02-12-2015

АҞӘАФОН астипендиақәа рыҭан иреиҕьу ААУ астудентцәа

news_name

АҞӘАФОН астипендиақәа рыҭан иреиҕьу ААУ астудентцәа 

Ҧхынҷкәын 2 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ныҳәаҵас иеиҿкааны имҩаҧган Иреиҳаӡоу ари аҵараиурҭа иреиҕьу астудентцәа «АҞӘАФОН-GSM» аҟнытә хаҭалатәи астипендиақәа рыҭара иазкыз  ацеремониа. 

2006 шықәса инаркны хаҭалатәи астипендиақәа рыҭарала АҞӘАФОН иалнакаауеит аҵаратә процесс аҿы иреиҕьны зхы аазырҧшыз, иара убасгьы аҭҵаарадырратә усура активла зхы алазырхәыз ААУ астудентцәа. 

2014 шықәса раахыс Аҧсны Раҧхьатәи амобилтә оператор Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы  аҧсҭазаара иаланарҵәеит, апоет, арккаҩы Омар Беигәаа ихьӡ зыхҵоу  даҽа стипендиатә программакгьы. Уи астипендиа роуеит Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы академиатә дыррақәа аазырҧшуа, ауаажәларратә ҧсҭазаарагьы активла зхы алазырхәуа, арепатриантцәа иреиуоу астудентцәа 8-ҩык.

Арҭ астипендиақәа аҩбагьы есымза ҩба-ҩба нызықь мааҭ ыҟоуп. 

Астипендиа зыҭахо рсиа ашьақәырҕәҕәара аламҭалазы имҩаҧысуеит АҞӘАФОН аҩныҵҟа еиҿкаау акомиссиеи астипендиа рыҭаразы ААУ афакультетқәа зегьы рдеканатқәа иалырхыз астудентцәеи реиҿцәажәара.

 2015-2016 аҵара шықәс актәи асеместр аҿы АҞӘАФОН астипендиа роуит абарҭ астудентцәа:

1.  Абиологиа-географиатә факультет:

Амедицинатә  биохимиа

4 акурс

Қаџьаиа  Диана Нодари-иҧҳа

Химиа

2 акурс

Машкова Наталиа Дмитри-иҧҳа

2. Афизика-математикатә факультет:

Ахархәаратә математика

4 акурс

Хәаџьаа  Софиа Леуан-иҧҳа

Ахархәаратә математика

3 акурс

Макаов Мураҭ Ҟазбеқ-иҧа

3. Агро-нџьныртә факультет

Агрономра

3 акурс

Ажьиба Алан  Владимир-иҧа

Атехнологиа

3 акурс

Кур-оглы Милана  Джон-иҧҳа

4. Апедагогикатә факультет

Аграфикатә дизаин

2 акурс

Аршба Камила Тариел-иҧҳа

Аҧсихологиа

3 акурс

Чернявски Александр Александр-иҧа

5. Аҭоурыхтә  факультет

Аҭоурых 

2 акурс

Чолокиан Алина Хорен-иҧҳа                                                                                    

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьа

3 акурс              

Иаилиан Карина Ашоҭ-иҧҳа

6. Азинҭҵааратә факультет

Аиуриспруденциа

3 акурс

Арӡынба Сариа Нури-иҧҳа

Аиуриспруденциа

3 акурс

Гунба Аманда Альберт-иҧҳа

7. Аекономикатә факультет

Афинансқәеи  акредити

4 акурс

Хутаба Қьаазым Илларион-иҧҳа     

Аекономика

3 акурс

Датиева Ника Емзар-иҧҳа

8. Афилологиатә факультет

Аҧсуа бызшәеи алитературеи

4 акурс

Гыцба Инал Гиви-иҧа

Аурыс бызшәеи  алитературеи

3 акурс

Ҭариа Елана Џьубеи-иҧҳа

2015-2016 аҵара шықәс актәи асеместр аҿы О. Беигәаа ихьӡ зху астипендиа зауз иреиуоуп:

1.  Абиологиа-географиатә факультет:

Атуризм

2 акурс

Гогәуа Маџьыҭ Рудуан-иҧа

2. Агро-нџьныртә факультет

Афымцаенергиа

2 акурс

Ҭлышәба Муҳаммаҭ Еззаҭ Фадел-иҧа

3. Апедагогикатә факультет

Аграфикатә дизаин

2 акурс

Арыҩҭаа Џьансеҭ Имад-иҧҳа

Аграфикатә дизаин

2 акурс

Альджабан Сара Низаровна

4. Аҭоурыхтә факультет

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьа   

     3 акурс

Арыҩҭаа Анзор Риад-иҧа

5. Афилологиатә факультет

Англыз бызшәа

2 акурс

Канбар Аҳмаҭ Валид-иҧа

Англыз бызшәа

2 акурс

Бирам Моҳаммаҭ Наџьм Еддин-иҧа

Англыз бызшәа

2 акурс

Канбар Алеқсандра Валид-иҧҳа

                            

Астипендиақәа рыҭара иазкыз аныҳәа хацыркын ААУ аректор Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа идныҳәаларатә қәгыларала. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит АҞӘАФОН-и Иреиҳаӡоу аҵараиурҭеи русеицура аҵакы заҟа иҳараку.

«АҞӘАФОН-GSM» аӡыргареи адәныҟатәи аимадарақәеи рыҟәша анапхгаҩы Гета Арӡынба лара лганахьала, иҭабуп ҳәа ралҳәеит Алеко Алықьса-иҧеи, ауниверситет адеканцәеи арҵаҩцәеи ас еиҧш абаҩхатәра злоу астудентцәа рааӡаразы, аҵараиурҭатә усбарҭа аҵара-ааӡаратә база аиқәырхареи, уи наҟ-наҟ аизырҳареи алыршаразы имҩаҧырго аус азы. Ҷыдала иҭабуп ҳәа лалҳәеит АҞӘАФОН ари астипендиатә программа аларҵәара анхацыркха, раҧхьатәи ашықәс инаркны аус зцыруа, ааӡаратә усқәа рзы ААУ апроректор Медеиа Чегьиа. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аганахьала ас еиҧш иҟоу адгылареи аиҧыларатә цхыраареи ыҟамызҭгьы, ари апроект амҩаҧгара залыршахомызт.

Анаҩс имҩаҧган астудентцәа астипендиа рыҭара ацеремониа. Урҭ зегьы рнапаҿы идыркын астипендиа зҭаз аконвертқәеи, АҞӘАФОН астипендиантцәа шракәу атәы зҳәо асертификатқәеи, ашәҭ шьыҵәрақәеи.    

Жәшықәса уажәаҧхьа раҧхьаӡа акәны АҞӘАФОН астипендиақәа рырҭеит абаҩхатәра злаз аҿар, убри инаркны уи ахырхарҭа есааира иацҵо, есышықәса иаҿуп ақәҿиара змоу, аџьа бзиа избо астудентцәа ралкаара.   

АҞӘАФОН ари астипендиатә программа шьақәыргыло, хықәкы хадас иаман ган рацәала аҵара зҵо рхацыркра адгылара, урҭ рықәҿиарақәеи рҽазышәарақәеи рбареи разхаҵареи, ҧхьаҟатәи реизҳара агәазҭаҵара. Мшәан ақәҿиара ззыҧшу ааҧсарак ҟамҵакәа зхы аус адызуло, аус ду ашҟа зхы хоу, изызҳауа иами?!

 

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша