11-08-2016

Архәмарраҿы аиааира згаз АКӘАФОН аҟнытә iPhone 6s аҧхьахә ҳасабла иҭара!

news_name

Архәмарраҿы аиааира згаз  АКӘАФОН аҟнытә iPhone 6s  аҧхьахә ҳасабла иҭара!

Аилахәыра  АКӘАФОН аҿы традициа бзианы иҟоуп уи абонентцәа рзыҳәан аинтерес зҵоу аицлабрақәеи, акциақәеи, архәмаррақәеи рымҩаҧгара.   Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Раҧхьаӡатәи амобилтә оператор асоциалтә аҳақәа рҿы иара ахатәы аофициалтә  даҟьақәа рҟны имҩаҧнагон  аурыси адунеитәи аестрада аеҵәақәа рконцертқәеи, Аҧсны имҩаҧысуаз еиуеиҧшым акультуратә ныҳәақәа  рышҟа абилеҭқәа рырхәмарреи. Иара убасгьы зыхә ҳараку аҳам0ақәа рыла иалыркаауан зегь реиҳа активра аазырҧшуаз ахархәаҩцәа.  

Зегь реиҳа илашоу хҭысны АҞӘАФОН азы иҟоуп, есышықәса ҧхынгәы 15 рзы  инарҭбааны иазгәарҭо  ари Аилахәыра  амшира. Ҳәарада, сынтәагьы АҞӘАФОН  уи амш аҽны иара  абонентцәа зҿлымҳарада иннамыжьит. Ҧхынгәы 14 рзы Амҳаџьырқәа Рыгаҿаҟны имҩаҧысит зегь реиҳа аинтерес зҵаз аҳамҭақәа рырхәмарра амҩаҧгаразы  ашықәсан  еиҳа аинтерес зҵаз  Акциа.  Уи – аиахта ала  амшынтә ныҟәареи Ауадҳара аҧсшьареи рзы асертификатқәа. Анаҩс, зегь реиҳа иззыҧшыз аҳамҭа – зегь бзиа еицырбахьоу  Аилахәыра Apple афлагман - iPhone 6s. Ари Акциа алахәхаразы иаҭахын Амҳаџьырқәа Рыгаҿа аҟны ишьақәыргылаз  апресс-ҭӡы афон аҿы афотоҭыхра, уи  афотографиа Instagram ахатәы даҟьаҿы анҵара, ахештег #яркиевпечатлениясАквафон ҳәа ацҵаны,     Акциа анымҩаҧысуа аамҭазы ахатәы профиль аартны, Instagram аҳаҿы  адаҟьа @aquafon4g аҟны  анапаҵаҩра. Анаҩс арҭ аҧҟарақәа назыгӡаз алахәцәа зегьы ирыҭахон аишьҭагыларатә номерқәа. Ҧхынгәы 15, АҞӘАФОН амшира аҽны машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор ацхыраарала, иалкаахеит изықәҿиаз 5-ҩык рномерқәа.

Архәмарраҿы аиааира лгеит,  iPhone 6s   ланашьахеит Есма Шьенгьелиа-ҧҳа. Хаҭала лара лномер ауп  алахәцәа рсиа аҟнытә раҧхьаӡа иалкаахаз, хаҭала лара лоуп  АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы ныҳәаҵас имҩаҧгаз ацеремониаҿы iPhone 6s знапы иадыркыз.  Егьырҭ, «АҞӘАФОН аҟнытә ацәанырра лашақәа» зыхьӡыз Акциа аҿы иаиааиз ҧшьҩык, Ацәқәырҧаҿы АҞӘАФОН амшира иазкны сынтәа еиҿкааз  арцыхцыхгатә хәылҧазы AQUAFONLIVE аҿы ирыҭан аҳамҭатә сертификатқәа.

«АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша