17-02-2016

Бзиа еибабо Рымш иазкны имҩаҧгаз амузыкатә хәылҧазы

news_name

Бзиа еибабо Рымш иазкны имҩаҧгаз амузыкатә хәылҧазы 

Жәабран 14  рзы аресторан “Ерцахә” аҿы имҩаҧысит ашықәсан зегь реиҳа аромантикатә цәа зхоу аныҳәа Бзиа еибабо Рымш  иазкны амузыкатә хәылҧазы. Ахәылҧаз апрограмма шьақәгылан  апроект “АБЖЬЫ-3” алахәҩы Илиа Кирееви Москватәи  иреиҕьу  аклубқәа ррезидент DJ Pasha Pandеи рықәгыларала. Артистцәа ицәырыргеит аинтерес зҵаз амузыкатә  программа –  RNB, SOUL, HIP-HOP, FUNK' уҳәа реилаӡҩарала иҟаҵаз акоктеили иреиҕьу акәашаратә трекқәеи.   

Ахәылҧаз аинформациатә спонсорс иҟан АҞӘАФОН. Уи аныҳәатә концерт асасцәа ирызнархиеит еиуеиҧшым асиурпризқәа, иара убасгьы имҩаҧнагеит 4G здызкыло  Huawei апланшет аҧхьахәс иқәҵаны архәмарра.  Уи архәмарраҿы аиааира лгеит Марианна Ҭарҧҳа.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша