04-11-2014

Ашьапылампыласразы III Жәларбжьаратәи ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ртурнир “АҞӘАФОН АКУБОК”

news_name

Ашьапылампыласразы III Жәларбжьаратәи ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ртурнир “АҞӘАФОН АКУБОК”

Абҵара 3 инаркны 7 рҟынӡа ақ. Аҟәа имҩаҧысраны иҟоупАшьапылампыласразы III Жәларбжьаратәи ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ртурнир “АҞӘАФОН АКУБОК”. Атурнир хацнаркит 2012 шықәсазы ахеидкыла АҞӘАФОН ашьапылампыл асразы Аҧснытәи Афедерациа алархәны.

Уи аахыс абар уажәшьҭа хышықәсоуп атурнир асасдкылара аарҧшны иаднакылоижьҭеи Урыстәылеи Аҧсни ақалақьқәа рҟынтәи ашьапылампыласҩцәа қәыҧшцәа.

Сынтәа  ашьапылампыласратә еиндаҭлара иасасцәахеит ҩ-қәрак ирыҵанакуа  акатегориақәа ркомандақәа.

  • 2000 ш. азы ииз ркомандақәа:  «Лидер» Новороссииск, «Спартак» Нальчик, «Нарҭ» Аҟәа, «Абазг» Аҟәа, «Динамо» Аҟәа, ДИУСШ Очамчыра. 
  • 2002 ш. азы ииз ркомандақәа: «Нарт» Аҟәа, «Абазг» Аҟәа, ДИУСШ Гәдоуҭа, «Актәи Гал» Тҟәарчал араион, «Лидер» Новороссииск.

      Абҵара 3 рзы атунир алагара аартын астадион “Учхоз” аҿы ныҳәак еиҧш имҩаҧгаз  ацеремониала. Традициала уи аартра хацыркын акомандақәа ацәаҳәа иқәыргыланы, рыҧсшәа еибыҳәарала. Анаҩс аицлабра алахәцәа рышҟа ааҧхьара ҟарҵеит Аҧснытәи ашьапылампыласра Афедерациа ахаҭарнакцәа. Урҭ иҭабуп ҳәа рарҳәеит  атурнир ашҟа ааҧхьара здызкылаз, уи зҽалазырхәыз асасцәеи, иара убас инеиҧынкыланы ари аиндаҭлара амҩаҧгара ацхыраара азызуа – амобилтә еимадара АҞӘАФОН. Аартратә церемониа хыркәшан аҧсуеи аурыси аҳәынҭқарратә гимнқәа рынагӡаралеи Аҧсни Урыстәылатәи афедерациеи рҳәынҭқарратә бираҟқәа рышьҭыхралеи.

    Жәларбжьаратәи ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ртурнир “АҞӘАФОН АКУБОК” – ари зеиҧшыҟам ҭагылазаашьоуп ашьапылампыласҩцәа қәыҧшцәа ҧхьаҟатәи рпрофессионалтә шьақәгылараҿы алагала аҟаҵаразы. Хаҭала абри ақәраҿы аспортсмен ҿа илшоит ҧхьаҟазы ичемпионхараны иҟоу аӡә  иеиҧш ихы аарҧшра, ашьапылампыласҩцәа еиҳабацәа рпрофессионалтә дунеи ашҟа шьаҿа бзиак аҟаҵара.

АҞӘАФОН аҿы агәыҕра рымоуп арҧарцәа ари атурнир аҟны ироуз аҧышәа раҧхьаҟа акыр ирыхәап ҳәа, уи анаҩс шьапылампыласҩцәак раҳасабала  рышьақәгылараҿы анырра ду ҟанаҵап ҳәа.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша