22-12-2016

АҞӘАФОН: 2016 шықәсазтәи ақәҿиарақәеи ахҭысқәеи!

АҞӘАФОН:  2016 шықәсазтәи  ақәҿиарақәеи ахҭысқәеи!

АКӘАФОН – абонентцәа рхыҧхьаӡареи аҳәынҭқарра иаланагало ашәахтәқәеи рыла,  Аҧсны зегьы иреиҳау мобилтә еимадароуп.

2016 шықәса анҵәамҭа ала уахәаҧшуазар, ари ахеидкыла ҳтәыла ахи-аҵыхәеи рымаҵ ауеит 156 794 нызықьҩык абонентцәа, 300 инареиҳаны 3G/4G абазатә станциақәеи,  Амаҵзуратә Центрқәа 16-и ахьыргыло,  200 рҟынӡа аҭыҧқәеи.

 АҞӘАФОН иамоу ҳаамҭазтәи атехнологиатә инфраструктура алшара ҳнаҭоит  Ареспублика Аҧсны ауаа ахьықәынхо адгьылҵакыра зегьы аҿы  хкы-хкыла  инарҭбааны, зхаҭара ҳараку аимадаратә маҵзура рымазартә еиҧш аҟаҵара. Ҳхатәы инфраструктура еизырҳауа, ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳхархәаҩцәа рзы иласу, иҭышәынтәалоу, зхаҭабзиара мақсималла иҳараку аимадара рзаҧҵара, иара убасгьы зыласра ҳараку амобилтә Интернет рыҭара.

Ахеидкылаҿы аус руеит зыквалификациа ҳараку аусзуҩцәа. Апрофессионалтә зыҟаҵареи хаҭалатәи аизҳареи рганахьала,  ҳара ҳусура  хықәкыс иамоу иреиуоуп иреиҕьу амилаҭтә кадрқәа радыҧхьалареи, урҭ атәылаҿы раанкылареи.  2016 шықәса, ҧхынҷкәын азы аҭагылазаашьала ҳахәаҧшуазар, «АҞӘАФОН-GSM» аштат аҿы аус зуа рхыҧхьаӡара 300-ҩык рҟынӡа инаӡоит. 

Амаркетингтә политика

Иахьатәи аамҭазы амобилтә еимадара аоператорцәа рабонентцәа рзы иаздырхиоит акырӡа инарҭбааны, хкы-хкыла иӡбоу амаҵзурақәеи атарифқәеи, урҭ иахьынӡазалшо рхархәаратә хырхарҭа рышҟа аҳәаақәҵаразы. 

АҞӘАФОН ахархәаҩцәа ирынаҭо убас еиҧш иҟоу амаҵзурақәа ируакуп “Урыстәылаҿы Ароуминг”. Уи ҵакыс иамоу,  ахархәаҩ иномер мыҧсахӡакәа,  Урыстәыла, иара убас егьырҭ атәылақәа рҿы  даныҟоугьы,  аимадара ахархәаразы алшара иҭара ауп.  Ароуминг аҿы зегь реиҳа қьар злоу хәҧсала  амаҵзура “Амобилтә Интернет” ахархәаҩцәа рыҭара аганахьала, иахьазы АҞӘАФОН  Аҧснытәи амобилтә еимадарақәа рахьынтә ираҧхьатәиу, насгьы иакзаҵәны иҟоу хеидкылоуп. Уи, ииашаҵәҟьаны, ҳара иазҧхьагәаҭаны ҳҽыззаҳшәоз, ҳабонентцәа даара изырманшәало   револиуциатә қәҿиароуп!   

Активла ацәажәара бзиа избо ахархәаҩцәа рзы АҞӘАФОН иаҧнаҵеит атарифтә планқәа рсериа ҿыц “Есымша аимадараҿы”. Ари иҷыдоу ажәалагалаҿы ҳара еидаҳкылеит  ихадоу аҧыжәарақәа: ЗЛИМИТ ҦКЫМ аҳа аҩныҵҟа ацәажәараҿы, иара убасгьы ЗЛИМИТ ҦКЫМ Аинтернет-трафик аҟны!  “Есымша аимадараҿы” – ари х-тарифкны иҟоуп: «S»,«M»,«L» - абонент алшара изҭо ҳәаа змам ааҧхьарақәа АҞӘАФОН аҩныҵҟеи, ақалақьтә номерқәеи рышҟа, злимит ҧкым Аинтернети SMS-и, иара убас Аҧсны егьи аоператор иномерқәа рышҟа аминуҭқәа рпакетқәа.  Атарифтә планқәа рсериа “Есымша аимадараҿы” - иидеалтәу вариантуп ирацәаны ицәажәо, иҩуа, Аинтернет зхы иазырхәо зегьы рзы.  

2016 шықәса аҧхынраан атарифтә планқәа рсериа “Есымша аимадараҿы” абонентцәа рзы иалыршахеит  амаҵзура ҿыц “Азеиҧш Интернет” аҧҵара. Уи иабзоураны, абонентцәа ирылшоит аамҭакала еиуеиҧшым ашьақәыргыламҭақәа рҟны, хаҿытә хыҧхьаӡарак аҿы аҧара ҭаҵаны, Аинтернет-трафик ахархәара. 

Зхаҭара бзиоу аҧсахрақәа алагалан амаҵзура “Гәрагарала ахәшәара” аҿы.  Ари амаҵзура зхы иазырхәо абонентцәа ироуит алшара, аҩны идәылымҵӡакәа атариф азы ирҭаху абонентә хәҧса активизациа азура.

Ҳара ҳхеидкыла АҞӘАФОН азы аҧыжәара змоу - зегь раҧхьаӡагьы, аклиентцәа рырманшәалара ауп. Убри инадҳәаланы, рашәара мзазы Гәылрыҧшьтәи араион иаҵанакуа атуристтә ҳабла Агәыӡера иаартын акыр аамҭа иззыҧшыз ҳаамҭазтәи Абонентцәа Рмаҵзуратә Центр. Нанҳәа мзазы АРЦ цәырҵит Ҧсоу аӡиас аҳәааҿгьы. Уи ахьыргылоу аҭыҧ даара иманшәалоуп  ҳтәыла аҳәаа иахысны ицо ауаа рзеиҧш, Аҧсны иаҭаауа асасцәа рзгьы. Амаҵзуратә Центр аҩныҵҟа еиҿкаауп хақәиҭрала Wi-Fi ахархәара, иҟаҵоуп еиуеиҧшым ашьақәыргыламҭақәа реиҵаҵаразы аҭыҧқәа, иара убасгьы уа иҟоуп АҞӘАФОН апартниор - Colors of Nation акоманда еиҿнакааз Аинформациатә Туристтә Центр. Уаҟа дарбанзаалак аҭааҩы илшоит пошьҭала Аҧсны асахьаҭыхҩцәеи афотоҭыхҩцәеи рҟынтәи  апринтқәа ацҵаны Урыстәылаҟеи Европеи  асахьамҭақәа рдәықәҵара, асувениртә аалыҵқәа раахәара, аҧсуа каҳуакгьы ажәра.

Асоциалтә политика

АҞӘАФОН ахеидкыла 13 аусура асоциалтә политика амҽханакуеит. АҞӘАФОН иактивтәу асоциалтә позициа ааннакылоит, убри инадҳәалангьы акрызҵазкуа агәыҳалалратә, аспонсортә цхыраара рзыҟанаҵоит  ауаажәларратәи, аҵара-дырратәи аиҿкаарақәа, ахәышәтәырҭақәа, Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи рветеранцәа.  Ауаа рыгәқәа рҿы ацәанырра бзиеи гәыкала аҟазаареи рыгәрагара еихаҳауа, ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳашҟа ацхыраара зҭахны инеиз дарбанзаалак азҿлымҳара иҭара.  Ҳәарада, ҳара ҳгәыҳалалратә усураҿы иҷыдоу аҭыҧ ааныркылоит еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны,  згәабзиара уашәшәырахаз, мамзаргьы зыбзазаратә ҭагылазаашьа уадаҩхаз ауаа.

АУЕ “КЬАРАЗ” партниор хадак иаҳасабала АҞӘАФОН  есымза хықәкыла уи аофис аусуразы иахнаҧхьаӡалоит аҧара,  иара убасгьы активла ахы аланархәуеит, уи агәыҳалалратә еиҿкаара зхылаҧшуа  аҭаацәарақәа рыбзазаратә ҭагылазаашьа  аиҕьтәра хықәкыс иҟаҵаны, имҩаҧырго акциақәа. 

Иара убас иҷыдоу азҿлымҳара раҳҭоит Аҧсны еиуеиҧшым араионқәа рҿы инхо, згәабзиареи зыҧсҭазаареи Аҧсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи иахҭнызҵаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа  рҭаацәа.

Сынтәа Аиааира Ду  ахьӡала имҩаҧгаз акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьазы зыҧсы ҭаны иаанхаз 1941-1945 шш рзтәи аибашьра  аветеранцәа 50-ҩык ртәанчаҩхәы иацҵаны АҞӘАФОН аҟнытә иахыҧхьаӡалан 3000- нызықь мааҭ аҧара.

Традициала ишаҧу еиҧш, Аиааира Амшныҳәа азгәаҭара аламҭалазы ҳара имҩаҧаҳгоит уи аныҳәа ҧшьа иашьашәалоу аусмҩаҧгатәқәа акымкәа-ҩбамкәа. 1992-1993 шш. раан аидыслара ҕәҕәақәа ахьыҟаз ақалақь Очамчыра алаларҭаҿи, иара убас Урыстәыла Афедерациеи Аҧсни рҳәааҿы ишьақәыргылан ҳреспублика  ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рсимвол хада – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ. 

 Аиааира 23 шықәса ахыҵраан АҞӘАФОН-и АУЕ “КЬАРАЗ”-и еицымҩаҧыргеит  Гәдоуҭатәии Очамчыратәии араионқәа рҿы инхо ахшара рацәа змоу, зыбзазаратә ҭагылазаашьа уадаҩу аибашьра аветеранцәа 22-ҩык ирзырхаз ацхыраара. Урҭ рзы иаахәан 350 нызықь мааҭ рыхә иаҭаху аҩнытә техникеи, иара убас егьырҭ хра злоу абзазаратә маҭәарқәеи. Афинанстә цхыраара иҭан аибашьра аветеран Агәмаа Т.Жь., уи иҩны аремонт аҟаҵаразы.

Ҧхынҷкәын мзазы АҞӘАФОН ахы аланархәит агәыҳалалратә еиҿкаара имҩаҧнагоз акциа “АССИР ҲАМҬАС”. Уи хықәкыс иамоуп  зыбзазаратә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟнытә ахәыҷқәа ашықәс ҿыцазтәи ргәаҳәарақәа рынагӡара. АҞӘАФОН ахахьы иагеит агәыҳалалратә еиҿкаара ахылаҧшра зырҭо ахәыҷқәа 80-ҩык  ргәаҳәара нагӡо, урҭ рзы иааизганы  150 000 нызықь мааҭ рыхә  аҳамҭақәа раахәара.  Асалам шәҟәқәа ирҷыдангьы,  Раҧхьатәи амобилтә оператор иҟанаҵаз ахатә хацыркрала, зыбзазаратә лшара маҷу аҭаацәарақәа рзы  иаанахәеит 50 фымцатә рҧхақәа.

 Шықәсқәак ҵуеит ҳара Ҳхеидкыла  ацхыраара рынаҭоижьҭеи ахәыҷтәы Ашьапы ақәыргыларатә Центри, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭеи, ҳреспублика ашколқәеи.  Убас, сынтәа, АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанастә цхыраара иабзоураны, имҩаҧган ахәышәтәырҭа адкыларҭатә ҟәшеи, аҧҟаратә блоки, убасгьы Аҧсны зегьы иреиҳаӡоу абжьаратә ҵараиурҭа – Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿы 2 класск рҟны аремонттә усурақәа.

 2016 шықәса цәыббразы  Аҧснытәи Ашьапы ақәыргыларатә Центр ашҟа инеиуа, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы еиҿкаан Ҧицундатәи адельфинари аҭаара. Араҟа урҭ ахәыҷқәа рзы ҷыдала еиҿкаан  аинтерес зҵаз, игәырҿыхгаз, адыррақәагьы рызҭоз апрограмма.

 Аҵара-дырра аганахьала, Ахеидкыла асоциалтә политика иузаҟәымҭхо хәҭаны иҟоуп  2006 шықәса раахыс имҩаҧнаго иреиҕьу 16-ҩык  астудентцәа есымза АҞӘАФОН аҟнытә Хьыӡҳәалатәи астипендиа рыҭара, иара убас О.Беигәаа ихьӡ зху астипендиа 8-ҩык зыҧсадгьыл ашҟа ихынҳәыз астудентцәа- арепатриантцәа рыҭара.  Сынтәа Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иазгәарҭеит АҞӘАФОН астипендиатә программа жәашықәса ахыҵра. Астудентцәа Жәларбжьаратәи Рымш азы Ахеидкыла аусзуҩцәа аныҳәатә ҭагылазаашьа аҧҵаны,  раҧхьатәи астипендиа рнапы иадыркит ААУ иреиҕьу астудентцәа!

 Абҵара мзазы АҞӘАФОН Аҧсны Ареспублика Ахада иадминистрациа аусзуҩцәеи, Mitjet 2L ачемпион Дмитри Гәазааи еицыҟарҵаз ахацыркрала, имҩаҧган “Ҳаӡәыкны амҩаҿы атранспорттә машәырқәа  ҳарҿагылап”  зыхьӡыз акрызҵазкуа даҽа акциак.  Ари акциа егьырҭ иреиҧшымызт,  истандарттәым аметодқәа рыла ауаа ирызнаган  зегьы рхы еицадырхәо амҩақәа иахәҭаӡам аҵарреи, арласрала аҽырхаҵареи ирҭыҧны аҟаҵара аӡәгьы азин шимам. Ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан Mitjet 2L асериа апилотцәа рҧылара. Адраматә театр ашҭа аҧхьа еиҿаргыланы иқәыргылан апрофессионалтә болидқәеи амҩаҿы ииашаҵәҟьаны амашәыр иахҟьаны, ааха зауны иҧҽыз  амашьынақәеи. “Аҧсны ҿа” ахатәгәаҧхаҩцәа ракәзар, зегьы ирзыршон абҕьыцқәеи амашьыназы асигналтә қәырҷабқәеи. Урҭ Аҟәатәи амҩадуқәа рахь ицәырҵит  амашьынаныҟәцаҩцәа арласра иагдырхарц атәы зҳәоз аплакатқәа кны.

Ари апроект хықәкыс иаман ауаа зегьы рҟынӡа анагара – хымҧада  аилкаара шаҭаху - амашьына ныҟәцаратә культура злоу шракәу уаҵәтәи амш змоу, аҧҟарақәа реилагара шыҧхашьароу, уи зегьы шақәыӡбуа!

Аспорт

 АҞӘАФОН аусураҿы акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны аспорт аизырҳараҿы активла ацхыраара аҭара. Ареспубликаҿы имҩаҧырго аспорттә усмҩаҧгатәқәа рыбжеиҳарак алыршоуп АҞӘАФОН активла иҟанаҵо  афинанстәи аинформациатә цхыраареи рыбзоурала.  Урҭ рхыҧхьаӡара иаҵанакуеит:

 Жә-шықәса раахыс Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаҧырго IX Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН-OPEN». Уи еизнагоит қәрала еиуеиҧшым, ақәыҧшӡақәа инадыркны, ари аинтеллектуалтә спорттә хкы аҿы  изныкымкәа ачемпионтә титулқәа згахьоу рҟынӡа ҳреспубликеи, иара убас Алада Урыстәылеи рыҟнытә  иреиҕьу ашахматистцәа.  

 Аиааирамш ныҳәа азгәаҭара инадҳәаланы асамбои адзиудои рзы Аҧснытәи афедерациа есышықәса имҩаҧырго, зегь иреиҳау ахәыҷтәы спорттә еицлабра - арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара асамбо азы Жәларбжьаратәи атурнир ”Аиааира Акубок”.  Сынтәа ари атурнир еизнагеит  Аҧсны ақалақьқәеи, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Адыгеиеи, Ҟарачы- Черқьестәылеи, Ҟрыми, Ашьхатә Ҟарабахи атәылақәа рыҟнытә аспортсменцәа.

 “Аҧсны Ахада ихьӡала акубок” агаразы имҩаҧысуа, аҧсуеи аурыси ҽыбҕаҟазацәа злахәу Жәларбжьаратәи аҽырыҩра, иара убас 1992-1993шш. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааирамш азгәаҭара иақәыршәаны, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада – Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара  иазку итрадициатәу Аҧсны аҽыбҕаҟазаратә спорт азы Ачемпионат. Уи амш азы, АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсорра иабзоураны, “Мықәашҭа” имҩаҧган  аҧсуа милаҭтә спорттә хәмарра “Аимҵакьачара” азы  аҩбатәи атурнир.  Ари аусмҩаҧгатәы аҧхьахәтә фонд 200 000 мааҭ ыҟан. Актәи аҧхьахә агеит Аӡҩыбжьа ақыҭантәи акоманда. Аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит Очамчыра ақалақьтәи акоманда.  Ахҧатәи -  Кәтол ақыҭантәи акоманда.

  Зҿлымҳарада иныжьмызт Очамчыратәи араион ашколқәагьы. Сынтәа АҞӘАФОН  11 школ ҳамҭас ирынаҭеит аспорттә инвентарқәа: ашьапылампылтә, анапылампылтә, амҵәышәтә мпылқәа, иара убас иҿыцу анапылампыл асцәа рформақәа, еснагь аицлабрақәа рҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа аанызкыло Ҷлоу ақыҭа аҭыҧантәи акоманда азы.

 Аспорт аларҵәареи гәабзиарала аҧсҭазаараҿы ахымҩаҧгара апропаганда азуреи ишиашоу иадҳәалоуп  аҿар рабиҧара уаҵәтәи рҧеиҧш. Аспорт аизырҳара иадаҳҵо ала, ҳара ҳацхраауеит, иагьышьақәҳарҕәҕәоит ауаажәлар реизҳара.

Акультура  

Акультура иузаҟәымҭхо хәҭаны ауаажәлари аҳәынҭқарреи рыҧсҭазаара иадҳәалоуп. Убри азы АҞӘАФОН  ҳтәыла акультуратә ҧсҭазаара алахәхара – уи лыҵшәа бзиалеи қәҿиаралеи аусура иарбаганы иҟоуп.

АҞӘАФОН активла излахәны иалыршахаз аусмҩаҧгатәқәа иреиуоуп: аклассикатә музыка Агәыҳалалратә концертқәа –  хацыркҩыс иҟан Азамаҭ Багаҭелиа ихаҿала асоциал-культуратә хацыркратә Фонд. Уи еизнагоз аҧарақәа  ачымазцәа хәыҷқәа ацхыраара рыҭара  иазкын.  “Ацәқәырҧа” аҿы  аҧхынтә культуратә программа амҩаҧгара – хацыркҩыс даман Наста Агрба. Иара убас егьырҭ акультуратә хҭысқәагьы.

 Сынтәа АҞӘАФОН Очамчыратәи Ацентртә библиотека ҳамҭас ианаҭеит 80 шәҟәы, рашәара 1 азы Очамчыра ақалақьтәи Акультура Аҩны аҟны  еиҿнакааит ақалақьтә хәыҷқәа рымацара ракәымкәа, ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа рҟынтәи ахәыҷқәа зегьы еизызгаз, хашҭшьа зқәымкәа имҩаҧгаз ахәыҷра аныҳәа. Иара убас Раҧхьатәи амобилтә оператор  сынтәа хынтәны спонсор Хадас иаиуит  1992-1993 шш. азтәи аибашьратә хҭысқәа ирызку апатриоттә проект хада -  Емма Хәаџьааи Ҭемыр Қәычбериеи авторцәас измоу амузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы”. Уи аӡыргара мҩаҧган Аиааира 23 шықәса ахыҵра иақәыршәаны.

 2016 шықәсазы АҞӘАФОН активла иҟанаҵаз афинанстәи  аиҿкааратәи ацхыраара иабзоураны, акьыҧхь аҿы ицәырҵит Аҧсны аҭоурых еиҭазҳәо,  ашәҟәы ҿыц ссирқәа ҧшьба: Шь.Инал-иҧа имонографиа “Аубыхқәа”,  Аҧсны аҳҭны қалақь архитектура иазку архивтә материалқәа зну А.Агәмаа ишәҟәы “Ажәытәтәи Аҟәа”,  арежиссиор, ажурналист, афотоҭыхҩы И.Ҷкадуа 1-тәи иавтортә “Аҧсуа альбом”,  М.Аҩӡба авторс дызмоу аҧшьацәеи аиашаҳәаҩцәеи ирызку ажәабжь кьаҿқәа реизга “Иқьиоу аҭоурыхқәа”. 

Иара убас АҞӘАФОН иҟанаҵаз  аинформациатә спонсорра иабзоураны, 2016 шықәса рзы имҩаҧысит  аџьазтә сцена аеҵәақәа: Мариами Армени Мерабовааи, Камилла Турмани, агәыҧқәа - POLYARUS, TRBLMKRS, Therr Maitz,  апроект “Голос-3” алахәҩы Илиа Кирееви, DJ Pasha Panda, убас Хьыбла Мықәба лсолатә концерти, "Grand Opera Gala" зыхьӡу аоператә нагӡаҩцәа ҿарацәеи рконцертқәа. Абҵара мзазы  аҧсуа репер ҿа  Janil Natas (Асҭан Аџьынџьал) инагӡарала имҩаҧысит  2016 шықәсазтәи аҧхын азы ихит хаданы иҟалаз авидеоклип – ашәа «Sukhum» аӡыргара.

 Уажәшьҭа хәышықәсоуп АҞӘАФОН  аус ицнауеижьҭеи еиҭаҳәашьа змам ҳашьхақәа  рыҧшӡара атәы зҳәо, иџьоушьаша апроект “Аҧсны ашьхара” автор Ҭенгьыз Ҭарба. Сынтәа АҞӘАФОН аспонсорратә хадарала иаартын “Зыҧсабара адоуҳа маӡоу атәыла” зыхьӡу ацәыргақәҵа аӡыргара. Уи еиҿыркааит Ҭенгьыз Ҭарбеи еицырдыруа афотоҭыхҩы, асахьаҭыхҩы Алан Воубеи.

Афотоцәыргақәҵа идеиа хадас иаман ашәышықәсақәа рышьҭахь иҟаз адунеи аҧшӡара ауаа ахьаднаҧхьалои, ирынаҭо агәаҳәареи ирҷыданы, иахьагьы  Аҧсны иқәынхо ажәлар реиҳараки уи асасцәеи рзы  уи макьаназы имаӡоу қәыҧшылараны ишаанхо ҳардырра. Ари ацәыргақәҵа иаҭааит АУЕ “Кьараз” зхылаҧшуа ахәыҷқәагьы. Урҭ аинтерес ду рыманы ирыхәаҧшуан афотоҭыхымҭақәа, иазыӡырҩуан аеқспедициа иамоу аҷыдарақәеи, ашьхара ашәаҩатә спорти, ашәаҩаныҟәаҩ икостиум ҷыдеи, иара убасгьы  аҧсуааи аҧсабареи реизыҟазаашьа зырманшәалоз ажәытәтәи атрадициақәа уҳәа  ирызкны Ҭенгьыз Ҭарба ирзеиҭеиҳәоз ажәабжьқәа.

2016 шықәсазы зегь реиҳа илашоу хҭысны Аҧсны иқәынхо ауаажәлари асасцәеи рзы иҟалеит АҞӘАФОН амшира инадҳәаланы еиҿкааз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа.  Уи амш азы имҩаҧган “АҞӘАФОН аҟнытә илашоу ацәаныррақәа” зыхьӡыз акциа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ирхәмарын Ауадҳараҟа аныҟәаразы амҩашәҟәқәа, аиахтала аныҟәара, иара убас IPhone 6S. 5-ҩык акциаҿы аиааира згаз рзы имҩаҧысит  арепер ҿа  Janil Natas, акавер-гәыҧ TRBLMKRS, ахәыҷтәы естардатә театр «Kadans», Урыстәыла иреиҕьу аклуб арезидент иҟнытә акәашаратә сетқәа ирыцназыгӡоз Soho Rooms – DJ AG (Aslan Gulia) рықәгылара .

АҞӘАФОН ашықәсантәи аусура изеиҧшырку алҵшәа ҟаҵо, иуҳәар алшоит, уи ҧхьаҟа ишцо хықәкыла, қәгәыҕрала, аҿаҧхьа иқәнаргылаз адҵақәа зегьы нагӡо, иҳараку асоциалтә ҭакҧхықәра еиқәырханы!

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы АҞӘАФОН имҩаҧнагоит акциа “Ашықәс Ҿыцазтәи асиурприз” Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, АҞӘАФОН абонентцәа рзы Амаҵзуратә Центрқәа зегьы рҿы идырхәмаруеит зыхә ҳараку аҳамҭақәа: IPhone 7, IPhone 7+, Ipad Pro, Apple Watch, Sony PlayStation 4 Pro, алымҳаҭақәеи, иара убас афотоҭыхгақәеи.

Уи инаҷыдангьы, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы абонентцәа ргәалаҟазаара ашьҭыхразы,  300 мааҭ аҧара зхаҿытә хыҧхьаӡара ашҟа иаразнакала иҭазҵаз абонентцәа АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ироуеит 500 МБ аҳамҭатә Интернет –пакет.

Ашықәс Ҿыц аныҳәа  инадҳәаланы АҞӘАФОН имҩаҧнагеит ҩ-проектк. Амузыкатә дырраҭарақәа – арадио-проект “Сара сашәеи”, Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшра арҿиаратә гәыҧ авторцәас измаз  “Ашықәс Ҿыцазтәи Амцабзи”. Арҭ адырраҭарақәа аҩбагьы ҳтәыла зегьы ателехәаҧшцәа ирбар рылшоит Аҧсуа телехәаҧшра Ашықәс Ҿыцазтәи аныҳәатә программаҿы.

 

2017-тәи Ашықәс Ҿыц АҞӘАФОН абонентцәеи апартниорцәеи  ирзаанартуеит иҿыцу алшарақәеи аперспективақәеи.  АҞӘАФОН аҿы иазҧхьагәаҭоуп   зхырхарҭақәа еиуеиҧшым,  аинтерес зҵоу хыҧхьаӡара рацәала апроектқәа! Аха ҳара, зегь раҧхьаӡагьы, хықәкы хадас иҳамоу – абонент цыҧхьаӡа зхаҭара бзиоу аимадареи аинтернети рыла иеиқәыршәара ауп. Уи, ҳәарада, ҳабонентцәа ирынаҭоит алшара адунеи аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ианаамҭоу рдырра!  

АҞӘАФОН аусзуҩцәа ҳабонентцәа  ирыдырныҳәалоит иааиуа Ашықәс Ҿыц! Ҳара иаҳҭахуп уи АШЫҚӘС ҾЫЦ  азы мшы цыҧхьаӡа шәыҧсҭазаара иаланагалаларц ишәхамышҭуа, шәгәы шьҭызхуа, шәзыргәырҕьо ахҭысқәа. Иҟалааит ари ашықәс акрызҵазкуа аиҧыларақәеи, ухаҿы иузаамго алагамҭа бзиақәеи, доусы дзеиҧхыӡуа игәаҳәара аиреи, уи хымҧада анагӡареи ирышықәсны!

 Ҽаанбзиала! Аимадара умырӡын!  

 

  «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша