29-09-2016

АҞӘАФОН-и АУЕ “Кьараз”-и Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 23 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаҧыргаз асоциалтә акциақәа.

АҞӘАФОН-и АУЕ “Кьараз”-и Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 23 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаҧыргаз асоциалтә акциақәа.

Цәыббра 30,  1993ш. - Аҧсны аҭоурых ианылаз рыцхәуп. Абар уажәшьҭа 23 шықәса ҵуеит цәыббра 30 рзы ҳреспубликаҿы  иазгәарҭоижьҭеи Аҧсны жәлар аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира аныҳәа.

Есышықәса, акрызҵазкуа ари арыцхә аламҭалазы АҞӘАФОН  еиҿнакаауеит 1992-1993 шш. рзтәи Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рыцхыраара хықәкыс измоу асоциалтә акциақәа.

Сынтәа АҞӘАФОН-и АУЕ “Кьараз”-и еицымҩаҧыргеит Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҿы инхо ахшара рацәа змоу, зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу 22-ҩык аибашьра аветеранцәа хықәкыла рыцхыраара хырхарҭас измаз асоциалтә акциа. Уи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аветеранцәа рзы иахьа зыда ҧсыхәа ыҟам аҩнытәи атехникеи, иара убас хәарҭара злоу  егьырҭ абзазаратә маҭәахәқәеи  раахәаразы АҞӘАФОН иианагеи 350 нызықь мааҭ аҧара.

Раҧхьатәи амобилтә аоператор ианакәзаалак азҿлымҳара ҷыда анаҭоит  Аҧсны аҭынчреи аманшәалареи згәабзиареи зыҧсҭазаареи ақәызҵаз аибашьра аветеранцәа рыцхыраара иазырхиоу акциақәа.

 «АКӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша