03-02-2015

АҞӘАФОН – апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” спонсор Хадас иамоуп

news_name

АҞӘАФОН –  апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” спонсор Хадас иамоуп

АҞӘАФОНи апроект “Аҧсны ашьхара” автор Ҭенгьыз Ҭарбеи русеицура хацыркын 2011 шықәсазы. Хаҭала убри ашықәс азоуп ианаҧҵаз раҧхьатәи апроект. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршан знеира ахьыуадаҩу Аҧсны ашьха араионқәа рышҟа ихадоу аекспедициақәа рымҩаҧгара. Апроект иалҵшәаны  ирыҭан асертификатра, иара убасгьы Аҧсны ахырхарҭарбагатә хсаала ианҵан ашьха-шьапыланыҟәаратәи амҩақәа жәаҩа, здаҟам Аҧсны ашьха апеизажқәа реизгара,  ихазхаҭалатәу афото-видео материалқәа.

Сынтәа АҞӘАФОН еиҭах иадгылеит Ҭенгьыз Ҭарба иҟаиҵаз ахацыркра, иагьықәгылеит даҽазныкгьы  апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” спонсор Хадас. Уи инадҳәаланы 2 миллион мааҭ аҧара азоунажьит аекспедициа алахәцәа зегьы рзы хаҭалатәи аиқәыршәагақәеи аекипировкақәеи раахәаразы. 

Апроект даҽазныкгьы адунеи зегьы ирызнанагоит еиҭҳәашьа змам Аҧсны ашьха ҳаракыра иамоу аҧшӡарақәа – зыцқьареи зҧагьареи рыла узыршанхо иџьоушьаша адунеи.

Аекспедициа акомандатә еилазаара иалахәуп:

Ҭенгьыз Ҭарба – апроект автор, апродиусер, апроект асахьаркыратә напхгаҩы, апатретҭыхҩы, аоператор; 

Марина Диагелева – апроект аицавтор, аоператор, апатретҭыхҩы;

Сергеи Иазвински – атехникатә директор, аоператор;

Андреи Луков – арежиссиор;

Алан Воуба – апатретҭыхҩы;

Валери Агрба –  ашьха атуризм аинструктор; 

Едуард Чернопиатов – аҭоурыхҭҵааҩы, Кавказтәи ашьхақәа рдырҩы;

Фат Смыр – аиқәырхаҩ, Аҧсны Ҷыдалатәи Аёиагылазаашьа аминистрра ахаҭарнак;

Артур Бабенко – асыҧсатә шәарҭадара аексперт, аҳауагәаҭаҩ-атехник, Росгидромета СЦГМС ЧАМ аусзуҩы;

Алхас Џьынџал – аекспедициа аҳақьым, аҧҟаҩы. 

Апроект назыгӡо акоманда хықәкы хаданы  рҿаҧхьа иқәдыргылоит Аҧсны  аӡынтәи  атуризм аҿиара ацхраара, ҳреспубликаҿы атуристтә  лшарақәа рырҭбаара, иара убасгьы Аҧсны иааиҧмырҟьаӡакәа шықәсыла аилкаара-дырратәи, аспорттәи, аекстремалтәи атуризм аиҿкаара. 

Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015 шықәсазы аӡыни, ааҧыни, аҧхыни, ҭагалани  акоманда Аҧсны ашьха араионқәа шамахамзар зегьы рахь  шьапылеи, ҽылеи, машьыналеи аекспедициақәа мҩаҧнагараны иҟоуп. 

Апроект шьақәгылоуп ҩ-етапк рыла – Аӡыни-Ааҧыни, Аҧхыни-Ҭагалани. Жәабран инаркны мшаҧымза нҵәаанӡа аамҭа ззыҧҵәо актәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧгахоит аекспедициақза хәба: Ауадҳара адәҳәыԥшра, аиҩхаа Аӷәра, Адәыҩада аӡиа, Грыбз арха, Арбаика ашьхаеибаркыра. Урҭ аекспедициақза рызегьы ииашаны здаҟам ҳәа рзуҳәар алшоит. Ас еиҧш иҟоу аекспедициақәа уаанӡа зынӡаскгьы имҩаҧырымгацызт. Акоманда  рымҩа хоуп ауаҩы ишьапы ахаан иахьықәимыргылац, знеирҭа акыр иахьыуадаҩу Аҧсны ашьхатә раионқәа рышҟа. Уаҟа ишьҭоу асы ахышәара 14 метр рҟынӡа инаӡоит.      

Апроект аҩбатәи аетап  Аҧхын-Ҭагалан мҩаҧысраны иҟоуп рашәара мза инаркны абҵара нҵәаанӡа. Иара уигьы хә-експедициак рыла ишьақәгылоуп: Гагра-Ҧсҳәы-Ҧшыца акаҵәара Ҽхы-Гагра; Гагра-Арбаика-Ӡоу-Гегатәи аӡхыҽҽа; Анаан аӡиа; Бзыҧтәи акарсттә хәҟьаҟьа; Чадымтәи аӡиа, Мцра аӡиа.

Аекспедициақәа ажәабагьы дасу анхыркәшахалак, Аҧсуа телехәаҧшра аефир аҿы идырбахоит аҭыжьымҭақәа “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” зыхьӡу адырраҭарақәа рцикл аҿы. 

Аӡынтәи аҧхынтәи аекспедициақәа ирылҵшәаны, имҩаҧгахоит ацәыргақәҵа-аӡыргара, иара убасгьы иаҧҵахоит афильмқәа ҩба: “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” (Аӡын), “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” (Аҧхын).  Уи анаҩсгьы, агәаҳәара змоу, дарбанзаалак илшоит аекспедициа шымҩаҧысуа иреалтәу аамҭаҿы ахәаҧшра,  аеқспедициа ахьымҩаҧысуа аҭыҧ аҿы иҟаҵахо афоторепортажқәа онлаин ҳасабла дырбара иабзоураны. Иара убас асоциалтә ҳа Facebook аҿы иҟоу апроект  аофициалтә даҟьаҿы  ианҵахоит аекспедициақәа раан имҩаҧысуа  еиҳа аинтерес зҵоу ахҭысқәа зныҧшуа адәаҿтәи амшынҵа графикала аиқәыршәара. 

Апроект ахыркәшара иалҵшәаны иалыршахоит т Аҧсны ашьхара акрызҵазкуа аҧсабаратә  ҭыҧқәа зегьы зну здаҟам афото-видео материалқәа рбаза аҧҵара, аныҟәаҩцәа знысыз амҩақәа рыхҳәаа, урҭ зегьы Аҧсны ахырхарҭарбагатә хсаала ранҵара.  

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша