28-09-2015

Асамбо азы XII Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”

Асамбо азы XII Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”

Цәыббра 27 рзы Аҟәатәи аспорттә школ “Спартак” аҿы аӡҕабцәеи аҷкәынцәеи рыбжьара имҩаҧысит асамбо азы Х11 Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”. 

Асамбои адзиудои рзы Аҧснытәи афедерациа есышықәса традициала Ахьыҧшымра амшныҳәа аламҭалазы имҩаҧырго ари аспорттә хҭыс спонсор хадас иамоуп АҞӘАФОН.  Иазгәоумҭар залшом ари аицлабра иамоу амҽхак аҭбаара. Есышықәса иҭбаахоит уи иалахәу ргеографиа, иазҳауеит урҭ рхыҧхьаӡара.

Сынтәа ачемпионтә титул агаразы аицлабра рхы аладырхәит Аҧснынтәи, Урыстәылантәи, Алада Уаҧстәылантәи, Адыгеиантәи, Ҟарачы-Черқьессынтәи, Ҟрымынтәи, Ашьха Ҟарабахынтәи аспортсменцәа.  Арҭ арҧарцәа ҳтәылаҿы еизеит  еиуеиҧшым ақалақьқәеи ареспубликақәеи рҟынтәи, аха рызегьы аӡәыкны еиднакылон ахачҳареи, агәымшәареи, аиааира агәаҳәареи, зегь реиҳа ихадоу – аспорт абзиабареи.

Хымш имҩаҧысраны иҟоу аицлабра ашьҭахь иалкаахоит иаиааиз рыхьӡқәа. Аҧхьахәтә ҭыҧқәа ирҷыдангьы, ари атурнир аҿы иаҧҵоуп ҷыдалатәи аноминациақәа – “Иреиҕьу атехниказы”, “Аиааира агәаҳәаразы”. Урҭ рҿы иаиааизгьы  иранашьахоит аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи.

Иахьатәи аамҭазы асамбо азы Жәларбжьаратәи атурнир Аҧсны ахәыҷтәы спорт аганахьала зегь реиҳа зымҽхак дуу ҳәа иҧхьаӡоуп.

Асамбо аҧыжәара амоуп аҿар маха-шьахала разыҟаҵара, ргәаҳәара арыҕәҕәара, рыпсихологиа арӡрыжәра аус аҿы. Аицлабра иалахәу ус баша испортсменцәаӡам, урҭ – зхаҭара ҕәҕәоу, аиндаҭлара зҽалазырхәуа, иҧшӡоу аидыслареи ипфессионалтәу атехникеи ҳзырбо ауаа роуп.  

АҞӘАФОН уажәшьҭа акыршықәса ҵуеит ҳреспубликаҿы ахәыҷтәы спорт аизырҳара аидеиа иадгылоижьҭеи, уи аганахьала аспонсортә цхыраара ҟанаҵоижьҭеи. Араҟа  агәра ганы иҟоуп ҳтәыла аҧеиҧш зегь рыла изҩыданы иҟаларц азы ахәыҷқәа маха-шьахала, гәаҭала реизырҳара азыҳаҵҳаҵара – зегь раҧхьа ишыргылатәу ала. Уи аганахьала аспорт зегь реиҳа аперспектива змоу хырхарҭоуп.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша