10-12-2014

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Аилахәыра АҞӘАФОН иаҧнаҵеит О. Беигәаа ихьӡ зху астипендиа

news_name

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Аилахәыра АҞӘАФОН иаҧнаҵеит О. Беигәаа  ихьӡ зху астипендиа

2006 шықәсазы ихацыркын Аилахәыра АҞӘАФОН Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети акыршықәсатәи русеицура. Урҭ русеицура  ҳәаақәызҵо акакәны иҟалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» астипендиатә программа ашьақәырҕәҕәара. Астипендиа аҧҵара хықәкыс иаман астудентцәа рҵареи рҭҵаарадырратә усуреи аҿы ацхыраара рыҭара, урҭ аҵара рҵартә, рхы аус адырулартә еиҧш аҭагылазаашьа рзыҟаҵара, асоциалтәи ауаажәларратәи усура активла радыҧхьалара.

Убри нахыс хьыӡҳәалатәи астипендиақәа иреиҕьу астудентцәа рыҭара  АҞӘАФОН  аҵара аганахьала  асоциалтә политика иузаҟәымҭхуа  иадҳәало акакәхеит. Абар уажәшьҭа жәшықәсоуп, Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы АҞӘАФОН  иаланарҵәоижьҭеи зегь иреиҳау астипендиатә программа. Уи иабзоураны 16-ҩык астудентцәа – ҩыџьа-ҩыџьа факультет цыҧхьаӡа  Аҧсны раҧхьаӡатәи амобилтә оператор аҟнытә есышықәса  хьыӡҳәалатәи астипендиа роуеит. Астудентцәа адырра ашҟа ирымоу азҿлымҳара аџьшьара аҭо, АҞӘАФОН ҩынтә астипендиа иацнаҵахьеит. Апроект анхацыркыз астипендиа  500 мааҭ ыҟазар, 2007 шықәсазы уи 1000 мааҭ рҟынӡа ихагалан, иара убас 2009 шықәсазы 2000 мааҭ рҟынӡа инаган.

АҞӘАФОН астипендиатә программа аус ауанаҵы уи роухьеит 144-ҩык ААУ астудентцәа. Урҭ шамахамзар зегьы иахьазы ззанааҭ разҟы маншәаланы ишьақәгылахьоу специалистцәа бзиақәаны иҟалахьеит.  Реиҳараҩык раҧхьаҟатәи рҧеиҧши ркариереи АҞӘАФОН иадырҳәалеит. Иахьатәи аамҭазы ҧыхьа   хьыӡҳәалатәи астипендиа занашьаз рҟынтә фҩык АҞӘАФОН иаусзуҩцәоуп, уи  еиуеиҧшым аҟәшақәа рҿы қәҿиарала аус руеит. Уи мҩашьарада ишьақәнарҕәҕәоит  АҞӘАФОН имҩаҧнаго астипендиатә программа  аидеиа хада – ҳауаажәлар ирҭахыуп  абаҩхатәра злоу аҿар, астудентцәа  рықәҿиара, урҭ рхаҭартәи рпрофессионалтәи еизҳара.

Ҳазҭоу ашықәс азы АҞӘАФОН ахадара ирыӡбеит даҽа стипендиатә программак ашьақәырҕәҕәара. Уи апрограмма азырхоуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара зҵо  зҭоурыхтә ҧсадгьылахь ихынҳәыз амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа ҳаамҭазтәи аҧсуа уаажәларраҿы анхара раршьцылареи ранраалареи. Уи астипендиа ихьӡ ахҵоуп аҳәаанырцәтәи кавказаа рхылҵшьҭрақәа инарылукааша апоет, арккаҩы Омар Беигәаа.    Астипендиа есымза  2000 мааҭ ыҟоуп.

Омар Беигәаа ихьӡ зху хьыӡҳәалатәи ари астипендиа рыҭахоит есышықәса 8-ҩык астудентцәа-арепатриантцәа –  факультетк аҟынтә аӡәаӡәа.

Омар Беигәаа ихьӡ зху хьыӡҳәалатәи ари астипендиа  аиуразы ихадоу критериақәас иҟоуп еиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы астудент аҵыхәтәантәи асеместр азы иакадемиатә қәҿиарақәеи, аҵараиурҭа ауаажәларратә усурақәеи астуденnтә ҧсҭазаареи активла ихы алархәреи иара убас аҧсуа бызшәа аҵараҿы иааирҧшуа азыҳаҵҳаҵреи.

АҞӘАФОН астипендиатә программақәа  ААУ аҿы аҵара зҵо абаҩхатәра злоу, заҧхьаҟа аҧеиҧш змоу  астудентцәа рзы рҵараҿи, рыҭҵаарадырратә ԥышәарақәеи руаажәларратә усуреи рҿы зеиҕьаҭам  гәазҭаҵаганы иҟоуп. Уи Аҧсны Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара  аҳаҭыр шьҭнахуеит, иара убасгьы ареспублика ҧхьаҟатәи аизҳара аус активла  аҽалархәра иазхиоу аҿар рабиҧара ашьақәыргылара иацхраауеит.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша