10-05-2016

Аиааира Ду 71 шықәса ахыҵит!

Аиааира Ду 71 шықәса ахыҵит!

Лаҵара 9, 1945 шықәса – адунеи аҭоурых наунагӡа ианылаз рыцхәуп. Уи амш азы, москватәи аамҭала 0 сааҭи 43 минуҭи рзы иҟалеит адунеи  акәакьқәа зегь рҿы инымҵәаӡоз акыр шықәса иззыҧшыз ахҭыс ду. Убасҟан еилгеит миллионла ауаа рхы зқәырҵаз, афашизм иаҿагыланы аибашьра.

Абри агәалашәаратә мшы аҽны ҷыдала иуныруеит ажәлар ракзаара, иеилаӡҩоит абиҧарақәа рыбжьара иҟоу аҳәаақәа, зегьынџьара аҳра ауеит аныҳәатә гәалаҟазаара.  

 Аҧсны ақалақьқәа зегьы рҿы,  Аиааира Ду амш иазку агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧысуеит амемориалтә баҟақәа рҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа ҳаҭыр-пату рықәҵара.

Ианаҧҵаз амш инаркны, аилахәыра АҞӘАФОН ахы рыланархәуеит хыҧхьаӡара рацәала  асоциалтә акциақәеи апроектқәеи рымҩаҧгара. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ацхыраара рыҭара – АҞӘАФОН раҧхьаӡа излагаз, есышықәса имҩаҧнаго аусқәа ируакуп.

Есышықәса ари акциа алыршаразы АҞӘАФОН аусзуҩцәа имҩаҧыргоит акымкәа-ҩбамкәа азыҟаҵаратә усқәа. Аџьеи, аусурҭа амазаареи, асоциалтә хәдықәҵареи рминистрреи 1941-1945 ш.ш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа Реидгылеи рышҟа есышықәса аҳәара ҟарҵоит ҳтәыла иқәынхо уи аибашьра аветеранцәеи арратә тәанчаҩхәы зауеи  рсиа аилкааразы. Урҭ асиақәа ҵаҵҕәыс иҟаҵаны, аветеранцәа аматериалтә цхыраара рырҭоит. Сынтәа ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны  1941-1945 ш.ш. рзтәи аибашьратә хҭысқәа ирылахәыз ауаа ртәанчаҩхәы ирзацҵан АҞӘАФОН аҟнытә хҧа-хҧа нызқь мааҭ аҧара.

Раҧхьатәи амобилтә еимадара аусзуҩцәа ари акциала даҽазныкгьы ИҬАБУП ҳәа рарҳәоит ари АНЫҲӘА ДУ, АИААИРА ДУ адунеи ҳамҭас иазҭаз афырхацәа.

 Лаҵара 9 – аамҭакала иагьгәырҕьагоу иагьлахьеиқәҵагоу ныҳәоуп. Есышықәса иагхоит аныҳәа ду ҳзаазгаз  рхыҧхьаӡара.

Изалшом урҭ рфырхаҵара арыцхәқәа  рҭагӡара, ажәалагьы аиҭаҳәара.

Ҳара урҭ  рҿаҧхьа ҳхырхәоит!

Наунагӡа иаҳгәалашәоит!

Аиаара Ду амш шәадныҳәалаз!

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша