаара иацырҵеит аибашьцәа агәыҕра рызҭоз, ргәы зырхаҵоз аибашьра шықәсқәа раантәи ашәақәа. Урҭ рдыруеит, иагьырҳәоит 1992-1993 ш. ш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәеи аветеранцәеи ргәалашәара згәаҵа иҭаҵәахны измоу абиҧара ҿа.

 

Аконцертқәа  раамҭеихшара:

Цәыббрамза 17  -  Гәдоуҭа ақ. Акультуратә хан.

Цәыббрамза 19  - Гагра ақ., асанатори «Енергетик» азал.

Цәыббрамза 24  -  Очамчыра ақ.,  Акультуратә хан.

Цәыббрамза 26-еи 27-еи  -  Аҟәа ақ., Аҳәынҭқарратә филармониа.

Аконцертқәа зегьы рышҟа аҩналара хәыда-ҧсадоуп.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша