09-08-2016

Аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны аҳкәажә 2016”, “Аҧсны мини-мисс 2016”.

news_name

Аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны аҳкәажә 2016”, “Аҧсны мини-мисс 2016”.

Нанҳәа 8,  2016 шықәсазы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы  имҩаҧысит аҧшӡареи абаҩхатәреи  есышықәсатәи рфестиваль “Аҧсны аҳкәажә 2016”-и “Аҧсны мини-мисс 2016”-и. Афестиваль аиҿкааҩ – Акультуратә Фонд L-STAR. Аинформациатә партниор Хада – Аилахәыра АҞӘАФОН.   

Аҧшӡареи абаҩхатәреи  есышықәсатәи рфестиваль “Аҧсны аҳкәажә 2016”-и “Аҧсны мини-мисс 2016”-и амҩаҧгара хықәкыс иамоуп гәыцқьарала аҧсҭазаашьеи, акультуреи, аҧшӡареи, агармониеи, иара убасгьы ауаҩы ихаҭара аизырҳареи, аҿар адоуҳареи, аестетикатә гьамеи  рылааӡара. Аҧснытәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль аҿы аиааира занашьахаз, аҧхьахәқәа згаз  аҭыҧҳацәа еиҧмырҟьаӡакәа рхы аладырхәуеит жәларбжьаратәи   аҧшӡара аконкурсқәа.

Аконкурс «Аҧсны аҳкәажәи»  «Аҧсны мини-мисси» мҩаҧыргоит   2007 шықәса раахыс.  Сынтәа уи рҽаладырхәит  қәрала еиуеиҧшым акатегориақәа рҿы еицлабуаз 27-ҩык аконкурсантцәа.

Ажиури иҟарҵаз абжьыҭира иалҵшәаны, “Аҧсны мини-мисс 2016” ҳәа ахьӡ лыхҵан Гьеч-ҧҳа Симаза, атитул “Аҧсны аҳкәажә 2016” ланашьан Ноеми Киульиан.

Афестиваль иалахәыз зегьы ирыҭан агәыргьынқәеи агәалашәаратә ҳамҭақәеи.

«АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша