16-07-2015

Шәача имҩаҧысуа Александр Семенцов ицәыргақәҵа

news_name


Шәача имҩаҧысуа  Александр Семенцов ицәыргақәҵа

 

Ҧхынгәы  16 рзы Шәачатәи Асахьаркыратә музеи аҿы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны  акыраамҭа инхоз, уи иааигәаны иадҳәалаз  аурыс сахьаҭыхҩы Александр  Семенцов иусумҭақәа рцәыргақәҵа аартра. АҞӘАФОН уи ацәыргақәҵа аинформациатә партниорс иқәгылеит.

Ари ацәыргақәҵа аартызаауеит ҧхынгәы 16 инаркны нанҳәа 17 рҟынӡа. Шәачатәи Асахьаҭыхратә музеи аҿы ахәаҧшцәа ироуеит  асахьаҭыхҩы “Аҟәатәи иаамҭа” иаҵанакуа 50 инареиҳаны иусумҭақәа  рколлекциа рбартә еиҧш алшара. Ари аамҭа иатәу аусумҭақәа рҿы иаарҧшуп  ХХ ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа раан Аҟәа ахаҿы, ҳаҳҭны қалақьи уи акәша-мыкәшеи иҟаз аҧсҭазаара.  Ацәыргақәҵа асасцәа  ирбоит  зколорит абеиара бзианы иаарҧшу,  иблахкыгоу Александр Семенцов и-Аҧсны. Аҟәатәи адәҳәыҧшқәа,  илакьы-лакьуа амҩахәасҭақәа рыгәыкра, амшын  ацәқәырҧақәа  рыхәмарра, зыхьӡ легендахаз акафе “Амра” иаҵаз аромантика, иара убас уи аамҭазы асахьаҭыхҩы дызҭаауаз егьырҭ ақалақьқәа жәпакы рмотивқәа.

Александр Николаи-иҧа Семенцов (1941-2005) – Аҧсни,  СССР-и,  Санкт-Петербурги Рсахьаҭыхҩцәа Реидгылақәа  дрылахәылан. Уи – апеизажи анатиурморти дрызҟазан. Александр Семенцов насыҧс иман абаҩхатәра ду злаз аграфик, Араӡнытә шәышықәса  иаҵанакуаз асахьаҭыхҩы Васили Шухаев иҿы аҵара.  Иара убас уи иқәашьхеит Аҟәа инхоз “авангард амазонкацәа” ирхаҭарнакыз Варвара Бубновеи иареи реибадырра. 

20 шықәса инареиҳаны Александр Семенцов дынхон, аусгьы  иуан Аҟәа. Уи ирҿиара, хымҧада, ианыҧшит. "Аҟәатәи аамҭа” иатәу аколлекциа ҷыдала излалукааша –  уи аамҭазы ауп асахьаҭыхҩы ианыҟаиҵаз имариамыз ашьаҿа – афизикеи (автор аус иуан Аҟәатәи афизикатә институт аҿы) аҿыханҵеи рыбжьара  аҿыханҵа алхра. Уи аамҭазы аҟаза иаҧиҵеит хыҧхьаӡара рацәала аусумҭақәа.  Асахьаҭыхҩы иҭаацәа ирылшеит аибашьра аамҭа уадаҩ аан ари аколлекциа аиқәырхара, иахьа уи аҧсы ҭоуп,  Аҧсны иҟоуп.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша