09-05-2017

941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Ду аҿы Аиааира 72 шықәса ахыҵразы

1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Ду аҿы Аиааира  72 шықәса ахыҵразы

Ҧыхьатәи асовет Еидгыла аҵакырадгьыл зегьы аҿы зегь реиҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп маи 9. Хаҭала уи амш азы милаҭрацәала еилаз СССР ажәларқәа илегендатәу агәымшәара ду аарҧшны, афашизм иаиааит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 72 шықәса ахыҵра азгәаҭо, АҞӘАФОН Аҧсны иқәынхо, афашисттә зҩа цәгьа аҟнытә адунеи еиқәзырхаз аветеранцәа рзы есышықәса имҩаҧыргоит асоциалтә акциа.

Аныҳәа ду аламҭалазы, Аҧсны Ареспублика атәанчаратә фонд иахыҧхьаӡалоу, 1941-1945 шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 35-ҩык аветеранцәа,  АҞӘАФОН аҟнытә  ртәанчахәы ирзацҵан 5000-5000 нызықь мааҭ. 

Аиааирамш – ҳтәыла иқәынхо зегьы рзы  иҷыдоу ныҳәоуп. Уи игәыҭгагоу мшуп ҳажәлар рзы, Ҳаҧсадгьыл азы. Уи адунеи аҿы аҭынчразы зхы иамеигӡаз зегьы рзы агәхьаа ду зцу гәалашәаратә мшуп. Уи -  Аиааирамш 72 шықәса ахыҵра иазку аныҳәа иҳацаҧыло аветеранцәа ҷыдала  иҭабуп ҳәа анраҳҳәо мшуп. 

Аиааирамш шәадныҳәалаз, акыр иаҧсоу аветеранцәа!

 

«АҞӘАФОН-GSM» аимадарақәа адәныҟатәи рыҟәша