02-08-2016

Фазиль Искандер игәалашәара иазку ахәылҧаз!

Фазиль Искандер игәалашәара иазку ахәылҧаз!

Идунеи иҧсахит ҳара ҳ-Фазиль, иҭабеит Чегьем асахьаркыратә дунеи  ҳзаазыртыз, ауаҩы идоуҳатә ҧсабара аҧшаара иазкыз, агәаҕьра ду злаз аиумор злаз, ахәыҷра агәхьаагаратә мозаика ҭызхуаз, аҵабырг иҵаулоу афилософиатә ҵакы  аҧшаара  хықәкыс измаз  -    ашьха рҩаш еиҧш ихышхыҵәоз  Арҿиаратә Енергиа. Ихыркәшоуп  АРҾИАҨЫ  иҟазаашьатә сиужет... Фазиль  ҳаанижьит наӡаӡа, аха рыҧсы ҭоуп уи иҩымҭақәа рсахьаркыратә дунеиқәа, урҭ рҿы ҳанхоит ҳаргьы.

Нанҳәа 2, 2016 шықәсазы, Аҟәа Амҳаџьырқәа Рыҧшаҳәаҿы, Искандер ирҿиамҭақәа рфырхацәа Чики Никеи рскульптуратә фигурақәа рҟны АҞӘАФОНи Аҿар рполитика иазку Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Еилаки еицымҩаҧыргоит  Фазиль Абдул-иҧа Искандер игәалашәара иазку Акциа  “Ҳара ҳ-Фазиль”.

 Аҟәатәи аҧшаҳәаҿы ауаа рыбла зыргәырҕьо  Искандер ифырхацәа Чики Никеи рскульптурақәа – зегь раҧхьаӡагьы, Фазиль Абдул-иҧа  ирҿиара ашҟа жәлары зегьы ирымоу абзиабара  иаршаҳаҭганы иҟоуп, уи даҽа зныкгьы ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра азхаҵара ауп изызҳәо. Абиҧарала еимдо изыҧхьо  ашәҟәқәа рҿы зыҧсы ҭоу арҭ аскульптуратә композициақәа  лабҿаба иаҳдырбоит аиҩызареи агәыҳалалреи ҳаразкуа ацәаныррақәа, урҭ ыҟазаауеит наунагӡа ҳџьынџьуаҩ ду игәалашәара амырӡра иадырганы. 

Фазиль Искандер  ирҿиара аҧхьаҩ  дыхнахуеит уи  аҵаулареи,   аҧсҭазаареи,  ауаатәыҩса реизыҟазаашьақәеи рҿы  ашәҟәыҩҩы ду   иааирҧшуа,  даҽакы иаламҩашьо,  ихатә дунеихәаҧшышьала.  Фазиль иҧсҭазаара иалҵра -  харҭәаашьа змам цәыӡ дууп иара дызлыҵыз  аҧсуа жәлар зегьы рзы.

Ари ахәылҧаз азы  Фазиль и-Мухус  аперсонажцәа – абронзатә скульптурақәа рҿаҧхьа  иаркхоит хыҧхьаӡара рацәала ацәашьқәа, агәалашәаратә хәылҧазы мҩаҧгахоит еицырдыруа акультура аусзуҩцәеи, аҧсуа интеллигенциеи, аҽари рхаҭарнакцәа алахәны.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша