05-08-2015

Аицлабра “Иреиҕьу еидкыло” аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара

news_name

Аицлабра “Иреиҕьу еидкыло” аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН аҿы  иазгәарҭон акомпаниа аҧҵоуижьҭеи 12 шықәса аҵра. Аҧсны раҧхьатәи амобилтә еимадара 12 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, АҞӘАФОН анапаҵаҩцәа рзы асоциалтә ҳақәа рҿы еиҿнакааит аицлабрақәа хәба.

 Ҳазнысыз ашықәс азы Аҭынчра амҩаду аҿы иҟоу Амаҵзуратә Ҭыԥ ахыбраҿы АҞӘАФОН аусзуҩцәа  аҳамҭақәа рзыршеит аицлабрақәа “АҞӘАФОН – 12 шықәсеи” “АҞӘАФОН – иреиҕьу алоготип азыҧшаареи” рҿы аиааира згаз. Урҭ ирыҭан 4G  здызкыло HUAWEI апланшетқәа. Даҽа ҧхьахәык – асмартфон iPhone 6 ианашьан аонлаин-еицлабраҿы аиааира згаз,   Мокко аплиаж аҟны имҩаҧгаз аныҳәа «АҞӘАФОН Party» иалахәыз  асас.

Аха уиала АҞӘАФОН аҟнытә асиурпризқәа рыҭара хыркәшамызт. Ҧхынгәы 17 рзы Раҧхьатәи амобилтә оператор Instagram  ахатә даҟьаҿы  ирыланаҳәеит – “Иреиҕьу еидкыло” зыхьӡу даҽа еицлабрак ахацыркра.  Ари аицлабраҿы ишьақәыргылан ҩ-номинациак: “Амилаҭтә еихьӡареи” “АҞӘАФОН аҟнытә иреиҕьуи”,  иара убасгьы иазҧхьагәаҭан аҧхьахәқәа ҩба – асмартфонқәа  Apple  iPhone 6.

Аицлабра “Амилаҭтә еихьӡара” алахәхаразы иаҭахын Instagram  аҳаҿы знапы аҵаҩу  ари аицлабра амҩаҧгара  иазкны АҞӘАФОН иҟанаҵаз аинформациа арепост азура, анаҩс дасу иара ихатәы даҟьаҿы Аҧсны акультуреи, аҭҵаарадырреи, мамзаргьы аспорти рганахьала акрызҵазкуа еихьӡарак афото ма авидео акьыҧхьра, ахештегқәа #Национальноедостижение  #Аквафон12лет  ацҵаны.

Аицлабра иалахәыз дасу иҭан иуникалтәу аномер. Ҧхынгәы 23 рзы машәыршәа ахыҧхьаӡарақәа еиқәзыршәо агенератор ала далкаан иаиааиз.

Аноминациа “АҞӘАФОН аҟнытә иреиҕьу” аҿы ҧҟаррақәас иҟан: аконкурс амҩаҧгашьа атәы зҳәо АҞӘАФОН адаҟьа арепост аҟаҵара, алахәҩы игәаанагарала, АҞӘАФОН еиҿнакаахьоу апроектқәа иреиҕьу  афото ма авидео, ахештег #АквафонЛучшее ацҵаны акьыҧхьра.  Аха зегь реиҳа ихадаз, иалкаау апроект азы  иҧшаатәын иоригиналтәу аслоган.

 Нанҳәа 4 рзы АҞӘАФОН Амаҵзуратә  Ҭыԥ   ашәқәа аанартит  даҽа еицлабрак аҿы аиааира згаз рзы. Уи аҽны АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа  аҧхьахәқәа ранаршьон “Иреиҕьу еидкыло” зыхьӡыз аицлабраҿы аиааира згаз.

“Амилаҭтә еихьӡара” аноминациаҿы аиааира лгеит Рафида Амҷба. Хаҭала уи лномер ауп иалнахыз машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор иалнахыз.  Иреиҕьу аслоган авторс дыҧхьаӡан, аноминациа “АҞӘАФОН аҟнытә иреиҕьу” аҿы аиааирагьы лгеит  аслоган “Есымшааира иҟоуп угәы иҭашәаша” зхәыцыз Алана Басариа. Аицлабра ажиури иалахәыз ргәаанагарала хаҭала убри аҳәоуртәашьа зеиҧшыҟамала ианыҧшуеит АҞӘАФОН аидеологиа, уи есааира гәаҳәарас ишамоу  аимадареи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи раасҭа еиҳау акы  ауаажәлар рызнагара. Уи агәаҳәара ауп иҳәаақәызҵо  АҞӘАФОН хыҧхьаӡара рацәала аҧсҭазаара иаланарҵәо асоциалтә проектқәа.

АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аиааира згаз аҩыџьегьы ирырҭеит ирықәнагаз аҳамҭақәа – асмартфонқәа  iPhone 6.

АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа иара убас  азҿлымҳара ҷыда рзыҟарҵеит зегь реиҳа активра аазырҧшыз аицлабра алахәцәагьы. Аиааиразы  иаадырҧшыз агәаҳәаразы жәаҩык аицлабра алахәцәа АҞӘАФОН аҟнытә  ирыҭан VIP- асувениртә аалыҵ еизга.

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша