28-09-2016

Асамбо азы XIII Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”

Асамбо азы XIII Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”

Цәыббра 28 рзы Аҟәатәи аспорттә школа “Спартак” аҿы имҩаҧысит  арҧарацәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара асамбо азы “Аиааира акубок” зыхьӡу XIII Жәларбжьаратәи атурнир аартра.   

Аиааирамш аныҳәа азгәаҭо, асамбои аӡиудои рзы Аҧснытәи Афедерациа есышықәса имҩаҧырго  ари аспорттә усмҩаҧгатәы  спонсор Хадас иамоуп АҞӘАФОН. 

 Сынтәатәи атурнир рҽаладырхәит Аҧсни, Урыстәылеи, Алада Уаҧстәылеи, Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьестәылеи, Ҟрыми, Ашьха Ҟарабахи рықалақьқәа рҟнытә аспортсменцәа.

 Аицлабрақәа хымш имҩаҧысраны иҟоуп. Атурнир аҵыхәтәантәи амш азы еилкаахоит аиааира згаз рыхьӡқәа. Атурнираҿы, аҧхьахәтә ҭыҧқәа ианрываргыланы, иара убасгьы ишьақәыргылоуп иҷыдоу аноминациақәа “Еиҕьу атехниказы”, “Аиааира агәаҳәаразы”. Аиааира зго иранашьахоит аҳаҭыртә дыргақәеи амедалқәеи.

 Асамбо азы Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок” Аҧсны зегь реиҳа акрызҵазкуа ахәыҷтәы спортивттә усмҩаҧгатәуп.

Асамбо – макьана иқәыҧшу, аха акыр ирылаҵәахьоу спорттә хкуп. Уи иамоуп ахыхьчареи ажәылареи ирыдҳәалоу  хыҧхьаӡара рацәала амаана ҟаҵашьатә лшарақәа, урҭ хыҧхьаӡарала хәнызықь иреиҳауп, дара зегьы ауаҩы ихаҭара ашьақәыргылара иацхраауеит,  ишахәҭоу еиҧш ихи изгәакьоу ауааи рыхьчара илшартә дҟанаҵоеит. 

АҞӘАФОН асоциалтә хықәкы хадақәа иреиуоуп  ҳтәылаҿы аспорт аизырҳара.  Аспорт аларҵәареи  гәабзиарала аҧсҭазаашьа апропаганда рзуреи ҳаҧхьаҟатәи ҳабиҧара рҧеиҧш азы иаҵанакуа даара ирацәоуп.  Аспорт аҿиара иахҭнаҳҵо аҧара иабзоураны, ҳара ҧхьаҟазы згәы бзио ауаажәлар реизҳара алҳаршоит.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша