22-01-2016

Ашықәс ҿыцазтәи акциа “Еиҳагьы улаша АҞӘАФОН уацны” аихшьаала.

news_name

Ашықәс ҿыцазтәи акциа “Еиҳагьы улаша АҞӘАФОН уацны” аихшьаала.

Ҧхынҷкәын 29 инаркны жьырныҳәа 20 рҟынӡа Раҧхьатәи амобилтә оператор имҩаҧнагеит “Еиҳагьы улаша АҞӘАФОН уацны” зыхьӡу Ашықәс ҿыцазтәи акциа.

Акциа зҽалазырхәыз ирыдгалан «AntiStress» зыхьӡу,  адунеи зегь аҿы имодоу ашәыгақәа рыла аҭыхра. Дара урҭ ашәыгақәа уҧшаар алшон Аҟәеи Афон Ҿыци ақалақьқәа рҿы иҟоу акафеқәа рстолхәыҷқәа рҿы.  

 Акафе аҭааҩцәа акциа рҽалархәразы хымҧада иаҭахын:

1.Ирыдгалаз асахьақәа рышәра;

2.АҞӘАФОН  асоциалтә ҳақәа Facebook, ВКонтакте иара убас Instagram руакы адаҟьаҿы анапаҵаҩра;

3.Доусы иишәыз асахьа афото ахештег #живиярче_сАКВАФОН ҳәа ацҵаны идаҟьаҿы акьыҧхьра.

Аконкурс алаҵаразы иаашьҭын 52 усумҭа. АҞӘАФОН акоманда аконкурс афинал алахәхаразы урҭ рахьтә иалнахит 12 усумҭа. Аусумҭақәа ралхразы критериа хадақәас иҟан: аҧшшәтәы гармониеи, агәылырҭәаареи, хәҭа-хәҭала игәылыршәаны анагӡареи.

Ажьырныҳәа 20 рзы иаужьын машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор, уи дагьалнакааит жәаҩаҩык афиналистцәа рҟнытә иаиааиз.   Аиааира лгеит аимадара ахархәаҩ Елана Езугбаиа. Уи иланашьан  аконкурс аҳамҭа хада - 4G  здызкыло апланшет Huawei.  Аҩбатәи ахҧатәи  аномерқәа  рықәшәеит Мадина Гәылариеи Аида Аџьбеи, урҭ ҳамҭас АҞӘАФОН аҟнытә ирыҭан асувениртә VIP-аалыҵ аизгақәа. 

Ажьырныҳәа 22 рзы Амаҵзуратә Центр хадаҿы ныҳәаҵас  имҩаҧысит аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара.   АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аиааира згаз ирыдырныҳәалеит, изыҧсахаз аҳамҭақәа рнапы иадыркит, ирзеиҕьаршьеит ари нахысгьы ақәҿиарақәеи агәазыҳәареи.

Аконкурс аҿы аиааира згаз ражәақәа рыла, акциа “Еиҳагьы улаша АҞӘАФОН уацны” ажьырныҳәатәи аҧсшьара мшқәа хадырҭәааит аныҳәатә гәалаҟазаарала, жәаҳәарада, урҭ ирыцырҵеит илашоу аҧшшәқәа.

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша