14-07-2016

“АНЫРРА ЛАШАҚӘА АҞӘАФОН УАЦНЫ” зыхьӡу акциа алахәхаразы аҧҟаррақәа

news_name

“АНЫРРА ЛАШАҚӘА АҞӘАФОН УАЦНЫ” зыхьӡу акциа алахәхаразы аҧҟаррақәа

“АНЫРРА ЛАШАҚӘА АҞӘАФОН УАЦНЫ” зыхьӡу акциа мҩаҧысуеит Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәа, Аколоннада аҧхьа (акаҳуажәырҭа “Акоп иҿы” азааигәара) Ҧхынгәы 14, 2016 ш. Асааҭ 20:00 инаркны 22:00 рҟынӡа.

 “Анырра лашақәа АҞӘАФОН уацны” зыхьӡу акциа  аҽалархәразы Шәара хымҧада ишәҭахуп:

  • АҞӘАФОН абонентра;
  • АҞӘАФОН атарифтә планқәа иарбанзаалак ахархәара азура (Атарифтә план “Амшын”* ада);
  •  Instagram аҳаҿы @aquafon4g адаҟьа аҟны аҽаҵаҩра;
  • Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҿы Аколоннада аҧхьа апресс-ҭӡы афон аҿы афотоҭыхра;
  •  Instagram аҟны ахатәы профиль аҿы афотосахьа акьыҧхьра, ахештег #яркиевпечатлениясАквафон ҳәа арбаны;
  • Акциа мҩаҧысуанаҵы ахатәы профиль аартны аҟаҵара.

ЕГЬЫРҬ АҦҞАРРАҚӘА 

Акциа зҽалазырхәуа иҟнытә афотографиақәа рыдыркылоит Ҧхынгәы 14 2016ш.  20:00 сааҭ  инаркны Ҧхынгәы 15  2016ш.12:00 сааҭ рҟынӡа;

  • Акциа иалахәу абонентцәа рсиа урҭ ирыҭоу аномерқәа анҵаны икьыҧхьхоит асаит www.aquafon.com аҿы   Ҧхынгәы 15  2016ш. асааҭ 12:00 рзы;
  • Акциаҿы аиааира згаз алххоит машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор ала Ҧхынгәы 15, 2016ш. асааҭ 13:00 рзы;
  • Алаҳәара аныҟаҵаха нахыс ҩ-сааҭк рыҩныҵҟала аиааира згаз ақәҿыҭра ҟаимҵар, аҧхьахә ианашьахоит асаит  ианыз асиаҿы уи ишьҭахь ицо акциа алахәҩы;
  • Асиурпризқәа рыҭахоит ашҭа “АЦӘҚӘЫРҦА” аҟны еиҿкаахо аусмҩаҧгатә аҿы. Ҧхынгәы 15  2016ш. асааҭ 20:00 рзы.

АҦХЬАХӘҚӘА

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирхәмархоит асертификатқәа 5:

  •  асертификатқәа 2 -  Ауадҳара хымштәи аҧсшьареи  + ҽыла аныҟәарақәа ҩбеи. Асертификат  4-ҩы уаак рзы;
  •  асертификатқәа 2 -  иахтала амшынтә ныҟәара (8-ҩык) +   ипрофессионалтәу афотосессиа.
  • Асупер-приз iPhone 6S

*  Аҳаамҭақәа рыҭара аамҭала аҿҳәара ахьынаскьаго иахҟьаны, Акциа аҧҟаррақәа Атарифтә план “Амшын” абонентцәа аҵанакӡом. Акциа аҧҟаррақәа инарышьаршәаланы, аҧхьахә ҳасабла ироуз асертификатқәа  рхархәара ауеит 2016 шықәса нанҳәа мза иахымгакәан.

Инарҭбаау аинформациа аҭел: 999-99-99 ала.