18-08-2015

Акциа “Жәаҩа ҳамҭа” аҿы аиааира згаз аҧхьахәқәа рыҭара

news_name

Акциа “Жәаҩа  ҳамҭа” аҿы аиааира згаз аҧхьахәқәа рыҭара

АҞӘАФОН амаҵзура  “Азҵаарақәа рпарад”  аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩымчыбжь рахьтә знык имҩаҧыргоит аҧхьахәқәа рырхәмарра ахьеиҿыркаауа акциа.  Ари акциа алахәылацәа – АҞӘАФОН абонентцәа, есымша рҭак ҟарҵоит еиуеиҧшым атемақәа ирызку азҵаарақәа. Акциацыҧхьаӡа ахыркәшамҭазы далкаахоит аиааира згаз. Уи хыҧхьаӡарала зегьы иреиҳаны азҵаарақәа рҭак ииашаны иҟазҵаз, иара уи алагьы зегь реиҳа абаллқәа зырҳаз абонент иоуп.

АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵра инадҳәаланы уи амаҵзура “Азҵаарақәа рпарад” ахархәаҩцәа ирызнархиеит асиурприз. Анапаҵаҩра аҳәаақәа ирҭагӡаны ихацыркын “Жәаҩа ҳамҭа”  зыхьӡу акциа. Уи аҿы иаразнак ала аиааира ргеит 12-ҩык алахәцәа.

 Нанҳәа 17 рзы Аҭынчра амҩаду аҿы иҟоу абонентцәа Рмаҵзуратә Тыԥ аҿы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аиааира згаз аҧхьахәқәа рзыршеит.

Аҧхьахә хада -  асмартфон Apple iPhone 6  ланашьан Алиса Кәарҷиа. Хаҭала уи лоуп хыҧхьаӡарала зегьы иреиҳаны абаллқәа зырҳаз, актәи аҭыҧгьы аанызкылаз.  Аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Анета Амҷба, уи иланашьан  апланшет Apple iPad Mini.  Ахҧатәи аҭыҧ згаз изы иазҧхьагәаҭан аҧаратә ҧхьахәы – 12 000 мааҭ. Уи даҧсахеит Фатима Бениа. Аиааира згаз  егьырҭ акциа  алахәцәа ирыҭан MP3-аплеерқәеи Apple iPod shuffle, иара убас  4G-амодемқәеи.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша