15-11-2016

Афотоцәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”

news_name

Афотоцәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”

Абҵара 14 рзы АҞӘАФОН аспонсортә Хадарала, “Адрамтеатр Асклад” арт-ҭыҧ аҿы  имҩаҧысит  ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл” аӡыргара.  Ацәыргақәҵа еиҿыркааит абаҩхатәра злоу аҿарацәа – “Ишьхатәылоу Аҧсны” апроект автор Ҭенгиз Ҭарбеи еицырдыруа афотоҭыхҩы, асахьаҭыхҩы Алан Воубеи.  

Адрамтеатр Асклад аҿы уи аҽны аҳра ауан иҷыдоу атмосфера. Ахыбра аинтериер зынӡаск ианаалеит иазҧхьагәаҭаз  афотоцәыргақәҵа астиль. Шкәакәа ҧшшәыла ишәыз ахыбра аҭӡамцқәа рҿы уамашәа иашьашәаланы иааҧшуан ахәаҧшцәа  рышҟа  ицәыргаз аусумҭақәа, аҩналарҭаҿы игылан ашьха мшьамабатә қьала, уи иҩнысны акәын ахәаҧшцәа ахыбра ишыҩналоз;  уи зегьы иацын  АМА РЕКОРДС ҷыдала  апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны” азы  иаҧнаҵаз амилаҭтә мелодиақәа.

 Еиуеиҧшым ашықәс аамҭақәа рзы  аҧсуа шьхақәа рпеизаж ссирқәа  аазырҧшуа афотографиақәа - апроект "Ишьхатәылоу Аҧсны"  авторцәа хәышықәсатәи русура иалҵшәоуп.Урҭ асахьақәа зеиҧшыҟам ала иаадырҧшуеит ажәлар рыбзазареи, ҳазхылҵыз рҟазшьеи.  Убас, ашьха ахалара згәы иҭазкыз аҧсуа, ҷыдала деибыҭан, аҵааҿы амыруга ықәымҵәраартә иҟаҵаз иҷыдоу аласа иалхыз аҭыҳәҭеи иман, иџьоумшьарц залшом, уи заҟа ҳаамҭазтәи  ашьхашәаҩатә мыругақәа иреиҧшу.  Насгьы иҳәатәуп ашәышықәсақәа раахыс еимдо иааргоз, аҧсуаа аҧсабареи реизыҟазаашьа зырманшәалоз, еиҿызкаауаз атрадициа ҷыдақәа.   

Ҭенгьиз Ҭарба иажәақәа рыла, афотоцәыргақәҵа идеиа хадас иаман  ашәышықәсақәа  рышьҭахь иҟаз адунеи иахьагьы ишырхамышҭуа,  ауаа дырбара. Аҧсны иқәынхо аиҳараҩыки ҳ-Республика  иаҭаауа асасцәеи рзы  уи ашьхақәа маӡала иҭәу дгьылуп.Афотоцәыргақәҵаҿы рхатәы блала ианырбалакь џьашьахәыла иаамсҭашәоу, ицқьоу Ишьхатәылоу Аҧсны адунеи, ахәаҧшцәа ирызцәырнагоит  агәаҳәара -  уи реалла адырра, аилкаара.

Афотоцәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган Ишьхатәылоу Аҧсны иазку афильм аӡыргарагьы.  Иуникалтәу, зхатә ҷыдарақәа  реиҭаҳәара уадаҩу аҧсуа пеизаж афотоҭыхҩы иҟазара арбеиоит, иара убас  ианакәзаалакгьы аҭыхразы иманшәалоу маҭәарны иҟалоит. 

 АҞӘАФОН инеиҧынкыланы хәышықәса раахыс аус ицнауеит апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны” автор. Уи аамҭа иалагӡаны Ҭенгьиз Ҭарба  ихациркхьеит зхырхарҭа ҳтәыла ахьӡ-аҧша анҭыҵгьы иҵоураны аарҧшра иацхраауа, аинтерес зҵоу, улаҧш иҵашәо апроектқәа рацәаны.

 Сыла иҭалаҳау ашьхақәа рыҧшӡара, альпатәи адәқәа, ашьхаҳаракыратә ӡиақәа, ашәҵлақәеи аҧсаҵлақәеи рыла ихҟьоу абнақәа, ашьхатә ландшафт, аҳаҧқәа рыҧшӡара иаҵоу амаӡа – арҭқәа зегьы ауаҩы издырҵысуеит агәаҳәара,  илаҧш кыддырхалоит,  насгьы уи аџьашьахә ҳтәыла ссир иқәынхо дарбанзаалак  иааигәара иҟоуп.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша