27-12-2016

Амузыкатә проект «Сара сашәа» агала-концерт

Амузыкатә проект «Сара сашәа» агала-концерт

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала имҩаҧысит амузыкатә проект “Сара сашәа” ахҧатәи агала-концерт.

Амилаҭтә хит-парад актәи аҭыжьра Аҧснытәи аҳәынҭқарратә радио “Аҧсуа радио” аефир аҿы ицәырҵит ҧхынҷкәын мза 2013 шықәсазы. Ари апроект автор Сусанна Саӡба лажәақәа рыла, уи хықәкы хадас иамоуп  аҧсуа музыка аларҵәара, иара убасгьы аҧсуа авторцәеи анагӡаҩцәеи рыдгылара, ацхыраара рыҭара.

Арадиоконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымчыбжь имҩаҧысуан амузыкатә композициақәа рхит-парад. Уи ашьақәгылараҿы анырра ҟарҵон арадиозыӡырҩцәа рыбжьқәа. Дарбанзаалак арадиозыӡырҩы илшон игәаҧхаз акомпозициа ацхырааразы SMS-дырраҭара адәықәҵара. Амчыбжь  анҵәамҭазы ахит-парад аҧхьагылаҩцәа алыркаауан – азыӡырҩцәа рыбжьқәа еиҳаны изгаз анагӡаҩцәеи, иара убас зегь реиҳа активла зхы аазырҧшыз азыӡырҩцәеи.

 Ҧхынҷкәын 27 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы иқәгылеит  апроект аҟны аиааира згаз анагӡаҩцәеи аҧсуа естрада артистцәеи: Саида Габниаҧҳа, Валера Зыхәба, Нарсоу Абыхәба, Саида Агрҧҳа, Ҭемыр Ҭаниа, Ҭемыр Ҳагба, Гәыдиса Смыр, Алиас Кәарацхьелиа, Хаҭуна Ҭарҧҳа, аиҳәшьцәа Берзениаҧҳацәа, иара убас ахәылҧаз асасцәа Омар Сангәлиа, Илона Гарцкьиаҧҳа, Анзор Адлеиба, Мадина Кәарацхьелиаҧҳа.

 Аконцерт ахыркәшамҭазы АҞӘАФОН ахаҭарнак алахәцәеи ахәаҧшцәеи иааиуа Ашықәс Ҿыц рыдныҳәаланы, апроект аҿы аиааира згаз Саида Агрҧҳа аҧхьахә лыиҭеит.  Ахәаҧшцәа гәаҳәара дула ирзыӡырҩуан аконцерт алахәцәа, урҭ рықәгыларақәа рышьҭахь акыраамҭа еихымсыҕьуаз анапеинҟьабжьқәа шаҳаҭра руан амузыкатә проект қәҿиарала ишхыркәшаз ала. 

”Сара сашәа” зеиҧшыҟам ҭыҧхеит амилаҭтә естрадатә ашәа аларҵәаразы, аҧсуа авторцәа ҧхьаҟа рырҿиаратә еизырҳаразы. 

  «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша