28-12-2016

Ашьапықәыргыларатә центр

Ашьапықәыргыларатә центр

Уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит АҞӘАФОН ацхыраара азыҟанаҵоижьҭеи  зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра иатәу Ашьапықәыргыларатә центр. Цәыббра мзазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, ацентр аҿы зҽызхәышәтәуа ахәыҷқәа ыҟан Пицундатәи адельфинари аҿы, уаҟа урҭ ирзырхиан аинтерес зҵаз ирҿыхагаз, аилкааратә программа.

Сынтәа  ацентр ахәыҷқәа рзы иаздырхиеит ииашаҵәҟьаны Ашықәс Ҿыцтәи алакә. Ацентр анапхгара еиҿыркааит хәыҷы цыҧхьаӡа Аҧсны Раҧхьатәи амобилтә еимадара аҟнытә дзеилаҳауаз аҳамҭа ахьирҭоз, ҧшшәы рацәала ирхиаз Ашықәс Ҿыцазтәи ахәылҧаз. Аҳамҭақәа иааизганы 50 нызықь мааҭ рыхә ыҟан.  Ари аусмҩаҧгатәы АҞӘАФОН аҟнытә далахәын ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызҭаз, ашықәс ҿыц рыдызныҳәалаз, агәабзиареи ргәаҳәарақәа зегьы  рынаӡареи рзеиҕьазшьаз уи ахаҭарнак Асҭан Барцыц.

Аиҭаҳәара уадаҩуп заҟа гәырҕьаратә емоциа рнаҭаз ахәыҷқәа арҭ аҳамҭақәа. Мшәан уи дара рзы ус баша ҳамҭамызт, уи анаҩстәи ршьапықәыргыларазы агәыҕра ду рызҭоз стимулын.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша