23-08-2016

Ҧицунда ақалақь аҿы имҩаҧгаз агәыҳалалратә хәылҧазы.

news_name

Ҧицунда ақалақь аҿы имҩаҧгаз агәыҳалалратә хәылҧазы.

Нанҳәа 22,  2016 ш. рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аинформациатә спонсортә хадарала  Ҧицундатәи ауахәама Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы имҩаҧысит ичмазаҩу ахәыҷқәа рыцхырааразы аҧара аизгара хықәкыс иҟаҵаны,  Ахҧатәи Есышықәсатәи Агәыҳалалратә хәылҧазы.  

Аусмҩаҧгатәы аиҿкааҩ – Аҧснытәи асоциалтә-культуратә хацыркрақәа Рфонд. Афонд ахықәкы -  иҷыдоу, технологиа ҳаракыла ахәшәтәра зҭаху Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхо згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыцхрааразы  абизнеси ауаажәларреи рҧара адгалара.

Раҧхьаӡа акәны ас еиҧш зымҽхак ҭбаау апроект аусура хацыркын 2014 шықәсазы. Ҩ-шықәса рыҩныҵҟала еизган имаҷымкәа аҧара. Убас, 2014 шықәсазы еизыргеит  373 110 мааҭ, 2015 шықәсазы ирылшеит 436 110 мааҭ аҧара аизгара. Еизыргаз аҧара  афонд «Ашана» хылаҧшра ззыруа ахәыҷқәа рзы ирырҭеит.

Ари амш азы имҩаҧысит аилахәыра «Абрыскьыл» аалыҵи, Мариа Ҧлиа-ҧҳа  лҿыханҵатә Студиа  иҭоу ахәыҷқәа русумҭақәеи, иара убас абренд «Colors Of Nation» аалыҵи рцәыргақәҵа-ҭира.   Ахәылҧаз аҩбатәи ҟәшаны иҟалеит ҳтәыла  аоператә сцена артистцәеи Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә акамертә оркестри еицымҩаҧыргаз аконцерт. 

Аконцерт иалахәын: Лука Гаделиа (аорган), Елмас Чаилак (афортепиано), Кристина Ешба (асопрано), Альдона Цкәуа (асопрано), Асҭамыр Кәыҵниа (атенор), Асида Шьакаиа (асопрано), Нана Черқьезиа (асопрано), Армен Хачатуриан (абаритон), Алла Оҭырба (афортепиано), Барас Кәыҿба (афортепиано).

Ахәылҧазы амҩаҧгаҩ -  Асида Царгәыш.

Ари аконцерт аҿы еизган  459 105 мааҭ аҧара. Сынтәатәи агәыҳалалратә хәылҧазы аҿы еизгаз аҧара зегьы ахыҧхьаӡалан Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана». Уи дәықәҵоуп неитропениа зыхьӡу ачымазара зыциз ахәыҷы Шәлымба Сандро Ахра-иҧа ихәшәтәразы.

 «АКӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша