25-02-2015

АҞӘАФОН спонсорс иамоуп “Аамҭа ахыҧштәык” зыхьӡу апроект

news_name

АҞӘАФОН спонсорс  иамоуп “Аамҭа ахыҧштәык” зыхьӡу апроект

Хәажәкыра 3 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысуеит Ельвира Арсалиа авторс дызмоу арҿиаратә проект “Аамҭа ахыҧштәык”.  Уи алыршоуп АҞӘАФОН иҟанаҵаз  ахадаратә спонсоррала.  

Апроект азкуп амилаҭтә маҭәа астудиа “Астудиа А” арҿиаратә усура 15 шықәса ахыҵра.

Апроект алахәцәа – ацәамаҭәа асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиа, афотоҭыхҩы Отто Лакоба, апроект амодельқәа рхаҿсахьеи рстиль аҧызҵаз Маиана Ҵәыџьба –    “Аамҭа ахыҧштәык” аҿы ирылшеит акостиум, афотографиа, аинтериер уҳәа акымкәа-ҩбамкәа ахырхарҭақәа аамҭакала реидкылара.

Шықәсык аҩныҵҟала ари апроект азы ҷыдала иаҧҵан аиҭашьақәыргылареи аҩычареи релементқәа злаз акостиумқәа, апавилион аҿы имҩаҧгаз ақәыргыларатә фотоҭыхрақәа, иҟаҵан афотоҭыхымҭақәа напылатәи абромраӡнытә мҳәырқәа.

Апроект аӡыргара аҽны, ҿыц еиҭашьақәыргылоу атеатр афоие аҭӡамцқәа рҿы, акамертә оркестр инанагӡо амузыка абжьы хаа иаҧнаҵо, иманшәалоу аҭагылазаашьаҿы имҩаҧгахоит ХХ ашәышықәса алагамҭа иаҵанакуа, алирикатә цәа зхоу, игәыку аҳәса рхаҿсахьақәа аазырҧшуа   50 фотоҭыхымҭа рцәыргақәҵа.  Афотоҭыхымҭақәа зегьы инеибеиҧшны рышәагаа 0,5х0,6м. иҟоуп.  Уи инаҷыдангьы  аӡыргара ахьымҩаҧысуа аҭыҧ аҟны ишьақәыргылоу апроектор аекран ала ахәаҧшцәа идырбахоит апроект “Аамҭа ахыҧштәык” аҩбатәи ахәҭа шьаҭас иаиураны иҟоу даҽа 200 фотоҭыхымҭа.

Апроект автор лажәақәа рыла: “Аамҭа ахыҧштәык” – ари ҿымҭрала ахаҿсахьақәа ирныҧшуа, уаҩы иимбацыз аиҭакра дуқәеи, аибашьрақәеи, ажәлар рахыҵрақәеи, аиҧырҵрақәеи, аиҧыларақәеи рыла иҭәыз иҳаҩсыз аепоха азнеироуп”.

АҞӘАФОН зегьы  ааҧхьара рынаҭоит  аҟазара адунеи уагәылазхало, дарбанзаалак ацәанырратә гәалаҟазаара лаша изынзыжьуа апроект “Аамҭа ахыҧштәык” аӡыргара ашҟа!

Апроект есымшатәи афотоҭыхымҭақәа рекспозициа иацҵахоит Ахәыҷтәы рҿиаратә Ҩны “Аинар” аҿы. Уи ыҟазаауеит  хәажәкыра 3 инаркны 20 рҟынӡа. 

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша