05-07-2017

Акциа “АҞӘАФОН аҟнытә уара у- iPhone” алахәхаразы аофициалтә ҧҟаррақәа

news_name

Акциа “АҞӘАФОН аҟнытә уара у- iPhone” алахәхаразы аофициалтә ҧҟаррақәа

1.Аныҳәатә акциа “АҞӘАФОН аҟнытә уара у- iPhone”(анаҩс Акциа ҳәа изышьҭоу) алахәхара рылшоит Ареспублика атәылауаҩра зыршаҳаҭуа апаспорт змоу АҞӘАФОН абонентцәа зегьы (АП “МОРЕ”, АП “Чайхана”, акорпоративтә тарифтә планқәа змоуи аиуристтә хаҿқәеи рабонентцәеи, иара убас зхаҿытә хыҧхьаӡарак аҿы ҩ-номерк, ма инареиҳаны измоу абонентцәеи рыда).   

2.Акциа амҩаҧгара аҿҳәара: с12:00 05.07.2017ш. инаркны   12:00 12.07.2017ш.рҟынӡа

3.Акциа аҧхьахәқәа - асмартфонкәа 14 (жәиҧшь) , амодель iPhone 7 32Gb Black.

4.«АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа иарбанзаалак акаҿы зныкала 300 мааҭ, ма инареиҳаны аҧара аҭаҵарала зхыҧхьаӡара хазырҭәааз абонент илшоит Акциа алахәхара. Уи дшалахәу ашьақәырҕәҕәаразы абонент изынашьҭхоит хаҭала ирҭаз идентификациатә код  зну SMS-дырраҭара. Уи аидентификациатә код аамҭакала иҟалоит, Акциа аҧҟаррақәа рыла, асистема иҭало, зныкала иишәо ахәҧса цыҧхьаӡа азы еишьҭагыларатә номерны.

Абасала,  «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа руак акассаҿы зныкала 300 мааҭ, ма инеиҳаны аҧара ҭазҵаз абонент - автоматла Акциа далахәхоит.  

5.Дарбанзаалак, зныкала 300 мааҭ, ма инеиҳаны рыла зхыҧхьаӡара хазырҭәааз абонент,  10-нтә (жәантә) иреиҳамкәа Акциа алахәхара илшоит.  Абонент иҟаиҵаз зныкалатәи ахәҧса шәарақәа рыцыҧхьаӡа азгәаҭахоит асистемала, урҭ уи иаиааиразы ашанс иацырҵоит.

6.Акциа анымҩаҧысуа аамҭазы «АҞӘАФОН-GSM» асистема иҭало, 300 мааҭ, ма иреиҳаны Амаҵзуратә Центр акассаҿы иҟаҵо ахәшәарақәа зегьы автоматла иҭагалахоит иҷыдоу ахыҧхьаӡара ашҟа, уи алагьы ишьақәыргылахоит Акциа иалахәу рзеиҧштә сиа.

Асистема ирыхнаҵаз акодқәа аамҭакала зныктәи ахәшәара цыҧхьаӡа еишьҭагыларатә номерқәаны иҟалоит. Урҭ аишьҭагыларатә номерқәа 12.07.2017ш. асааҭ 17.00 рзы машәырлатәи ахыҧхьаӡара агенератор адиапазон аҳасабала идәықәҵахоит. Уи иҳәаақәнаҵоит Акциаҿы аиааира зыҭахо 14-ҩык абонентцәа. Абонент идентификациатә код Акциаҿы иалахәра аилкааразы, уи абонент ишьҭуеит  USSD-азыҳәамҭа: *103#.  Уи изҵаара аҭакс изынарышьҭуеит Акциа иалахәу аидентификациатә кодқәа зегьы рхыҧхьаӡара.

7.Машәырла зныктәи ахәшәара анықәгатәу, абонент днеироуп  «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центр ашҟа, машәырлатәи ахәшәара аиагаразы арзаҳал ахарҭәааразы, иара убас идирбароуп уи шишәаз зырҵабыргуа аквитанциа. Уи ашьҭахь иалыршахоит аҧарақәа ииашам ахаҿытә хыҧхьаӡара аҟнытә абонент иаирбаз ателефон аномер ашҟа риагара.

*машәырла зныктәи ахәшәара – уи абонент, ателефон аномер ииашамкәа иарбаны иҟаиҵаз, зныктәи ахә ашәара ауп.

Аҧарақәа зышҟа ииаргаз абонент иахьгьы  иара убас инарышьҭуеит SMS-рдырра ирҭаз аидентификациатә код ацҵаны.

8. Машәырла зныктәи ахәшәара ақәгараан, уаанӡа изынарышьҭыз Акциа ауникалтә код шьҭахьҟа идырхынҳәуеит, уи атәы машәырла зныктәи ахәшәара ҟазҵаз абонент SMS-зыцҳарала идырдыруеит.

9.Арҭ иаҧыху зныктәи ахәшәарақәа ркодқәа еизыргоит Акциа иалахәым, ихазу акодқәа рсиа аҿы (“асиа еиқәаҵәа” ҳәа ззырҳәо).Уи асиа кьыҧхьзароуп «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә Интернет-хыҵхырҭақәа рҿы, дарбанзаалак Абонент ихатә кодқәа Акциа алахәра аганахьала игәеиҭарц азы.

10.Акциа иалахәу рсиа абара алшоит «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа зегьы рҿы.

11.12.07.2017ш. асааҭ 17.00 рзы «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центр (ақ.Аҟәа, Аиааира апроспект,80)  имҩаҧысуеит машәырлатәи ахыҧхьаӡара агенератор  аус арура. Уи иҳәаақәнаҵоит Акциаҿы аиааира зыҭахо 14-ҩык абонентцәа.

 Агенератор азы ирыҭахоит, Акциа аҧҟарақәеи абоненцәа ирзышьҭу SMS-зыцҳарақәеи инарықәыршәаны иҟаҵоу,  зныктәи ахәшәарақәа рхыҧхьаӡара иаҟароу, ахыҧхьаӡарақәа рдиапазон.

12.Машәырлатәи ахыҧхьаӡара агенератор аус арура ацхыраарала, аиааира зго абонентцәа ралхра мҩаҧгахоит  апресса ахаҭарнакцәа алархәны, иара убасгьы «АҞӘАФОН-GSM» (асоциалтә аҳа – Instagram) аофициалтә аккаунт аҿы ишиашоу ицо аефир ала идырбахоит.Анаҩсан алхратә процесс авидеонҵамҭа ҭагалахоит «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә аккаунт асоциалтә аҳақәа рҿы.

13.12.07.2017ш. рзы, машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор аус арура апроцедура анымҩаҧгаха ашьҭахьҵәҟьа, 14-ҩык, Акциаҿы  аиааира згаз абонентцәа  рыхьӡқәеи рыжәлақәеи рсиа ҭагалахоит «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә аккаунт асоциалтә аҳақәа рҿы.

14.19:00 12.07.2017ш. иаҩгамкәа, машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор аус арура апроцедура иалҵшәаны,  аҧхьахәқәа згаз 14-ҩыкгьы,  Ахеилак ахаҭарнакцәа аӡәаӡәала адырра рырҭоит ҭелла, мамзаргьы SMS-зыцҳарала.

15.Аиааира згаз 14-ҩык рхыҧхьаӡара иалашәар “асиа еиқәаҵәа” аҟынтәи -  иаҧыху зныктәи ахәшәара акод, ма акодқәа, мамзаргьы аӡәы иитәу акодқәа – ИАИААИЗ КОДНЫ ирыҧхьаӡоит   АЛАХӘЦӘА РСИАҾЫ  аҧсахра зықәшәаз ИАШЬҬАНЕИУА акод.

16.Аиааира згаз дарбанзаалак, аҧхьахә аиуразы  днеироуп  9:00 13.07.2017ш. инаркны  12:00 14.07.2017  рҟынӡа «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа 14 рҟнытә акы ашҟа арегистрациатә процедура  ахысразы.     Уи азы аиааира згаз абонент «АҞӘАФОН-GSM»  амаҵзуратә Центр аусзуҩы иирбароуп  Ареспублика Аҧсны атәылауаҩра зыршаҳаҭуа апаспорт, иара убас Акциа анымҩаҧысуаз ихырҵаз

аиндефикациатә кодқәа зегьы (агәаҭара USSD-зыҳәамҭа: *103# ала) зну   SMS-ардырра.  Аиааира згаз абонент  инапы рыҵаиҩуеит Акциа алахәразы аофициалтә ҧҟаррақәа , уи алагьы ишьақәирҕәҕәоит аиҿкааҩцәа идыргало  Акциа аҧҟаррақәа дышрықәшаҳаҭу.  

АКРАҴАНАКУЕИТ! Абонент арегистрациатә процедура ахысразы Амаҵзуратә Центр ашҟа дзымнеиуазар, уи заа адырра риҭароуп аномер 999-99-99 ала, 9:00 13.07.2017ш. инаркны 12:00 14.07.2017ш. аҟынӡа.  

17.Арегистрациатә процедура ианахыслакь ашьҭахь аиааира згаз абонентцәа ирзыҧшуп аҧхьахәқәа рыҭара ацеремониа ақ.Аҟәа, Амҳаџьырқәа рымҩа аҟны, 15.07.2017ш. асааҭ 19:00 рзы.

 

Иҷыдоу аҧҟаррақәа:

1.Акциаҿы аиааира агара илшоит 18 шықәса зхыҵхьо абонент.

2.Акциа аҧҟарақәа рыла, 15.07.2017ш. азы аҧхьахәқәа рыҭара ацеремониаҿы, аиааира згаз зегьы аӡәаӡәала аинформациатә массатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа (апресса, Ареспубликатә телеканалқәа ҩба) аинтервиу рырҭароуп.

3.Абонент икод аиааира шагазгьы, ианарбаз аҿҳәара иақәыршәаны, апункт 16 аҿы зыӡбахә ҳәо АКЦИА АЛАХӘРА АОФИЦИАЛТӘ ҦҞАРРАҚӘА  азгәеимҭазар,  арегистрациатә процедура дахымсзар, даҽакала иуҳәозар, Акциа Аиҿкааҩцәа рышҟа изаҟаразаалак акала ихы цәыримгазар  - уи абонент  15.07.2017ш. азы аҧхьахә рыҭара ашҟа ааҧхьара иҭахаӡом. Аҧхьахә аиуразы, арегистрациа иахымсыз,  аиааира згаз акод змоу абонент Акциа Аиҿкааҩцәа иҽрымаидароуп 18:00 сааҭ 15.07.2017ш. иахымгакәа.  Аҧхьахә иҭара апроцедура хазы ишьақәырҕәҕәахоит.

4.Абонент, аиааира згаз акод имазаргьы, апункт 16 аҿы иарбо Акциа алахәразы Аофициалтә ҧҟарақәа рыҿҳәареи рыҧҟарақәеи инарықәыршәаны, арегистрациатә процедура дахымсзар, уи инаҷыдангьы  Акциа Аиҿкааҩцәа рышҟа 18:00 сааҭ, 15.07.2017ш. рҟынӡа џьара акала ихы ааимырҧшызар, АИААИРА ЗГАЗ АКОД ҳәа иҧхьаӡоуп АЛАХӘЦӘА РСИАҾЫ аҧсахра зықәшәаз акод ИАШЬҬАНЕИУА.

5.Абонент, аиааира згаз акод имазар,аха Акциа Аиҿкааҩцәа ираҳәаны,  официалла аҧхьахә мап ацәикуазар, АИААИРА ЗГАЗ АКОД ҳәа иҧхьаӡоуп АЛАХӘЦӘА РСИАҾЫ Акциа алахәра мап ацәызкыз абонент икод ИАШЬҬАНЕИУА.

6.Аҧхьахә рыҭара ацеремониа аҿҳәара аиагара ҟалоит аҳауа аҭагылазаашьа иахҟьаны.

 

Шәазыӡырҩы! Шәара шәпланшетшәроутер уҳәа рҿы ишьақәыргыло шә- SIM-карта ахаҿытә хыҧхьаӡара хашәырҭәаазар, хымҧада иаҭахуп Шәара шә- SIM-карта шәмобилтә телефон ашҟа аиагара, аиндетификациатә код    USSD-зыҳәамҭа: *103# ала аиуразы.