29-12-2016

КЬАРАЗ

КЬАРАЗ

Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара “КЬАРАЗ” акциа “АССИР ҲАМҬАС” хыркәшан ҧхынҷкәын 26 рзы. Аҵаа Бабаду иахь Ашықәс Ҿыц азы зегь реиҳа изеиҧхыӡуаз ргәаҳәарақәа анҵаны асалам шәҟәқәа рҩит ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыҟнытә 550-ҩык ахәыҷқәа. АҞӘАФОН аҭакҧхықәра ахахьы иганы ргәаҳәара нанагӡеит 80-ҩык ахәыҷқәа, ацхыраара рзыруит  50 зматериалтә бзазара бааҧсу аҭаацәарақәеи – иааилаҵаны 400 нызықь мааҭ рыхә аҳамҭақәа рзыршеит. 

Аҳамҭақәа зегь аахәоуп, аофис ашҟа инагоуп. Традициала  ишаҧу еиҧш,  АҞӘАФОНИ  КЬАРАЗИ  русзуҩцәа Аҵаа Бабаду имаҭәа рышәҵаны, урҭ ашықәсҿыцазтәи  аҳамҭақәа рызшара иалагахьеит.Ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду иҟнытә ирҭаххаз аҳамҭақәа даара еиуеиҧшым. Урҭ рыбжьара  иҟоуп амобилтә телефонқәа, хыҧхьаӡара рацәала еиуеиҧшым  ахәмаргақәа, амаҭәа ҧхақәа, аимаақәа, аха ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН  зегь реиҳа акрызҵазкуаны иҟанаҵаз – зматериалтә бзазара уадаҩу 6 ҭаацәарак рзы 10 нызықь мааҭ рыхә  50 цыра арҧхагақәа аархәеит.

 АҞӘАФОН ари акциа аҧсҭазаара аларҵәара азуны,  “КЬАРАЗ”иҟанаҵаз  ахацыркра    иадгылаз  раҧхьа игылоуп. Уи иалҵшәаны, жәаҩыла аҭаацәарақәа аматериалтә цхыраара рыҭан.  Цәыббра мза 2015 шықәса инаркны Раҧхьатәи амобилтә аоператор  ахахьы иагеит  Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “КЬАРАЗ” официалла партниорс иҟалеит, убри инаркны уи аофис аусура афинанстә цхыраара аҭаразы есымза аҧара  ахнаҧхьаӡалоит.

 Ашықәс Ҿыц ааиразы мышқәак роуп иаанхаз, аха “КЬАРАЗ” ахылаҧшра зырҭо ахәыҷқәа рыҩнқәа ашә иасны иҩналахьеит Ашықәс Ҿыц азтәи ассир. Зыҧсҭазаара уадаҩу, зчымазара уашәшәыроу ахәыҷқәа рҭаацәарақәа агәырҕьареи алахҿыхреи рызнагаразы, урҭ рыгәқәа гәыҳалалрала рырҧхаразы.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша