19-08-2016

Colors of Nation Амилаҭ аҧшшәы аҟнытә ацәыргақәҵа «АРТ-МОЗАИКА»

Colors of Nation Амилаҭ аҧшшәы аҟнытә ацәыргақәҵа «АРТ-МОЗАИКА».

Нанҳәа 19,  2016 ш. ақ.  Гагра Аколоннадаҿы Гагратәи араион ахадареи Аҧснытәи асоциалтә-культуратә хацыркрақәа Рфонди рыцхыраарала имҩаҧысит  акоманда Colors of Nation Амилаҭ аҧшшәы еиҿнакааз  раҧхьатәи ацәыргақәҵа “АРТ-МОЗАИКА”.  Уи апроект спонсор хадас иҟан Аилахәыра АҞӘАФОН. Апроект Colors of Nation Амилаҭ аҧшшәы хықәкыс иамоуп аҟазара аганахьала, арҽиаратә уаа рыблақәа рыла Аҧсны аӡыргара. Ари апроект алыршаразы ахархәара рырҭоит еиуеиҧшым амыругақәа: ацәыргақәҵақәа, агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа, аҧсуа сахьаҭыхҩцәеи афотографцәеи русумҭақәа  ирылхны аалыҵқәа рҭыжьра, асоциалтә аҳақәа рҿы PR рактивтәра.

“Ҩ-лаҧшык. Ҩ-тәылак” ахьӡуп Colors of nation/Амилаҭ аҧшшәы апроект хадақәа руакы. Ари апроект аидеиа хадас иамоуп – иҿыцу, истандарттәым Аҧсны ахаҿы абаразы аҭагылазаашьа аиура.

Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны  2015 шықәса цәыббразы Аҧсныҟа дааит  израильтәи афотоҭыхҩы Лиа Гельдман, имҩаҧысит апроект аӡыргара, еиҿкаан  уи иалахәыз, Израили Аҧсни рҟнытә   афотоҭыхҩцәа уаанӡа ирымаз аусумҭақәа рыла ацәыргақәҵа.  Уаҟа  дасу итәыла гәакьа, иқалақь гәакьа иара иблала иаарҧшын. Уи инаҷыдангьы еиҿкаан  израильтәи афотоҭыхҩы (асаит Beinisrael.com аредактор хада) иҧылара. Уи мҩаҧысит  аплиаж «ВОЛНА» аҿы, иазкын аинтернет-медиа аҧҵара.  Аилахәыра АҞӘАФОН  ари аусмҩаҧгатәы спонсор хадас иҟан.

Апроект ахыркәшаратә етап - акультуратә еимдара алҵшәақәа рӡыргара мҩаҧысит Гагра ақалақь. Араҟа  еиҿкаан аусумҭақәа реқспозициеи, аҧсуа сахьаҭыхҩцәеи афотоҭыхҩцәеи рпринтқәа зныҧшуа иҟаҵаз аҭыжьымҭақәа рӡыргареи.  Уи афотографцәа Ибрагим Ҷкадуа, Алан Воуба, Денис Шәырдлаа, Аруҭан Ҷыҭанаа,  Гиа Ҧлиа, асахьаҭыхҩцәа  Саид Возба, Адгәыр Ҧлиа,  Гәыранда Барцыц, Асҭамыр Кәыҵниа, Адгәыр Амҧар, Мадонна Аргәын, Александр Семенцов русумҭақәа ракәын.

Ахәылҧаз мҩаҧигон – Ерик Миқаа.

Ари аусмҩаҧгатәы асасцәа рзы ирхиан игәыҟаҵагоу асиурпризқәа маҷымкәа, урҭ зегьы ирыцын  ашәаҳәаҩцәа Нана Черқьезиа-ҧҳа, Елена Семенцова, Асҭамыр Кәыҵниа, амузыкарҳәаҩы Арам Аведикиан (адудук) , аинструменталтә квартет «Каприччио» инарыгӡоз  амузыка ссир, иара убасгьы зыҧшӡара ухнахуаз аҧхынтәи амра аҭашәамҭа.

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша