14-07-2014

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банки ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»-и иаԥырҵеит Аԥсны азы амаҵзура лыԥшаах «SMS-сервис»

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банки  ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»-и иаԥырҵеит Аԥсны азы амаҵзура лыԥшаах «SMS-сервис»

 

Иахьа Аԥсны иҳамоу аекономика иаҟазшьаны иҟоуп абанктәи аҭелеимадаратә маҵзуратә џьармыкьақәа рырҿиара. Иааиԥмырҟьаӡакәа зхыԥхьаӡара азҳауа абанктә операциақәа ирҭахуп ахархәага ҿыцқәеи ахаҿытә хыԥхьаӡаларақәа рзы анапхгара ҷыдақәеи ралагалара. 

Иахьа Аԥсны ибзианы иҿио аҭелеимадаратә еизыҟазаашьақәа ирылшоит абанктә маҵзура алшарақәа акырӡа рырҭбаара, хықәкыла иуҳәозар, абанк  зымаҵ ауа  ахархәаҩцәа иахьынӡазалшо рҭахрақәа рҽырзааигәатәра.

 

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банки  амобилтә еимадара АҞӘАФОНи русеицура иалҵшәахеит ҳҳәынҭқарразы зынӡа иҿыцу амаҵзура «SMS-сервис» аартра. Ари апроект ҟалеит Аԥсны абанктәи  аҭелеимадаратә ус хкқәеи қәҿиарала русеицура узырбо ҿырԥштәы бзианы, даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарратә структуреи   ахатә бизнеси дасу ҭакԥхықәрала русура разнеишьа узырбо ҿырԥштәны. Ари апроект аҿы аус еицызуа аганқәа имҩаԥыргеит акырӡа зҵазкуа аус лыԥшаахқәа:

  • идырмазеит ари асервис  аартра азин рызҭо ахатәы еиқәшаҳаҭратә  база;
  • иаԥҵоуп акарта змоу ихатәы хыԥхьаӡалара аҟнытә АҞӘАФОН зхы иазырхәо ибоненттә номер ахь адыррақәа хымԥада иназго аимадара ацәаҳәа ҷыда;
  • АҞӘАФОН абонентцәа рзы амаҵзура акырӡа  арманшәалара хықәкыс иҟаҵаны  аганқәа реимадара еиҿкаауп акыр зылшо атехнологиа ҿыцқәа рхархәарала, апрограммақәа ралагаларала.

Амаҵзура «SMS-сервис» иабзоураны Аԥсны раԥхьаӡа акәны иаԥҵахеит абанк аҿы иаарту ахатәы хыԥхьаӡалараҿы иҟоу ахархәагақәа ааигәа уҟамкәа ухы иаурхәартә еиԥш  алшарақәа. Ари аҭагылазаашьаҿы акырӡа зҵазкуа акәны иҟоуп ари асервис азы ихадароу ҟазшьарбаганы иахьыҟоу – иҭагалоу адыррақәа  рыргамамтәра, иара убас  амаҵзура имҩаԥнаго аусқәа рхаҭабзиара аҳаракыра, ианаамҭоу рынагӡара, ашәарҭадара, иаадырԥшуа  агәразхаҵара. Амаҵзура  аусура  аетапқәа зегьы рҿы хшыҩзышьҭра аҭахоит абанктә хыԥхьаӡаларақәа ирыдҳәалоу адыррақәеи, изтәу рхаҭарақәеи ршәарҭадара.

Даҽакала иуҳәозар, «SMS-сервис» - ари абанктә хыԥхьаӡаларақәа рҿы иҟоу ахатәы ԥарақәа амобилтә ҭелеимадарала иануҭаху ирласны, ирманшәаланы, шәарҭара ыҟамкәа ухы иаурхәартә, насгьы имҩаԥысуа аоперациақәа рзы еиҵахара ҟамҵакәа адыррақәа уоуратә  алшара узҭо маҵзуроуп. 

 Аԥсҭазаара аҟны амаҵзура ахархәашьа абас иҟоуп – абонент илшоит абанкомат ала ихала амаҵзура «SMS-сервис» ахархәара, мамзаргьы акарта изҭаз абанк-емитент аҿы амаҵзура аҿакразы арзаҳал ахарҭәаарала. Амаҵзура аҿакра ашьҭахь, иахәҭоу SMS-адҵа аномер 7007  ашҟа ашьҭрала имҩаԥугарц иуҭаху аоперациа ахкы уаҳәоит:

  • абанктә хыԥхьаӡалара абаланс шаҟа ыҟоу аилкаара;
  • акарта аркра;
  • акарта аартра;
  • акарта аҟынтә даҽа картак ахь аԥара аиагара;
  • ахыԥхьаӡалараҿы имҩаԥгаз аоперациақәа шаҟа рықәырӡыз аилкаара. 

Арҭ аоперациақәа зегьы рзы иҟоуп  7007 аномер ахь ирышьҭуа ахатәы SMS-дҵақәа (Аԥсны Абанк   SMS-Ҭыԥ  аҭыӡҭа). Адҵақәа зегьы рыхьӡынҵа аиура шәара ишәылшоит акарта шәызҭаз абанк-емитентқәа  рҿы, иара убасгьы   АҞӘАФОН  асаит www.aquafon.com  аҟны.

Абас ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банки Аилахәыра  АҞӘАФОНи ишәыдыргалоит ахархәаҩцәа рзы аимадаратә  формат ҿыц, насгьы акыр идырҭбаауеит урҭ рымаҵзура алшарақәагьы. Амаҵзура «SMS-сервис» алшарақәа акырӡа ирацәоуп, хара имгакәа Аилахәыра АҞӘАФОНи Аԥсны Абанки  урҭ зегьы активла рырҿиара иалагоит. Аҿиара ахырхарҭа хадақәа – Аимадара АҞӘАФОН амаҵзуразы ахәԥсашәараан  аԥарашәаратә система «Аԥра» атерминалқәа ухы иаурхәартә аҟаҵара; атерминалтә система «Аԥра» аҿы атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәԥсашәара амҩаԥгара иаҭаху асервис  азырхиара.

 Арҭ алагала ҿыцқәа шьаҭанкыла аԥсахра рылшоит абанки  иара ахархәаҩцәеи реизыҟазаашьа  -  ахархәаҩцәа рзы зеиӷьа ыҟам аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, амобилтә аоператор изы а-SIM-карта  ԥарашәагатә инструмент хаданы аҟаҵара.

Амаҵзура «SMS-сервис» ахархәара мызктәи абоненттә хәыхшәаара – 25 мааҭ.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша