15-10-2014

Ахәхшәааратә план «Онл@инер» аҿы иалыршоуп амаҵзура 4G (LTE)

Ахәхшәааратә план «Онл@инер» аҿы иалыршоуп амаҵзура 4G (LTE) 

2014 шықәса, жьҭаарамза 15 инаркны  ахәхшәааратә план «Онл@инер» аҿы иалыршоуп амаҵзура 4G (LTE).

Ахәхшәааратә план  «Онл@инер» аҿы 4G (LTE) аҳа анеира  автоматтә ҳасабла иалыршахоит:

  • абонент ианимоу  4G (LTE) аҳа нызкыло амобилтә шьақәыргыламҭа;
  • абонент ианимоу 4G (LTE) аҳа нызкыло  USIM-карта;
  •  абонент 4G (LTE) аҳа аус ахьауа аҭыҧ аҿы даныҟоу.

 

 ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша