16-09-2016

Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ацхыраара азура.

Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ацхыраара азура.

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа – ҳтәыла зегь иреиҳау ахәышәтәырҭа-профилактикатә усбарҭақәа ируакуп. Аха уи амҽхак шдуугьы, ахәышәтәырҭа аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩуп. Ари ахәышәтәырҭатә усбарҭазы ираҧхьагылоу апроблемақәа иреиуоуп – аматериалтә-техникатә базеи  акадрқәеи  рзымхара, ахыбра шьаҭанкыла аиҭарҿыцра.

Ҳазнысыз ашықәс азы АҞӘАФОН ахәышәтәырҭа аиҳабы иҟаиҵаз аҳәара иақәҿыҭны, ареанимациатә ҟәша аиҭарҿыцразы 600 нызықь мааҭ аҧара рырҭеит. Аусурақәа  рацәаны имҩаҧган.  Ирҿыцны иҟаҵоу ареанимациатә палата мацара акәӡам иахьа ари ахәышәтәырҭаҿы изхыҽхәаратәы ирымоу.

Сынтәа мшаҧы мзазы ари ахәышәтәырҭа адкыларатә ҟәшаҿы аиҭарҿыцратә усурақәа рымҩаҧгаразы  АҞӘАФОН  аматериалтә цхыраара ҟанаҵеит. Цәыббра мзазы аҧҟаратә блок аиҭарҿыцразы 200 нызықь мааҭ аҧара рзалнахит.

АҞӘАФОН  ҳтәыла амедицинатә усҳәарҭа зегьрыла ацхыраара аҭара аҽазнашәоит, избанзар  зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара – абиҧара ргәабзиара шьақәзырҕәҕәо акакәны иҟоуп.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша