23-12-2016

Ахәыҷтәы шәҟәы “Аҭоурых қьиақәа” аӡыргара

Ҧхынҷкәын 23 2016 шықәсазы Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ “Аинар” азал лашаҿы имҩаҧысит ахәыҷтәы шәҟәы “Аҭоурых қьиақәа” аӡыргара. Иссиру ажәеинраалақәеи ажәабжь кьаҿқәеи авторс дрымоуп Марина Аҩӡ-ҧҳа.

АҞӘАФОН ари аҭыжьымҭа спонсорс иҟан.

 Ашәҟәы “Аҭоурых қьиақәа” ахәыҷқәа реиҧш адуцәагьы ирызкуп. Урҭ рҿы жәеинраалала еиҭаҳәоуп зыхьӡ Аҧсны иадҳәало аҧшьацәа – Симон Кананит, Андреи Аҧхьанаҧхьа, Иоанн Златоуст уҳәа егьырҭгьы  рҭоурыхқәа ааркьаҿны.

Уаҩ деигәырҕьартә иҟоуп ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи автор игәҭакы нагӡаны  иаазырҧшуа аиллиустрациақәа рыла иахьхарҭәаау.

Урҭ ажәабжьқәа рыцыҧхьаӡа, маҷк аҟара ашә цәдырҵраауашәа, агәыҕра ҟарҵоит ахәаҧшҩы қәыҧш нас ихала азҿлымҳара ҟаҵаны, аҧшьацәа рыҧсҭазаара дагәылалап ҳәа.

Аӡыргараҿы имҩаҧган ашәҟәы зиллиустрациақәа агәылалаз асахьаҭыхыҩцәа қәыҧшцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Ашкол асахьаҭыхратә зал аҿы еизеит автор лҩызцәа, АҞӘАФОН-и ҳтәыла арҿиаратә интеллегенциеи рхаҭарнакцәа. Аӡыргара иалахәыз асасцәа зегьы гәахәара дула ирыдыркылеит ҧшшәы рацәала еиҿкаау ахәыҷтәы литература.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша