22-04-2016

АҞӘАФОН аҟнытә iPhone SE архәмарраҿы аҧхьахә згаз рыҭара

news_name

АҞӘАФОН аҟнытә iPhone SE архәмарраҿы аҧхьахә згаз рыҭара

Акрааҵуеит АҞӘАФОН аҟны еихаҳауа иааргоижьҭеи атрадициа шьахә – аинтерес зҵоу аконкурсқәеи, акциақәеи, архәмаррақәеи рымҩаҧгара, иара убасгьы уи активла зхы алазырхәуа ралкаара. Сынтәа ашықәс ианалага аахыс асоциалтә аҳақәа рҟны Раҧхьатәи амобилтә оператор адаҟьаҿы имҩаҧган аконкурсқәа жәаба инареиҳаны: Урыстәылеи адунеи аҿи еицырдыруа анагӡаҩцәа рконцертқәа рахь, мамзаргьы ҳтәылаҿы зегь реиҳа иалукааша аусмҩаҧгатәқәа рышҟа абилеҭқәа рырхәмарра, иара убас зыхә маҷым аҧхьахәқәа рыла АҞӘАФОН адаҟьақәа рҿы знапы аҵазҩыз, активлатәи ахархәаҩцәа ралкаара.   Урҭ зегь рахьтә еиҳа зымҽхак ҭбааз еицлабраны иҟалеит Apple ахеидкыла аҟнытә иҿыцу – асмартфон iPhone SE архәмарра.

Хәажәкыра 21 рзы асмартфонқәа рҭыжьраҿы адунеи аҿы аҧхьагылара змоу ари ахеидкыла аофициалла адунеи ианардырит уаанӡатәи амодельқәа иреиҕьу рҟазшьарбагақәа зегьы зыҟны еизганы иҟаҵоу  ари адеваис. Убри амш аҽны АҞӘАФОН “Ҳара еизаҳгеит зегь иреиҕьу” ҳәа ажәаҳәа ҟаҵаны, акоммерциатә усуразы иҭнажьит “Есымша аимадараҿы” зыхьӡу  ахәхшәааратә планқәа рсериа ҿыц. 

Хаҭала уи ауп Раҧхьатәи амобилтә оператор азы  игәышьҭыхганы иҟалаз ахатә аалыҵ ҿыц аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, iPhone SE аҧхьахә хаданы  иҟаҵаны, архәмарра амҩаҧгара.   Архәмарра анымҩаҧысуаз аамҭазы iPhone SE Аҧсни Урыстәылеи аҭирҭақәа рҿы ицәырымҵыцызт. Аха аконкурс аиҿкааҩцәа  ажәа рҭиит, ҳтәыла ашҟа аҭиразы атехникатә адәқьан «30 секунд» иаанаго раҧхьатәи асмартфон  АҞӘАФОН имҩаҧнаго архәмарраҿы аиааира згаз хаҭала ишиҭахо ала.  

Ари аицлабра уаҩы иимбац азҿлымҳара аиуит, уи еизнагеит ахааназ иҟамлацыз ахыҧхьаӡара – 1700-ҩык инареиҳаны алахәцәа.  Архәмарра аиҿкааҩцәа ирыӡбеит иацырҵарц аҧхьахәқәа даҽа хәба. iPhone SE иаҷыданы идырхәмарит Colors Оf Nation асвитшотқәа хәбеи АҞӘАФОН ахархәаҩцәа рзы Аинтернет-трафик апакетқәа хәбеи.

 iPhone SE архәмарраҿы ахалархәразы иаҭахын АҞӘАФОН адаҟьаҿы знапы аҵаҩу ахархәаҩцәа Инстаграм аҳаҿы @aquafon4g адаҟьа рнапы аҵаҩра, иара убасгьы аицлабра аҧҟаррақәа зну анҵамҭа арепост аҟаҵара. Анаҩс арҭ аҧҟаррақәа назыгӡаз алахәцәа ирыҭан аишьҭагыларатә номерқәа. Мшаҧы 1 азы машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа Ргенератор ацхыраарала иалкаан фҩык архәмарраҿы изықәҿиаз алахәцәа.

Аихшьалақәа рыҟаҵара иахьынӡалшо иаартны, зегьы ирбартә иҟаларц азы машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа Ргенератор аусура мҩаҧысуан  онлаин Periscope аҳаҿы.

Архәмарраҿы аиааира лгеит Мрамза Адлеиҧҳа. 1737-ҩык алахәцәа рыҟнытә хаҭала уи лномер ауп иалхыз,  хаҭала уи лоуп АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ хадаҿы   знапы иаркыз Аҧсны раҧхьатәи iPhone SE.

Аиааира згаз егьырҭ хәҩык алахәцәа  аныҳәатә ҭагылазаашьа рзаҧҵаны ирыҭан Colors Оf Nation  асвитшотқәеи, АҞӘАФОН VIP-асувениртә аалыҵқәа реизгеи. Иара убас ирзахыҧхьаӡалан Аинтернет-трафик аҧхьахәтә пакетқәа.

  

 ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша