10-06-2016

АУЕ “Кьараз” аҳасабырбатә конференциа.

news_name

АУЕ “Кьараз”  аҳасабырбатә конференциа.     

Лаҵара 9 рзы  асасааирҭа “Атриум-Викториа” аконференц-зал аҿы  имҩаҧысит Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” раҧхьатәи аҳасабырбатә конференциа.

АУЕ “Кьараз” аҧҵан 2015 шықәса,  мшаҧымзазы. Ари аиҿкаара аусураҿы хықәкы хадас ишьҭнахит  социалла ихьчам Аҧсны атәылауааи зыҧсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу ауааи рыхьчара. “Кьараз” аусураҿы  аҧыжәара анаҭоит ахшара рацәа змоу аҭаацәареи, ақыҭауааи, Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи рыцхраара. Урҭ аҭаацәарақәа рҿы ирызҳауеит зҭагылазаашьа даара иуадаҩу, амлакреи ахьҭакреи закәу бзианы издыруа ахәыҷқәа. 

Аконференциаҿы тема хадақәаны иҟан:

  •     Афонд шықәсык аҩныҵҟала аусуразы аихшьаала иазку  аинформациа аҟаҵара
  •     Очамчыратәи араион ақыҭақәа рҿы иҟаҵаз амониторинг алҵшәақәа рцәыргара
  •     Иааиуа ашықәс азы Афонд аусура аганахьала иҟаҵоу   азҧхьагәаҭа хадақәа рылацәажәара

   Ари аиҿкаара ахацыркрақәа раҧхьаӡа ирыдгылаз  иреиуоуп АҞӘАФОН. Уи “Кьараз”  акциақәа раан иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны,  жәаҩыла аҭаацәарақәа аматериалтә цхыраара рыҭара алыршан. Цәыббра мза 2015 шықәса инаркны Раҧхьатәи амобилтә оператор хыдҵас иҟанаҵеит Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” аофициалтә партниорс аҟалара, убри нахыс  есымза  ари аиҿкаара аофис аусура ацхрааразы хықәкылатәи  аҧара азоунашьҭуеит. Иара убасгьы уи ганрацәала ацхыраара анаҭоит  аинформациатәи аиҿкааратәи ахәҭақәа рҿгьы. “Кьараз” аусура адгылараҿы АҞӘАФОН ихадоу принципқәаны иамоуп  Аҧсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи азаагаразы еибашьуаз ауаа ацхыраара рзыҟаҵара, уи ацхыраара аҭыӡҭыҧтәра, даҽакала иуҳәозар, хаҭала абри ақыҭаҿы, абри аҩнаҭаҿы  хьыӡҳәала ауаа ацхыраара рыҭара. Уи згәы былуа ауаа хәы змам рлагалауп зҭагылазаашьа уадаҩу,  ахьаа змоу, игәаҟуа ауаа рыҧсҭазаараҿы. Избанзар агәыҳалалра – згәы цқьоу, арыцҳашьара злоу ауаажәларра ирдырга ҟазшьоуп.               

Шықәсык аҩныҵҟала “Кьараз” аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧсҭазаара иаларҵәаз акциақәа иреиуоуп:

«Насыҧ зцу цәыббра 1». Ари акциа амҩаҧгара иалҵшәаны ахшара рацәа змоу 50 ҭаацәара рҟнытә 200-ҩык ахәыҷқәа еибыҭан ашколтә маҭәахәқәа рыла.

 Агәыҳалалратә цәыргақәҵа-ҭира ”Аҧсны ақьырсиантә баҟақәа”. Ари ацәыргақәҵаҿы еизгаз аҧарақәа зегьы дәықәҵан  абылра иахҟьаны хыбрада иаанхаз Араду ақыҭантәи  ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыҩны аргылара ашҟа.  

«Агәы аҧхарра». Ари акциа хықәкы хадас иаман малла иҕару аҭаацәарақәа рзы  амаҭәа ҧхақәа реизгара. Акциа рҽаладырхәит 100-ҩык инареиҳаны ауаа, иара убасгьы ҳтәыла ашколқәеи акоммерциатә еиҿкаарақәеи.

Ашықәсҿыцазтәи акциа  «Ассир Хамтас». Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны  еиҿкаан ахшара рацәа змоу  аҭаацәарақәа рҟны изызҳауа 300-ҩык ақыҭа хәыҷқәа  Аҟәаҟа раагара. Урҭ араҟа иахәарҧшын С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысуаз  ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә қәгылара “Асҭыҧҳа”. Ирыҭан ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа.

«Ақыҭа аиҭарҿиара”. Ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭаҿы инхо 74 ҭаацәара ирзаахәан 50 шьаҭа амандаринеи, аҳаи, аҵәеи, афеихоеи реиҭаҳатәқәа

 

Шықәсыктәи аусура иалҵшәаны “Кьараз” аволонтиортә гәыҧ аҟнытә адгылара зҭаху аҭаацәарақәа еиуеиҧшым социалтә хырхарҭала рыцхыраара алзыршо команданы иҟалеит.

Амониторинг. АУЕ “Кьараз”  аусура мҩаҧнагоит  асоциалтә дгылареи ацхыраареи зҭаху аҭаацәарақәа реилкаара иазку абаза ашьақәыргыларазы. Хазы ашьақәыргылара иаҿуп ацхыраареи асоциалтә дгылареи зҭаху Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рбаза .

Ашьаратә(анатуралтә) цхыраара.  Агәыҳаларатә Еиҿкаара “Кьараз” аофис аҿы еиҿкаауп амаҭәақәеи, ауаҩы зыда ҧсыхәа имам абзазаратә маҭәахәқәеи рыдкыларҭеи реихшареи иазку,  еиҧмырҟьаӡакәа аус зуа  аҭыҧ – “Асоциалтә дәқьан”. Аҧсны иқәынхо ауаа инаргоит  ахәыҷқәеи адуцәеи рзы амаҭәа, ашьаҵа, агигиена иаҵанакуа амаҭәарқәа, абзазаратә маҭәахәқәа, аҩнымаҭәа, афатә.    

 

 Аусура астимул.   Ари ахырхарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны “Кьараз” аус адырулоит, иара убасгьы аларҵәаразы иазҧхьагәарҭоит ақыҭанхамҩатә аарыхра астимул аҭарази, дара ахылаҧшра ззыруа ауаа рџьатә хацыркрақәа рҿы ацхыраара рыҭареи ирызку апроектқәа. 

Анхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра.  Амониторинг аҳәаақәа ирҭагӡаны  иаарҧшу, зынхарҭатә ҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩу, иаарласӡаны ацхыраара зҭаху  аҭаацәарақәа ироуеит аҭыӡҭыҧтә цхыраара. Еиҳарак уи рынхарҭа хәҭаклатәи аиҭашьақәыргылара, афымцамҩангага амашәыр аҧыхра, ӡыла реиқәыршәара, иара убас ихымҧадатәиу абзазаратә, агигиенатә ҭагылазаашьа рзаҧҵара ауп. Ацхыраара амҽхак зыдҳәало,  агәыҳалалратә цхыраара ҟазҵо инарышьҭуа аҧарақәа рхыҧхьаӡаруп.  

Аҵараҿы ирылшо ацхыраара. Агәыҳаларатә Еиҿкаара “Кьараз” ахшара рацәа змоу аҭаацәа рҿы амониторинг мҩаҧнагоит, ахәыҷқәа ашкол  бжьазыжьуа, ма наҟ-наҟ иҭаларц ргәы иахьҭоу аилкааразы. Убасала иалхын ахцәыҟаҵаратә ҟазара зҵарц зҭахыз, аха акурсқәа рылахәхаразы аҧара змамыз гәыҧҩык аҭыҧҳацәа. Иахьазы “Кьараз” аусзуҩцәеи  Аҟәатәи астудиақәа руаки ирыбжьарҵеит аиқәышаҳаҭра. Уи иабзоураны астудиа хәыда-ҧсада шықәсыбжак ицо акурсқәа рҿы ҭыҧк-ҭыҧк  рырҭоит. Аҭыҧҳацәа руаӡәк уажәазы уи акурс далганы аусура лыҧшаахьеит. 

Ирылшо амедицинатә цхыраара.  Аҭаацәарақәа ргәабзиара аиҕьтәра хықәкыс иҟаҵаны,   «Кьараз» ацхыраара иаҳәоит амедицинатә усбарҭақәа рҟнытә.  Иара убас  имҩаҧыргоит зцәа зтәым аҳәса ралкаара. Урҭ ирыцклаҧшуеит раҧхьатәи амзақәа раан, иара убасгьы ирыцхраауеит ахшараиурҭа аҟнытә ианылырҩаауа. 

Азинтә консультациақәа рзымҩаҧгара.  Аиҿкаараҿы иаадырҧшуеит ацхыраагӡатә, атәанчаҩхәы, ахымхәара зырҵабыргуа уҳәа ашәҟәқәа еиқәыршәаны измам аҭаацәарақәа, урҭ ирыцхраауеит адокументқәа рпакет аиқәыршәараҿы, аҳәынҭқарратә цхыраара роуа иалагарц азы уҳәа убас егьырҭгьы.

АҞӘАФОН АУЕ «Кьараз» аусура аҽаланархәуеит.

Шәара шәлагала ҟашәҵарц шәҭахызар,  иахьагьы ишәымоуп алшара.

1.Идәықәышәҵа  SMS  ажәа «Семья» ҳәа анҵаны  9009 аномер ашҟа (SMS-к ахәҧса  – 20мааҭ).

2.Иҟашәҵа USSD акоманда *127*агәыҳалалратә ҳамҭа аихшьала#.

3.аҧ  №40703810100000000038 иахышәыҧхьаӡала аҧара

4.Иҟашәҵа апрофессионалтә цхыраара (азинтә, амедицинатә уҳәа уб.егь.)

5.Ирзыҟашәҵа шьаралатәи (анатуралтә) цхыраара ( фатәы-жәтәыла, маҭәала, уҳәа уб.иҵ.)

 

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимдарақәа рыҟәша