06-08-2015

Аҧсны Арок-Фестиваль мҩаҧысраны иҟоуп

news_name

Аҧсны Арок-Фестиваль мҩаҧысраны иҟоуп

Нанҳәа 7-и 8-и рзы Цандрыҧшь аҳабла Аҧсшьарҭатә база “Спорт” аҵакырадгьыл аҿы имҩаҧысраны иҟоуп арок-фестиваль “Аҧсуа ԥшаҳәа 2015”.

Афестиваль аиҿкааҩцәа – Аҧсны амотоспорт Афедерациа. Аинформациатә партниор –   Аилахәыра АҞӘАФОН.

Афестиваль рҽаладырхәуеит Урыстәылатәи  арок-сцена ахатәрақәа: агәыҧқәа  «Автографи» «Ариеи» рвокалистк иаҳасабала еицырдыруа иҟалаз, арок-музыкант – Артур Беркут, агәыҧ “Бахыт-Компот” аҧҵаҩы Вадим Степанцов, арок-гәыҧ «Монгол-Шуудан».

Арок абзиабаҩцәа ирзыҧшуп амцаҧшь ықәызҵо амузыкеи,  мшынҵас ихыш-хыҵәо аритмқәеи, уеилзырхуа алахҿыхреи.

Арок-фестиваль “Аҧсуа ԥшаҳәа 2015” ҩ-бырбалктәи аспорт абзиабаҩцәа реиқәшәара мацара акәым изызку,  уи инарҭбаау,  арлахҿыхгатә-еилкааратә ҵакы змоу хҭысуп  қәрала еиуеиҧшым  ауаа зегьы  рзгьы. Ари акультуратә усмҩаҧгатә хықәкы хадас иамоуп амотоспорт аизырҳара  ауаа разхьарҧшреи аҿар рырҿиаратә  хаҧшьгарак аҳасабала зыҧсы ҭоу амузыка аларҵәареи.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша