21-08-2016

Апроект «Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» ахҧатәи аҟәша аҭыхрақәа

Апроект  «Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» ахҧатәи аҟәша аҭыхрақәа.

2011 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН адгылара азнауит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара  иазку амузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аҧҵара аидеиа. Абар уажәшьҭа хә-шықәса ҵуеит Раҧхьатәи амобилтә оператор ари апроект спонсор Хадас иҟоуижьҭеи.  

Апроект азкуп зегь реиҳа иҵаулоу атема – Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра, уи хымҧада  ианаҭоит иҷыдоу, зегь еидызкылоу анархамч. Ари апроект иалоу ашәақәа иарбанзаалак рхатәы ҭоурых рымоуп. Ашәа цыҧхьаӡа ажәлар ргәалашәараҿы иҟоуп, избанзар иназыгӡо  усҟантәи ахҭысқәа шаҳаҭцәас ирымаз афырхацәеи урҭ рхылҵшьҭреи роуп.

Нанҳәа 14, 2012 шықәсазы зӡыргара мҩаҧгаз апроект раҧхьатәи ахәҭа иагәылалеит шамахамзар иуҧымло аибашьратә хроника аҟнытә акадрқәа. Урҭ афильм аҿы, аамҭак иҳацану – аиааира згаз абацәа зыҧсахыз абиҧара злахәу, ҳаамҭазтәи  ҷыдала иқәыргылоу аҭыхрақәа ирылаӡҩаны иҟаҵоуп.

Адырҩашықәсаны,  1992-1993 шш. рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааирамш аҽны  имҩаҧысит аҩбатәи ахәҭа аӡыргара.  Уи иагәылалеит Мрагыларатәи афронт  аҧхьатәи ацәаҳәаҿы иҭыхыз иуникалтәу аибашьратә хроника.  Иара убас аҭыхрақәа раан иалыршан аибашьраан Мрагыларатәи афронт аҿы асолдаҭцәа аҭабиақәа рҿы  инарыгӡоз  12 ашәа аус рыдуланы разырхиара.Урҭ дасу рзы иаҧҵан амузыкатә клипқәа. Ари апроект дарбанзаалак Аҧсны атәылауаҩы игәаҵа аҟынӡа инаганы инарҵауланы идикылеит! Еиҳаракгьы – еиҵагыло аҿар! Уи еиҳагьы ауаҩы дзеигәырҕьаша усуп, избанзар  абиҧара ҿыц рзоуп зегь раҧхьаӡагьы изаҧҵо апроект “Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы!”

Сынтәа имҩаҧысуеит ахҧатәи ахәҭа аҭыхрақәа.  Ари – аибашьра шықәсқәа раан зегь бзиа еицырбаз акомпозициақәа еиҭарҿианы ҳамҭас иҳазҭаз амузыкатә фильм ахыркәшаратә аккорд ауп.

Ҧсахра зқәым арежиссиор Ҭемыр Қәычбериеи уи аус ицызуа автор Емма Хәаџьаа-ҧҳаи напхгара ззыруа арҽиаратә гәыҧ – гәыла-ҧсыла аибашьра иарҿиаз амузыка зныруа уаауп. Урҭ абарҭ ашықәсқәа зегьы ааҧсарак ҟамҵакәа иаҿуп ари аҭоурыхтә проект аҧҵара!

Асценари инашьашәаланы, арҿиаратә гәыҧ дҵаны рҽаҧхьа ишьҭоуп имаҷымкәа  аибашьра аамҭазтәи акрызҵазкуа ахҭысқәа реиҭашьақәыргылара: Гагра ахақәиҭтәразы аидысларақәа, марттәи ажәылара, Аҟәа ахақәиҭтәра.  Афильм аҿы иҟалоит ирацәаны аиумор, афронт аҿы ирҳәоз алафқәа, насгьы, ҳәарада, уи иалалоит аҿар рабиҧара ргәалашәараҿы ахааназ иаанхо афырхаҵаратә ашәақәа.

Апроект ахҧатәи ахәҭа иагәылоуп зенергетикатә мҽхакы акыр иҕәҕәоу амузыкатә композициа  “Амарџьақәа”. Уи ҳаамҭа иашьашәалоу, иҿыцу аранжировка аздырхиеит Анри Гәымба напхгара зиҭо  амузыкарҳәаҩцәа ргәыҧ «AMA RECORDS», убасгьы Ҭемыр Агрбеи, Алхаси Алмасхани Марколиааи  русеицурала. Ари акомпозициа авторсгьы нагӡаҩысгьы дамоуп Ҭемыр Ҭаниа.

Иара убасгьы, ахҧатәи ахәҭа аҭыхрақәа рҿы ихы алаирхәит аклипқәа акымкәа-ҩбамкәа рсценари аҟаҵараҿы автортә усеицуреи, арежиссиор ицхырааҩи рфункциақәеи, амузыкатә композициақәа акык-ҩбаки  назыгӡо Ерик Миқаа. 

«Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» - ари зымҽхак ахәшьара уадаҩу, иуникалтәу проектуп. Уи хықәкы хадас имаоуп абиҧарақәа реимадара, урҭ  рышьҭрамадара аииқәырхара.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша