16-12-2016

АҞӘАФОН абзоурала имҩаҧгаз акциа «АССИР ӼАМҬАС».

АҞӘАФОН абзоурала  имҩаҧгаз акциа «АССИР ӼАМҬАС».

Уажәшьҭа итрадициахеит Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «КЬАРАЗ» аусура АҞӘАФОН аҽалархәра.   Абар ҩышықәсоуп ари Аиҿкаара имҩаҧнагоижьҭеи Ашықәс Ҿыцазтәи акциа «АССИР ҲАМҬАС». Уи хықәкыс иамоуп  зыбзазаратә лшара маҷу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы Ашықәс Ҿыцазтәи агәаҳәарақәа рынагӡара.

Ҵыҧх уажәааны имҩаҧысыз акциа «АССИР ҲАМҬАС» рҽаладырхәит: Москва инхо Аҧсуаа рдиаспора, Ҭырқәтәыла инхо Аҧсуаа рдиаспора, Аҿар ирызку аполитиказы Аҧснытәи Аҳәынҭкомитет, Аҧснытәи Аҵәахырҭатә банк, ахеидкыла «ПРЕМИУМ». Аопттә шьҭаҵарҭа «Ахәмаргақәа рдунеи», Очамчыратәии Гәылрыҧшьтәии араионқәа Рхадарақәа, АЗК «АЗИД», иара убас зыкапан дуу алагала ҟанаҵеит  амобилтә еимадара АҞӘАФОН.  Абарҭ аиҿкаарақәа зегьы еицаадырҧшыз азышәарақәа ирылҵшәаны, иалыршахеит  120 ҭаацәара рыҟнытә 500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рыргәырҕьара.Убарҭ рахьтә ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыҟнытә 300-ҩык ақыҭа хәыҷқәа идырбан Аҟәа,  С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр аҟны имҩаҧысуаз Ашықәс Ҿыцазтәи ақәгылара «Асҭыҧҳа», егьырҭ ахәыҷқәа рҳамҭақәа рыҩнқәа рҿы инаганы ирыҭан. 

Сынтәа «КЬАРАЗ»-и АҞӘАФОН-и иара убас иазҧхьагәаҭаны ирымоуп акциа иаҵанакуа рхыҧхьаӡара арҭбаара. АҞӘАФОН ахахьы иагеит агәыҳалалратә еиҿкаара ахылаҧшра зырҭо ахәыҷқәа 80-ҩык  ргәаҳәара нагӡо, урҭ рзы иааизганы  150 000 нызықь мааҭ рыхә  аҳамҭақәа раахәара.  

Ҧхынҷкәын 12 рзы АҞӘАФОН аофис ашҟа инаган ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа зегьы. АҞӘАФОН аусзуҩцәа  иаадыртит ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду ишҟа  ирҩыз, ргәаҳәарақәа знырҵаз урҭ асалам шәҟәқәа. Сынтәа Аҵаа Бабаду ироль нарыгӡоит АҞӘАФОН-и агәыҳалалратә еиҿкаара «КЬАРАЗ»-и.

Асалам шәҟәқәа ирҷыдангьы, Раҧхьатәи амобилтә оператор иҟанаҵаз ахатә хацыркрала, зыбзазаратә лшара маҷу аҭаацәарақәа рзы  иаанахәоит 50 фымцатә рҧхақәа.

Уажәазы  аҳамҭақәеи атауарқәеи раахәара иаҿуп,  Ашықәс Ҿыц аламҭалазы АУЕ «КЬАРАЗ» аусзуҩцәа Аҵаа Бабаду имаҭәа рышәҵаны, асалам шәҟәқәа зҩыз ахәыҷқәа ирзыршараны иҟоуп иззыҧшу аҳамҭақәа. Урҭ ирҭахуп Ашықәс Ҿыц иацу аныҳәа-гәырҕьаратә цәаныррала идырҧхарц ахәыҷқәа рыгәқәа, ирырҭарц аҧсҭазаараҿы  ассир, аџьашьахә шыҟоу агәрагара!

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша