10-08-2016

Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт «Grand Opera Gala

news_name

Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт  «Grand Opera Gala»

Нанҳәамза 9,  2016 шықәса,  асааҭ 20:00  рзы Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахацыркрала, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҧснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр алархәны, имҩаҧысраны иҟоуп  аҧсуа оператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа аҩбатәи рконцерт «Grand Opera Gala». Ари аусмҩаҧгатәы спонсор хадас иамоуп – Аилахәыра АҞӘАФОН.     

  Аконцерт рхы аладырхәуеит  Урыстәыла иреиҕьу Иреиҳаӡоу амузыкатә ҵараиурҭақәа  раушьҭымҭацәа,  иара убасгьы урҭ рҿы аҵара зҵо аҧсуа нагӡаҩцәа ҿарацәа: Нана Черқьезиа-ҧҳа (асапрано), Алхас Ферзба (абас), Армен Хачатуриан (абаритон), Асида Шьакаиа-ҧҳа (асапрано), Асҭамыр Кәыҵниа (атенор), Альдона Цкәуа-ҧҳа (асапрано), Саид Гобечиа (абаритон).

Абар уажәшьҭа ҩ-шықәсоуп аконцерт «Grand Opera Gala» ахәаҧшцәа ҳамҭас ирырҭоижьҭеи хашҭра зқәым авокалтә хәылҧазы. Ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа рзыӡырҩцәа зегьы аларгалоит  ибеиоу, зеиҧшыҟам ала иссиру аклассикатә музыка адунеи.

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа  рыҟәша