15-08-2014

Аицлабраҿы аиааира згаз АҞӘАФОН аҟнытә аҧхьахәқәа рыҭара

news_name

Аицлабраҿы аиааира згаз АҞӘАФОН аҟнытә аҧхьахәқәа рыҭара

Нанҳәа 6 рзы Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор АҞӘАФОН ҳтәыла ақалақьқәа зегьы рҿы аусура иаланаргеит иҿыцу абиҧара иатәу аҳа 4G/LTE. Уи амш азы АҞӘАФОН официалла иӡырнагеит аимадараҿы иҿыцу атехнологиа. АҞӘАФОН 4G аӡыргаратә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аныҳәа асасцәа рзы еиҿкаан арҿиаратә еицлабрақәа ҧшьба: “Иреиҕьу афото”, “Иреиҕьу авидео”, “4G иреиҕьу аидеиа” иара убасгьы “Иреиҕьу арепортаж”.

Нанҳәа 13 рзы еилкаахеит дасу арҭ аицлабрақәа рҿы аиааира згаз рыхьӡқәа. Урҭ:

1. Ҟолбаиа Алеқсандр Важьа-иҧа              Иреиҕьу авидео

2. Колесникова Кристина Руслан-иҧҳа     Иреиҕьу арепортаж

3. Ҵнариа Елио Едуард-иҧа                 4G Иреиҕьу аидеиа

4.  Абыхәба Наала Валериан-иҧҳа                    Иреиҕьу афото

Нанҳәа 15 рзы аицлабраҿы аиааира згаз наҧхьан Аиааира апроспект, 80 аҭыӡҭыҧ ала иҟоу АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ ашҟа. АҞӘАФОН аусзуҩцәа аиааира згаз ҳамҭас ирырҭеит АҞӘАФОН аҟнытә асувениртә аалыҵи ираҭәашьахаз апризқәеи – аицлабрақәа “Иреиҕьу афото”, “Иреиҕьу авидео”, иара убас “4G Иреиҕьу аидеиа” рҿы иаиааиз ирыҭан 4G-амодемқәа, ахәхшәааратә план “Сара салхамҭа 4G» хәыда-ҧсада аҿакрагьы нацҵаны. АҞӘАФОН 4G аӡыргара иазкны иреиҕьу арепортаж  автор илаҭәашьан  Apple iPad Air.

Уи амш азы Амаҵзуратә Ҭыԥ ахыбра аҩныҵҟа имҩаҧысит даҽа ҳамҭаҭарак. АҞӘАФОН амш ира аламҭалазы амобилтә напаҵаҩра “Азҵаарақәа рпарад” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз “Зымш ира ыҟоу иҟынтә аҳамҭақәа” зыхьӡыз акциаҿы аиааира згаз 11-ҩык  ирыҭан аҳамҭақәа. Ирыҭаз аҧхьахәқәа иреиуан: аноутбук Apple MAC BOOK Air, апланшеттә компиутер Apple iPad Air, ателефонқәа Apple iPhone 5S-и  Sаmsung Galaxy S4 Mini-и, ацифратә амультимедиатә арҳәага Apple TV, иара убас   4G-амодемқәа.

   АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аиааира згаз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит Ахеидкыла имҩаҧнаго акциақәеи аицлабрақәеи активла рхы ахьаладырхәуа азы, ирзеиҕьыршьеит ари нахысгьы аиааирақәеи еиҳау ақәҿиарақәеи.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша