25-09-2015

АҞӘАФОН аусзуҩцәа Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә лицеи-аинтернат аҵаҩцәа Аҧсны Ахьыҧшымра Амш рыдырныҳәалеит

news_name

АҞӘАФОН аусзуҩцәа  Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә лицеи-аинтернат аҵаҩцәа  Аҧсны Ахьыҧшымра Амш рыдырныҳәалеит

Цәыббра 30, 1993 шықәсазы зхы иақәиҭтәыз Аҧсны иахашәыршәырит  АИААИРА абираҟ. Уи амш азы республика иаиуит аныҳәа хада – Ахьыҧшымра Амш.

Традициала акрызҵазкуа ари арыцхә аламҭалазы АҞӘАФОН ихацнаркуеит, ахгьы аланархәуеит апатриоттә хырхарҭа змоу  апроектқәа аҧсҭазаара раларҵәара. 

Ахьыҧшымра амшныҳәа иадҳәалаз аусмҩаҧгатәқәа рцәаҳәа хацыркын цәыббра 25 рзы К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҿы имҩаҧгаз акциа ала. Уи амш азы аинтернат ахыбраҿы имҩаҧысит Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы риааира 22 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа. АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа ари аныҳәа ашҟа рнапқәа ҭарцәны имааит. Алицеи-аинтернат ҳамҭас иазнаргеит аҧхьаҟа еиуеиҧшым  ашколтә усмҩаҧгатәқәа раан хымҧада ицхыраагӡа бзианы иҟало акустикатә аппаратура акомплект. 

Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә музеи-интернат азы 2015 шықәса ииубилеитәны иҟоуп. Сынтәа ари аҵараиурҭа 55 шықәса ахыҵит. Уи аамҭа иалагӡаны ари алицеи аҩбатәи ҩны гәакьаны ирзыҟалеит  ахәыҷқәа аӡәырҩы рабиҧарақәа. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь араҟа шамахамзар аҵара зҵоз забацәа аибашьраҿы иҭахаз ахәыҷқәа ракәын.  АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аныҳәа рыдырныҳәалеит алицеи апедагогцәа рколлективи аҵаҩцәеи, ирзеиҕьаршьеит  ари аҵараиурҭа иамоу атрадициа шьахәқәа реиқәырхареи реизырҳареи аус аҿы алшара.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша