12-03-2014

Афильм «Акәымжәыуаа» аӡыргара мҩаԥган Ҭырқәтәыла

news_name

Афильм «Акәымжәыуаа» аӡыргара мҩаԥган Ҭырқәтәыла

Хәажәкырамза  2 рзы Ҭырқәтәыла, аҳҭнықалақь  Сҭампыл аҟны, имҩаԥысит аспорти аҿари русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы еиҿнакаауа аус хкқәа рҳәаа иҭагӡаны  Мадина Аргәыни, Ельвира Арсалиеи, Алықьса Шервашиӡе-Чачбеи рыпроект «Акәымжәыуаа» аӡыргара. Уи мҩаҧган Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа –дернеқьқәа руак аҿы.                                 

Аԥсуаа рыдагьы,  егьырҭ кавказтәи адиаспорақәа рхаҭарнакцәа рацәаҩны излаз ахәаԥшцәа, иара убасгьы, идырбан ари апроект авторцәа руаӡәк – асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиа афильм азы илырхиаз амилаҭ цәҩычақәа.

Изхәаԥшыз афильми акостиумқәа рцәыргақәҵеи еизаз зегьы ирызцәырнагеит азҿлымҳара ду.  Ахәаԥшцәа  авторцәа ирырҭон Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирыҵаркуаз азҵаарақәа рацәаны, иара убасгьы аҳәара ҟарҵеит афильм ахҩылаа рзынрыжьырц, егьырҭ аԥсуа культуратә дернеқьқәа рҿы дырбаразы.

«Акәымжәыуаа»  аԥҵаҩцәа еигәырӷьаны ирыдыркылеит ари агәаанагара, хәажәкырамза анҵәамҭазы уи афильм дырбахоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә дернеқьқәа  жәпакы рҿы.

АҞӘАФОН иҟанаҵо аԥаратә цхыраара абзоурала иаарласны иалыршахоит тиражла 1000 цыра иҟоу афильм «Акәымжәыуаа» зну DVD-адискқәа рҭыжьра. 

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша