28-09-2015

АҞӘАФОН аспонсоррала Мықә ақыҭа аҭыҧ змаз аусмҩаҧгатәқәа

news_name

АҞӘАФОН аспонсоррала Мықә  ақыҭа аҭыҧ змаз аусмҩаҧгатәқәа

Цәыббра 30 рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭараны иҟоуп ихадоу аныҳәа – Аиааира амш, Ахьыҧшымра амш.

Есышықәса, акрызҵазкуа  уи арыцхә аламҭалазы АҞӘАФОН ихацнаркуеит, ахгьы аланархәуеит апатриоттә хырхарҭа змоу  апроектқәа аҧсҭазаара раларҵәара.

Цәыббра 27 рзы Мықә ақыҭан ишьҭыхын аамҭакала  абираҟқәа ҩба – Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа аҿаҧхьеи “Мықәашҭа” акомплекс адәаҿи.

Иара убас цәыббра 27 рзы Мықәашҭа имҩаҧысит  Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны традициала имҩаҧырго аҽыбҕаҟазаратә спорт ала Аҧсны ачемпионат. Сынтәа Аҧсны Раҧхьатәи Ахада ихьӡ зху аҧхьахә агаразы аицлабраҿы аиааира игеит аҽыбҕаҟаза Инал Гәаланӡиа. Аҽы аҧшәымас дамоуп Беслан Абхазаа.

Уи инаҷыдангьы, АҞӘАФОН аспонсоррала сынтәа “Мықәашҭа” аҿы еиҿкаау аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳреспубликаҿы раҧхьаӡа акәны  имҩаҧысит  аҧсуа спорттә хәмарра “Аимҵакьача” азы атурнир. Ҩымш рыҩныҵҟала Очамчыратәи араион аҟнытә акомандақәа еицлабуан иахәаҧшуаз асасцәа зегьы рзы  иланарҧшыратә хҭыс ссирны иҟалаз, иҧшӡоу ари аҧсуа жәытә хәмарраҿы. Иара убас АҞӘАФОН спонсорс иҟалеит ари аицлабра аҧхьахә хадазы. Уи 20 000 мааҭ ыҟан. Ари аҧхьахә ргеит аицлабраҿы актәи аҭыҧ аанызкылаз Кәтолаа ркоманда. Аҩбатәи аҭыҧ ранашьан Ҷлоуаа ркоманда. Ахҧатәи ныркылеит Џьгьардаа, аҧшьбатәи рзынхеит Гәыҧ ақыҭа аҟынтәи аспортсменцәа.  

Ари аныҳәа лаша иацҵан зышьаҭа аҭоурых хара иаласоу, “Акьан” ҳәа изышьҭоу   даҽа жәытә хәмаррак ала.Уи ахәмарра аҧҟаррақәа ишырҳәо ала, адгьыл иҵадырсуеит иҳараку, ишшәырӡа ицәны иҟоу, зхы инаркны зшьапаҿынӡа ашша зыхьшьу ашьаҟа. Ашьаҟа ахыцәқәаҿы иқәдыргылоит быца ссала еибаркны иҟаҵоу, ахә змоу амаҭәарқәа рыла ирҭәу акалаҭ. Аӡәы ицхыраарак имамкәа раҧхьа уи ашьаҟа ихалаз, акалаҭ иҭоу амаҭәарқәа ҳамҭас иоуан.  Еилкаауп ари аныҳәаҿы аицлабрақәа рҿы аиааира згаз  рзы аҧхьахә хадақәас иҟаз зегьы АҞӘАФОНАА рҳамҭақәа шракәыз.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша